Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амҷба Гал абжьыҭаразы: алхыҩцәа ҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит

© Foto / предоставил Игорь АмичбаИгорь Амичба
Игорь Амичба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Анапаҵаҩра
Гал араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Игорь Амҷба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь адепутатцәа ралхразы абжьыҭарақәа шымҩаԥысуа, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара шаҟаҩы ыҟоу.
Амҷба Гал абжьыҭаразы: алхыҩцәа ҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит

Иахьа мшаԥы 11 рзы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь адепутатцәа ралхразы Аԥсны абжьыҭара мҩаԥысуеит.

Алхырҭатә ҭыԥқәа абжьыҭаразы иаартын асааҭ 8 рзы.

Гал араион аҿы алхратә ҭыԥ хадақәеи алхырҭатә ҭыԥқәеи 11 ыҟоуп, 900-ҩык инарзынаԥшуеит алхыҩцәа. Гал араион инхо реиҳараҩык Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа рымаӡам. Аҵыхәтәантәи аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа рзы абжьыҭара Гал араион имҩаԥган 2011 шықәсазы, усҟан 16 нызқьҩык ауааԥсыра абжьыҭара иалахәын.

"Алхрақәа мҩаԥысырц азы 25 процент иреиҵамкәа алхыҩцәа абжьыҭара рхы аладырхәыроуп, уи ҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит. Асиа хадаҟны алхыҩцәа 859-ҩык ануп, иҟалап иацҵахо асиаҟны ианҵахогьы, ааигәа атәылауаҩшәҟәы зауз рхыԥхьаӡараҟынтәи. Иааираны иҟоу абжьыҭара 25 процент еиҳахоит, хымԥада", - иҳәеит Амҷба.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0