Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ахба иҳәеит афорум "VISIT APSNY " аҿы излацәажәаз азҵаара хада атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАстамур Ахба
Астамур Ахба - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны асасааирҭақәа рхеилак аиҳабы Асҭамыр Ахба арадио Sputnik аефир аҿы ахԥатәи жәларбжьаратәи аусутә форум "VISIT APSNY" амҩасшьа ахәшьара аиҭеит.
Ахба иҳәеит афорум "VISIT APSNY " аҿы излацәажәаз азҵаара хада атәы

Ахба иажәақәа рыла аформу аҿы излацәажәаз зҵаара хадан - Аԥсны асасааирҭақәа рыҩаӡара ашьақәыргылара.

"Ростовнтәи аспециалистцәа ыҟан, дара асасааирҭақәа русзуҩцәа ирыдыргалеит рԥышәа. Дыҟан астандартқәеи ахархәаратәи атехникатә хылаԥшреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабы, иалацәажәан иахьа асасааирҭақәа рыҩаӡара ашьақәыргылараҿы иҳагу арҽеиразы иҟаҵатәу. Асасааирҭақәа рыҩаӡара атәы зҳәо ашәҟәы раԥхьа инаргыланы, иахьа аинвестор иҭахуп. Иҟоуп аҷыдарақәа апроект аираҿы ишәаны-изаны ишьҭухша, ус еиԥш иҟаумҵар, асасааирҭа ргыланы уҽуԥсахыр иишахаӡом. Асасааирҭа иаҭаараны иҟоугьы идыруазароуп, дызҭаауа аҩаӡара, иарбан уи идгалахо, ахәԥсагьы уи инақәыршәаны ишьақәыргылахоит", - еиҭеиҳәеит Ахба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0