Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷыҭанаа Аԥсны аӡқәа рыцқьара иазкны: аекологиатә нормақәа ирзааигәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСавелий Читанава
Савелий Читанава - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.04.2021
Анапаҵаҩра
Ицқьоума аԥснытәи аӡқәа, атуристтә сезон аламҭалаз урҭ рыҭҵааразы аусурақәа ҳәа кыр мҩаԥыргома, абарҭ азҵаарақәа арадио Sputnik аефир аҟны рҭак ҟаиҵеит аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Ҷыҭанаа Аԥсны аӡқәа рыцқьара иазкны: аекологиатә нормақәа ирзааигәоуп

"Аӡқәа рҭагылазашаьа ахылаԥшра амоуп аекологиазы аилак аҟынтә. Иҟоуп ахимиатә лабораториа, дара аамҭак иалагӡаны аӡыцқьара гәарҭоит, амшын аԥшаҳәа ҭыԥқәак алхны иҳамоуп, аамҭа-аамҭак иалагӡаны анализқәа ргоит. Сынтәа аԥхынтәи асезон азы иҳамгацт ахкқәа. Ҵыԥх атәы ҳҳәозар, аӡқәеи амшыни аекологиатә нормақәа ирзааигәоуп. Џьарак иҟазар иахьеиҳаугьы, аха убри иазыԥҵәоу аҳәаақәа ирҭысӡом. Ас еиԥш аҭагылазаашьа атәы зышьақәгылаз атәы ҳҳәозар, ашьха ӡқәа цқьоуп аҟынтә дара иахьалалогьы амшын аҿы аҭыԥқәагьы цқьоуп. Амшынгьы иамоуп ахатәы циркулиациа, иара ахалагьы аҽарыцқьоит, анаҩс иалалоу аӡқәагьы рус ҟарҵоит. Насгьы Аԥсны иҟаӡам азауадқәа дуқәа аӡы зырхәышьыр алшо", - еиҭеиҳәеит Ҷыҭанаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0