Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи алхрақәа ауаа ргәы азыбылуам ҳәа зиԥхьаӡо атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАбессалом Кварчия
Абессалом Кварчия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2021
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь адепутатцәа ралхразы Аԥсны абжьыҭара мҩаԥысуеит. Ауаажәларратә палата алахәыла Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны игәаанагара иҳәеит абжьыҭаразы ауаа уамак агәазыҳәара зрымам ҳәа.

 

Кәарҷиа еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи алхрақәа ауаа ргәы азыбылуам ҳәа зиԥхьаӡо атәы

"Анкьа ауаа ирымаз аентузиазм уиаҟара иҟамшәа сгәы иаанагоит, избанзар иалҳхуа араион, ақалақь адепутат иоума, ажәлар рыԥсҭазаашьа ианыԥшыртә еиԥш ииӡбо акгьы ыҟам. Ирыдыркылахьоу ақәҵарақәа абзиарақәа аарганы, уск ауны исгәалашәом. Иҟоуп, ианаҭаху рнапы иҩахоит, ус иаԥуп. Адепутат ажәагьы ҳара иаҳтәӡам, ажәлар рхаҭарнак ҳҳәозар, уи аҵакы ҳдыруеит. Ус еиԥш иҟоу аҭакԥхықәра имоуп далзхыз рҿаԥхьа, иҟаиҵогьы дҵаароуп, ибжьы аиҭо ма, иаимҭо. Иахьа далырхит, даналырх нахыс далзхызгьы дырбом, иалырхызгьы хьаас имаӡам, абри аҩыза аҭагылазаашьа ыҟоуп иахьа", - иҳәеит Кәарҷиа.

 

Иара иазгәеиҭеит ҳаамҭазы алхрақәа рылахәхаразы аԥшьгамҭақәа ақыҭақәа рҟынтәи иҟам ҳәа.

"Аинициатива ҵаҟантәи ицаӡом. Иаҳҳәап, далырхуазар адепутат, ақыҭа еизаны рымаҵ зуша, ирҭаху зҳәаша, рыгәҭакы назыгӡаша ҳәа еилацәажәаӡом. Итәаны иԥшуп. Аӡәы даауеит "салшәхыроуп" ҳәа. Џьара ма чашәк рзааигоит, убри аҟынтәи аҵакы амам, ауаагьы ргәы азыбылуам абжьыҭара. Уалаҭахыла ицаны рыбжьы арымҭозар, снеины абжьы асҭароуп ҳәа хықәкыла ицо дмаҷуп иахьа", - иҳәеит Кәарҷиа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит хәажәкыра 14, 1998 шықәсазы. Уи ашьҭахь алхрақәа мҩаԥган 2001, 2004, 2007, 2011, 2016 шықәсқәа рзы. Аԥсны зынӡа абжьыҭара азин рымоуп 125 нызқьҩык алхыҩцәа, абжьыҭара мҩаԥысуеит 161 алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны алхырҭатә ҭыԥқәа 198 рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0