Аҟәа амцарцәаратә гидрантқәа жәаба ықәдыргылеит, иаахәаны ишьҭоуп даҽа жәаҩа.
"Аҟәа агидрантқәа рхыԥхьаӡара даара имаҷуп. Уи азы ақалақь ахадарахь ашәҟәы ҳаҩхьан ацхыраара ҟарҵарц, идырҿыцырц. Аинвестициатә программаҟны иарбан Гәылиеи Џьонуеи рымҩақәа рҟны аӡы мҩанызго ацәаҳәақәа рыԥсахраан агидрантқәа жәаба ықәдыргылеит. Иаҳбеит аӡы шаатуа, даара ибзиоуп, ҳусуразы ицхыраагӡа ӷәӷәоуп, ҳарманшәалоит. Иҳамоу ахсаала инақәыршәаны аибашьра ҟалаанӡа 260 гидрант ыҟан, иахьа 15 ракәын аус зуаз, даҽа 10 цырак ҳзацлеит. Ақалақь ахада инапынҵала даҽа 12 гидрант аахәаны ишьҭоуп, урҭгьы ықәдыргылараны иҟоуп. Амала дара рыԥсахра уадаҩуп иажәу ацәаҳәақәа рҟны, убри аҟынтә аӡымҩангагақәагьы рыԥсахра аҭахуп", - азгәеиҭеит Кәыҵниа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Уажәы аус шцо ицалар, амаининг фермақәа ҳарцәошәа, аха ииашаҵәҟьаны уи ус акәымкәа, жәаҳәарада ЕгрыГЕС аныҟарҵалакгьы акгьы иҳахәаӡом, избанзар, иалагеижьҭеи иаҳагьы иацлеит, ауаа ишаархәац иаархәоит, уи иахҟьаны еиҭа аӷьычрақәа цәырҵит, аӡәы иҟынтә аӡәы иӷьычуеит, урҭ рҟнытә даҽа шьоукы, апроцесс уажәгьы иаҿуп. Макьана ахықә аҟынӡа имнеиӡац, ари аанкылашьа амаӡам, избанзар, акриптовалиута ахә ацлара иаҿуп, ауаа знык аԥара агьама збаз, уи имариаӡаны изырҳауа, аанкылаша мчы ҳамаӡам", - азгәеиҭеит иара.
Қорсаиа иажәақәа рыла ас еиԥш ҳашцо ҳцалар, иааиуа аӡын азы ҳенергетика ҳалгоит.
"Иаанхаз атраснформаторқәа акакала, ҩба-ҩбала ибжьыслоит, ас еиԥш ақәыӷәӷәара рзычҳаӡом, иҳауа алашара ҳазхаӡом, аҭагылазаашьа еиҳагьы еицәахоит, ауаа еиҭа иархәалоит амаинингқәа, ирыԥшаалоит излаарго амҩақәа, аха убри аан амаининг аԥхьаҟатәи аԥеиԥш амоуп. Уи ахылаԥшра ӷәӷәа амазароуп аҳәынҭқарра аганахьала, иҟазароуп аԥҟарақәа. "Амшынеиқәафымцамч" атехникатә ҭагылазашьа изаԥнаҵароуп уи зҽазызкыр зҭаху изы, азин ылхны, ашәахтә акәҵаны, алашара ахә ақәҵаны, насгьы, ҭыԥла Гал араион ада афермақәа рыргылара азин ыҟамзароуп. Усҟан ацәаҳәақәа ақәыӷәӷәара роуӡом, уа алашара убыллар, иаҳа иныухуа алашарагьы маҷхоит",- агәаанагара ааирԥшит Қорсаиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
"Ҳазшаз игәра зго зегьы џьанаҭ ҳақәгәыӷуеит, уахь ақәшәаразы иаҳа имаҷны агәнаҳа умазароуп, ибзиоу аусқәа ныҟәугозароуп. Сара иаха амзаҿа ангыла, ҳәарада, сеигәырӷьеит. Ацәылаҷҷара иалгаанӡа, уажәы асааҭ 4 рзы ацәылаҷҷара иалагоит, убраанӡа жәа-минуҭк шыбжьоу ауаҩы акрифароуп, нас акрыфара аанкыланы амра ҭашәаанӡа иԥшоит. Саргьы убас сналагеит иахьатәи сымш. Ауаҩы игәабзиара иазеицәоу Ҳазшаз ԥҟарак ҳара иҳадиҵаӡом, абри аурычрагьы убас ауп ишыҟоу. Ахәыҷы ари идцалаӡам, уныҟәугартә уаныҟалак аамҭа инаркны иахьынӡаулшо иныҟәугоит. Иахьазы ҳаҩнаҭаҿы сыҷкәын дыурычуеит, сара, сан шьҭа лгәыбзиара иауӡом", - еиҭеиҳәеит Џьугьелиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
АҞӘА, мшаԥы 14– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахашшааратә коллегиа Аҟәатәи ақалақьтә еизара Ахра Аҩӡба лаҵара 5 рҟынӡа ибаандаҩра аҿҳәара иахьацнаҵаз азы ахьчаратә ган Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь инанашьҭыз ашшыԥхьыӡ иақәшаҳаҭымхеит.
Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа хәажәкыра 4 рзы Ахра Аҩӡба дахьынхоз аҩнаҟны иаадырԥшит иҵәахыз абџьар, аџьаԥҳаны, ахархәага ҷыдақәа, арадиодырраҭара мҩаԥызго ашьақәгылақәа. Ашьаус хацыркын уаанӡа еиқәшаҳаҭханы абџьари аџьаԥҳани азакәаншьаҭа рымамкәа раахәара, рыҵәахра, рымҩангара, рныҟәгара ахьымҩаԥыргоз азы.
Хәажәкыра 7 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡбеи ихьчаҩцәа: Талех Гасанов, Аслана Гуатижев, Андреи Локтионов, Станислав Культа мызкы – мшаԥы 5 рҟынӡа ҭакрала ирхыргарц аӡбамҭа аднакылеит.
Мшаԥы 1 азы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Станислав Культа, Андреи Локтионов, Аслан Гуатижев рырбаандаҩратә ҿҳәара аҽа мызкы ацнаҵеит, 2021 шықәса лаҵара 4 аҟынӡа. Убри аан аус аҽа лахәылак – Талех Гасанов иганахь ала Апрокуратура хада азыҳәа иақәшаҳаҭымхеит.
Мшаԥы 2 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба лаҵара 5 рҟынӡа ибаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит.