Шьалуа Ҷыф-иԥа деицырдыруеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр инагоу актиор иаҳасабала, атеатр асценаҟны инаигӡахьан еиуеиԥшым ахаҿсахьақәа, иара убас дыхәмархьеит асахьаркыратә фильмқәа рҟны. Ааамҭак азы Шьалуа Гыцба напхгара аиҭон Шәарах Ԥачлиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи акомедиатә театр. Ҳаамҭазы аус иуеит режиссиорс Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр аҟны.
"Аира амш азгәаҭара сҭахым, избанзар Анцәа иуиҭаз аԥсҭазаара даҽа шықәсык ахыҵуеит… (дыччоит). Убри ауп исгәамԥхо",- иҳәеит Гыцба.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Ужәлар рыпатуқәҵашьа уҽақәуршәароуп": Шьалуа Гыцба 85 шықәса ихыҵра иазкны
Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥысит мшаԥы 11 рзы.
"Адепутатрахь иқәгылаз акандидатцәа ҩажәаҩык рахьынтә 15-ҩык алхын. Иманшәаланы еилагарада имҩаԥысит алхрақәа. 5196- ҩык ашәҟәы иҭагалаз алхыҩцәа рҟынтәи 2052 -ҩык алхрақәа рхы рыладырхәит. Уи аԥхьа иҟаз ас еиԥш алхрақәеи дареи еиҿурԥшуазар, усҟан 2800-ҩык ыҟан алхыҩцәа. Актәи аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп иааиуа ашәахьаҽны мшаԥы 19 рзы. 15-ҩык адепутатцәа рахьынтә ҩыџьа аҳәса ыҟоуп. Уи аԥхьа иҟаз адепутатцәа рахьынтә ҩыџьа ықәгылан, руаӡәк ҩаԥхьа далырхит, уи Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аиҳабы Лали Гаргәылиа лоуп", - лҳәеит Ажьиԥҳа.
Ажьиԥҳа лгәаанагара лҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь инеиуа адепутатцәа зеиԥшразар акәу.
Мшаԥы 14 Аԥсны ашәахтә маҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәамшуп. 27 шықәса раԥхьа иаԥҵан Ареспублика аҳәынҭқарратә ашәахтә маҵзура, анаҩс уи ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ҳәа иҟалеит 2002 шыкәсазы.
"Иахьа Аԥсны ашәахтәқәҵара иазыԥҵәоу ауаҩы изымшәо, ибизнес иазышьҭнамхо иҳаракӡам. Иаагозар, иара иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә атәы ҳҳәозар, Урыстәыла 20 процент ыҟоуп, ҳара ҳҟны 10. Аилыркаа ҟасҵар сҭахуп, ихьанҭоу ашәахтә иазыԥҵәоу акәӡам, ихьанҭоу атауар анаауго, ирҭиаанӡа аԥхьа ишәатәу аҳазалхратә хеилак еизырго ауп. Уи, хымԥада, иаруадаҩуеит аус. Ашәахтәқәҵара иазыԥҵәоу 10 процентк абизнес иаԥырхагахаратәы иҟам, ашәахтәқәҵара напхгара азура асистема аганахьала иаҭахуп арԥсыҽрақәак ралагалара, сгәаанаграла, аха уи иазхәыцуазар акәхап", - иҳәеит Габуниа.
Шәазыӡырҩы аудио.