Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳашыг: Аԥсны аӡыргара аус иаҳа имариоуп, иӡыргоу аус аиқәырхара аасҭа

© Sputnik / Марианна Кубрава Руслан Хашиг
Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыги апансионатқәа реидгыла "Акурорт Пицунда" аиҳабы Фрикан Гәынбеи, арадио Sputnik аефир аҿы атуристтә хырхарҭаҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа амассатә информациатә хархәагақәа иахьынӡарныԥшуа атәы ргәаанагара еибырҳәеит.
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳашыги Гәынбеи Аԥсны аӡыргаразы аинформациатә система аусура иазкны

"Атәыла аҳаҭыр ашьақәыргылара мҩаԥысуеит хәҭа-хәҭала. Аӡыргара аус иаҳа имариоуп, иӡыргоу аус аиқәырхара аасҭа. Атурист имаҵ зуа иаԥсшәаҳәашьала ишьақәгылоуп ҳхаҿра. Акурорт аҿы аума, Риҵа ашьхарахь уанцо аума, ирҭиуа ҳала ишабо ианымҩаԥысуа, иарбан хьӡу иҳарҳауа. Аброуп аусура ахьаҭаху. Аԥсны ахьыӡ ӡыргоуп, уи ауаҩы данааиуа аамҭазы иԥхасҭатәӡам, уи еиқәырхатәуп. Аԥсуаа раҳаҭыр адунеи анҭыҵ иҟоу хәыҷык иацҵаны иҟоушәа сгәы иабоит", - азгәеиҭеит Ҳашыг.

Ҳашыг иҳәеит Аԥсны ахьыӡ аӡыргара аганахьала аинформациатә хырхарҭа аусура шлыҵшәадоу.

"Ҳакәша-мыкәша иҿиоу асистема, информациа ииашаны ахархәарала еиӷьу алҵшәа ҳаурцаз иаԥҵатәуп иҷыдоу аинформациатә фонд. Уи аиҿкаареи аԥҵареи - ҳәынҭқарратә усуп", - иҳәеит иара.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0