Аԥснынтәи абитуриентцәа ирымоуп алшара Москватәи амашьынатә- техникатә университет хәыда-ԥсада аҭалара жәларбжьаратәи аинтеллектуалтә еицлабрала.
"Аицлабра мҩаԥгахоит онлаин формат ала. Раԥхьатәи аетап- атест ахысра, аҩбатәи -аетап аматематиказы аԥышәара. Аицлабра ахалархәразы мшаԥымза 15-нӡа ауниверситет адаҟьаҿы икыду анкетаҿы уҽҭаугалароуп. Урҭ рахь ассылкақәа ҳара ҳсоциалтә даҟьақәа рҿы иҟоуп. Ҳабитуриентцәа ирылшоит аргылара иаҵанакуа ахырхарҭақәа рыла еиуеиԥшым азанааҭқәа ралхра. Урҭ азанааҭқәа ҳҳәынҭқарразы иаҭаху занааҭқәоуп, ас еиԥш алшара ҳбитуриентцәа рыҭара аминистрра еихьӡара бзианы иахәаԥшуеит", - еиҭеиҳәеит Қәҭелиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь алхрақәа мҩаԥысит мшаԥы 11 рзы.
"Адепутатрахь иқәгылаз акандидатцәа ҩажәаҩык рахьынтә 15-ҩык алхын. Иманшәаланы еилагарада имҩаԥысит алхрақәа. 5196- ҩык ашәҟәы иҭагалаз алхыҩцәа рҟынтәи 2052 -ҩык алхрақәа рхы рыладырхәит. Уи аԥхьа иҟаз ас еиԥш алхрақәеи дареи еиҿурԥшуазар, усҟан 2800-ҩык ыҟан алхыҩцәа. Актәи аилатәара мҩаԥысраны иҟоуп иааиуа ашәахьаҽны мшаԥы 19 рзы. 15-ҩык адепутатцәа рахьынтә ҩыџьа аҳәса ыҟоуп. Уи аԥхьа иҟаз адепутатцәа рахьынтә ҩыџьа ықәгылан, руаӡәк ҩаԥхьа далырхит, уи Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа аиҳабы Лали Гаргәылиа лоуп", - лҳәеит Ажьиԥҳа.
Ажьиԥҳа лгәаанагара лҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь инеиуа адепутатцәа зеиԥшразар акәу.
Мшаԥы 14 Аԥсны ашәахтә маҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәамшуп. 27 шықәса раԥхьа иаԥҵан Ареспублика аҳәынҭқарратә ашәахтә маҵзура, анаҩс уи ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ҳәа иҟалеит 2002 шыкәсазы.
"Иахьа Аԥсны ашәахтәқәҵара иазыԥҵәоу ауаҩы изымшәо, ибизнес иазышьҭнамхо иҳаракӡам. Иаагозар, иара иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә атәы ҳҳәозар, Урыстәыла 20 процент ыҟоуп, ҳара ҳҟны 10. Аилыркаа ҟасҵар сҭахуп, ихьанҭоу ашәахтә иазыԥҵәоу акәӡам, ихьанҭоу атауар анаауго, ирҭиаанӡа аԥхьа ишәатәу аҳазалхратә хеилак еизырго ауп. Уи, хымԥада, иаруадаҩуеит аус. Ашәахтәқәҵара иазыԥҵәоу 10 процентк абизнес иаԥырхагахаратәы иҟам, ашәахтәқәҵара напхгара азура асистема аганахьала иаҭахуп арԥсыҽрақәак ралагалара, сгәаанаграла, аха уи иазхәыцуазар акәхап", - иҳәеит Габуниа.
Шәазыӡырҩы аудио.