Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәакәасқьыр Тамшь аусурҭа шиԥшааз атәы

© Foto / предоставлено Омаром КвеквескириОмар Квеквескири
Омар Квеквескири - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал ақалақь аҟны инхо Омар Кәакәасқьыр арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Тамшь идыргыло аԥсшьарҭаҭыԥ аҟны аусурҭа шиԥшааз, иҩызцәеи иареи аус шыруа атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәакәасқьыр Тамшь аусурҭа шиԥшааз атәы

"Тҟәарчалынтәи Тамшь 10-12-ҩык раҟара аус ҳуеит. Асоциалтә ҳаҟны избеит араҟа аргыларақәа шцо. Ашьыжь сааины срыдҵаалеит аусуразы. Сара ԥшьҩык ахәыҷқәа сымоуп, усурҭада хәымз ҵуан стәеижьҭеи. Аиҳабы араҟа сиацәажәан иҳәеит акран шьҭызхуа амашьына иақәтәо дшырҭаху. Ауалафахәы ҩынҩажәижәаба нызқь ршәоит. Сҩызцәагьы акафель ақәҵашьа здыруа, аҭыӡқәа зшьыхуа уҳәа ԥшьҩык аҷкәынцәа аазгеит, аус руеит. Ауалафахәы мызкахьы ҩынтә еихшаны иҳарҭоит. Уи аԥхьа Пицунда аус зуан, аха аусутә анынҵәа хәымз Тҟәарчал усурҭада стәан. Тамшь уажәы есҽны аус зуеит", - еиҭеиҳәеит Кәакәасқьыр.

Шәазызырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0