Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Харчлаа еиҭеиҳәеит Тҟәарчал араион фымцала аиқәыршәаразы аҭагылазаашьа шыҟоу

© Foto / предоставил Вахтанг ХарчилаваВахтанг Харчилава
Вахтанг Харчилава - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2021
Анапаҵаҩра
"Амшынеиқәафымцамч" Тҟәарчалтәи аҟәша аиҳабы Вахтанг Харчлаа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит араион аҟны иахьазы фымцалашарала ауаа реиқәыршәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Харчлаа еиҭеиҳәеит Тҟәарчал араион фымцала аиқәыршәаразы аҭагылазаашьа шыҟоу

"Ҳазҭагылоу аамҭазы, ари ашықәс азы афымцалашара Тҟәарчал араион аҟны еиԥҟьарада ироуеит уҳәартә иҟоуп. Иҟоуп аамҭалатәи атехникатә машәыр маҷқәа аныҟоу, аха уа иаразнак аусурақәа мҩаԥаагоит ауаа фымцала реиқәыршәаразы. Ҵыԥх уажәаани сынтәеи еиҿурԥшуазар, афымцалашара инаҳхуа хәыҷык еиҳауп, аҳауа ахьшәашәара иахҟьоит. Амаинингтә фермақәа ыҟаӡам ҳҳәар мцуп, ус еиԥш ҳәашьа ҳамаӡам. Иаҿыхны иҳамоу рацәоуп, актқәа ҟаҳҵеит. Уи акы-ҩба рыманы аҩнқәа рахь ииасит ԥыҭҩык, уи алагьы афымца аныхра иахьазҳаз ыҟоуп. Урҭ рганахьалагьы мчыбжьык ҵӡом ҩыџьара-хыџьара актқәа ҳаҩхьеит. Зегьынџьара ҩныцыԥхьаӡа узнеиӡом", - иҳәеит Харчлаа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0