Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чагәаа Очамчыра аепидемиологиатә ҭагылазаашьазы: ҳқьабзтә уснагӡатәқәа ҳаркьаҿроуп

© Foto / предоставлено Джоном ЧагаваДжон Чагава
Джон Чагава - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Анапаҵаҩра
Очамчыра араион аҿы школқәак акарантин ахь ишьҭуп. Араион аҿы аепидемиатә ҭагылазаашьа зеиԥшроу, аԥҟарақәа иахьынӡарықәныҟәо арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион асанитартә ҳакьым хада Џьон Чагәаа.
Чагәаа Очамчыра аепидемиологиатә ҭагылазаашьазы: ҳқьабзтә уснагӡатәқәа ҳаркьаҿроуп

"Ачымазара ҳазҭалаз амзазы маҷк ишьҭыҵит ари амзазы. Еиҿҳарԥшуазар, жәабрани хәажәкыреи рзы ачымазара рыхьит ҳәа 84–ҩык ашәҟәы иҭагалазҭгьы, ари амзы 17 рҟынӡа 65–ҩык ирыхьхьеит. Ҩымз иҟаз арбагақәа ҳрыхьӡарц акгьы ҳагым. 65-ҩык рҟынтәи 27-ҩык ашкол аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи роуп, 12-ҩык ахәыҷқәа ачымазара рыхьит ҳәа ишьақәыргылоуп. Убри аҟынтәи аамҭала аҽыԥхьакра ҳәа иааиуа ашәахьанӡа ишьҭуп Очамчыратәи ашкол-аинтернат, Аҭаратәи ашкол, иара убас Очамчыратәи аурыс школ уажәраанӡа ишьҭын, аха иахьа раамҭа нҵәеит, аиҵбыратә классқәа аҵарахьы идәықәлеит", - иҳәеит Чагәаа.

Иара иазгәеиҭеит аҳауала имҩасуа аҿкычымазарақәа ааԥыни ҭагалани рхыԥхьаӡара ишацло, насгьы шамахамзар асабрадақәа ныҟәазго шмаҷӡоу.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0