Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәыҵниаԥҳа ахьаҵлақәа ирызку ацәыргақәҵазы: аныӡаара ишықәгылоу ауаа азхьаҳарԥшыр ҳҭахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИлона Квициния
Илона Квициния - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны Аԥсны ахьаҵлақәа ирызку ацәыргақәҵа аатит иахьа. Амузеи аусзуҩ Илона Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аҭааҩцәа ацәыргақәҵаҟны ирбарц ирылшо атәы.

 

Кәыҵниаԥҳа ахьаҵлақәа ирызку ацәыргақәҵазы: аныӡаара ишықәгылоу ауаа азхьаҳарԥшыр ҳҭахуп

"Аԥсны ахьа бнақәа. Иацы. Иахьа. Уаҵәы" ахьӡуп иахьа Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны иаатыз ацәыргақәҵа. Уи Аԥсны ахьаҵлақәа зҭагылоу ауадаҩрақәа ауаа реилыркааразы ауснагӡатәқәа ирыхәҭакуп. Ацәыргақәҵа аартызаауеит хәажәкыра 26–нӡа.

 

"Ацәыргақәҵаҟны ажәлар ирыдаагалоит иуникалтәу афотосахьақәа, урҭ еиуеиԥшым ақыҭақәа рҟны еизаҳгеит. Зашҭақәа, згәараҭақәа рҟны еиқәханы иҟоу, жәытәнатә аахыс пату зықәны иҟаз ахьа ҩнқәа рацәаӡам, аха афотосахьақәа ҟаҳҵартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳауит… Убасгьы 11 хкы рҟынӡа афатә ҟаҵоуп. Уи амузеи аԥсабара аҟәша аусзуҩцәа рнапала, гәыкала арҭ амшқәа зегьы иҟарҵоз ахьа злоу, жәытә аахыс аԥсуаа акҿаҩраҿы рхы иадырхәоз афатәқәа роуп", - лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит ииасхьоу аамҭақәа рзы аԥсуаа ахьаҵла иаларыгӡоз иахьазы иаларыгӡартә ишыҟам.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0