Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габелаиа адәқәа амца рыцраҵаразы: ахылаԥшра рыҭара азҵаара даара иуадаҩуп

© Foto / предоставлено Артемоном ГабилаиаАртемон Габилаиа
Артемон Габилаиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2021
Анапаҵаҩра
Ааԥынра ааира иадҳәалоу анхара аусқәа раан анхацәа аҳаскьын рбылуеит, аха усҟан уи иахылҿиаар алшоит амашәыр. Ари аус хылаԥшра ахьынзамоу араионқәа рҿы абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Артемон Габелаиа.
Габелаиа адәқәа амца рыцраҵаразы: ахылаԥшра рыҭара азҵаара даара иуадаҩуп

"Адәқәа рҿы амцакра ахылаԥшра аус даара иуадаҩуп. Машәырла анхаҩы амца зыцәцаз иаразнак адырра ҟаиҵоит, аха баша сзашьҭои ҳәа амца ацразҵо ирхырҟьаны амҩа аҿықәқәа рҿы ашәаԥыџьаԥ рацәаны ибылхьеит. Ақыҭа ахадацәеи амчратә усбарҭақәеи ҳареи изныкымкәа ҳаицәажәахьеит ари аус азы, аха ас еиԥш иҟоу аҭыԥқәа рыхьчара, ауаҩы дадыргыланы дахылаԥшлартә еиԥш аҟаҵара даара иуадаҩуп. Абылрақәа еиҳарак иҭацәу, ауаа ахьнымхо аҭыԥқәа рҿоуп иахьыҟало, убри аҟнытә иҟазҵо ҳәа иаанкылараа уадаҩуп, анаҩс уи ахараԥсагьы узидҵом, дахьурхәыртә еиԥш узыҟаҵом. Абжьгарақәа ҳарҭахьеит "ашәаԥыџьаԥ шәымблын" ҳәа аҩырақәа кыдҵаны рыҟаҵаразы, уи џьара аӡә дааннакылозар, дархәыцуазар ҳәа ҳгәыӷуеит, егьыс акырӡа иуадаҩуп адәқәа рҿы амцакрақәа хылаԥшра рыҭара", - еиҭеиҳәеит Габелаиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0