Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳалбад амедал зауа аушьҭымҭацәа сынтәа ргәаҭаратә усуразы: ишԥсыҽу убартә иҟоуп

© SputnikВалентина Халбад
Валентина Халбад - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра иатәу азеиԥши азанааҭтә ҵареи рыҟәша аексперт хада, Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Ҳалбад арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит амедал зауа ашколқәа роушьҭымҭацәа ралкааразы агәаҭаратә усура шымҩаԥгоу.
Ҳалбад амедал зауа аушьҭымҭацәа сынтәа ргәаҭаратә усуразы: ишԥсыҽу убартә иҟоуп

"…хәба-хәба ҳәа ԥшьбак алмыршәакәа иааиуа ажәабатәи акласс аҟны далыркаауеит, аԥхьаҟа амедал азы иӡбахә аҳәара алшоит ҳәа. Усҟан ажәабатәи акласс аҟынгьы имҩаԥаагоит агәаҭарақәа. Раԥхьа уи мҩаԥнагоит ашкол. Аԥҟарала 4 еиҵамкәа ахәшьара иоуроуп, хәба иоур зынӡа ихазыноуп. Ашкол ашьҭахь ақалақьтә, араионтә ҵараусбарҭа агәаҭаратә усура мҩаԥнагоит. Ажәеизатәи акласс ахь даниасуа ахылаԥшра арҭоит иконтролтә усумҭақәа, ихәшьарақәа гәарҭоит. Сынтәа ҳара имҩаԥаҳгаз агәаҭара жәаҩык ахәыҷқәа алахәын. Урҭ агәаҭаратә усура Аҟәатәи актәи ашкол аҟны ирҩит. Акомиссиа иалахәын хҩык аҵара аминистрраҟны аус зуа… Ари ашықәс азы аҵара ацашьа зегьы ирдыруеит, аха гәаҭаратә усурак ҟамҵаӡакәа ахәыҷы асценаҟны дықәыргыланы амедал узиҭом. Атема алхраан еиҳарак хырҩа заҳҭоз аклассқәа рҟны иаҳа изхысыз, изхьымӡаз акәым, уаагьы раҳаҭыр ҳбеит, иахьынӡалшоз ирзыманшәалахарц. Ф-темак алхын: Баграт Шьынқәба, Миха Лакрба, Џьума Аҳәба, Шьалодиа Аџьынџьал уҳәа рҩымҭақәа рҟнытәи иааган. Ашьыжь аминистр аконверт иҭаз атемақәа фба рҟынтәи акы алихит…Методикала атекст аԥхьара шиашоу ҩынтә ауп, аха иҟоу аҭагылазаашьа (апандемиа-аред.) ҳазхәыцны, ахәыҷқәа ԥыҭк анырҩы, ахынтә раангьы ҳаԥхьеит", - лҳәеит Ҳалбад.

Лара излазгәалҭаз ала, аушьҭымҭацәа аԥсуа бызшәа амаҭәар ала ирҩыз русумҭақәа шԥсыҽу убартә иҟоуп заанаҵтәи алкаақәа рыла.

Иаҳа инеиҵыхны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0