Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Габалыиа ахәыҷқәа аԥсшәа дырҵара аметодиказы: алҵшәа аанарԥшуазар, ухы иаурхәароуп

© Sputnik / Марианна Кубрава Дырмит Габалиа
Дырмит Габалиа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.05.2021
Анапаҵаҩра
Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа аҿиаразы агәыҳалалратә фонд иаԥнаҵаз аԥсуа бызшәа арҵара аметодика ҿыц "Аԥсшәа бзиа избоит сара" аҩбатәи аҭыжьымҭа хиоуп. Уи еиднакыло аматериал, актәи аҭыжьымҭа иалҵшәахаз атәы еиҭеиҳәеит афонд аспециалист Дырмит Габалыиа.
Габалыиа ахәыҷқәа аԥсшәа дырҵара аметодиказы:алҵшәа аанарԥшуазар, ухы иаурхәароуп

"Ари аҩбатәи ҭыжьымҭоуп хәы-шәҟәык еиднакылоит. Акы - арҵаҩы лтәоуп, егьырҭ аԥшьбагьы - ахәыҷқәа рзы, убасгьы аудио-, авидеодискқәа ҩба ацуп. Адискқәа макьана ихиаӡам, еиҵахара маҷқәак ыҟоуп, аха уигьы иаарласны ҳаиааип ҳәа ҳаҟоуп", - иҳәеит Габалыиа арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара иазгәеиҭеит ашколқәраҟынӡатәи ахәыҷқәа аԥсшәа дырҵаразы аҵара аҩаӡарақәа хԥа шыҟоу, дазааҭгылеит аҵаратә методика аҷыдарақәак.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0