Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьапуа Кәыдры ааԥын аҭра аҭыҵразы: ашәарҭара ыҟоуп

© Foto / предоставил Алиас ДжопуаАлиас Джопуа
Алиас Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2021
Анапаҵаҩра
Уарча ақыҭа ахада Алиас Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит ашьхарахьы асы аныӡыҭуаз Кәыдры аӡиас анхацәа ирнаҭоз аԥхасҭа атәы, сынтәа иазгәаҭоу аусурақәа ртәы.

Сынтәа ашьхарахь илеиз асы ааԥын Гәылрыԥшь араион анхацәа аԥхасҭа рнаҭар алшоит. Хәажәкыра 20 рзы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Кәыдры аӡышьҭра аҭагылазаашьа еиликаарц араион даҭааит. Иара аҟазауаа рнапы ианиҵеит азҵаара ҭырҵаарц, ауаа аӡы рыҵамларазы ауснагӡатәқәа ирызхәыцырц.

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьапуа Кәыдры анхацәа ирнаҭоз аԥхасҭа иазкны

"…Ааԥын-аԥхын асқәа аныӡыҭуа Кәыдры аҭра иҭыҵыр алшоит, акәша-мыкәша инхо ауаа ирԥырхагахоит аҟынтә, аҳәынҭқарра ахада араион даҭааит… 7-8 шықәса ҵуеит Кәыдры ԥырхага ҟанамҵеижьҭеи, аха 2001 шықәсазы аҭра иҭыҵын, аԥшаҳәа иазааигәаны инхоз ауаа рыҩнқәа ааныжьны имцар ада ԥсыхәа змауз ҟалеит. 2008 шықәсазгьы, анаҩсгьы аӡы хыҵны ааигәа акәымкәа, километрак ихыҵны адәқәа ирықәлон, ауаа ԥырхага рнаҭон. Ашәарҭара ыҟоуп, ус ҩаԥхьа иҟамларц азҵаара аҵыхәтәанынӡа иҭҵааны аусурақәа мҩаԥгатәуп иҳәеит Аԥсны ахада. Ҳара иахьынӡауа ацхыраара ҟаҳҵоит, дҵас иҳарҭо ҳадгылоит, избанзар аӡиас аԥхасҭа ӷәӷәа рынаҭахьеит ауаа", - иҳәеит Џьапуа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0