Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Дамениа Аԥсны алхратә система аԥсахра иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукОлег Дамения
Олег Дамения - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны Жәлар рконгресс" аиҿкааратә гәыԥ аусутә еилатәра мҩаԥысит. Асоциал-економикатә ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы Олег Дамениа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уаҟа излацәажәаз атәы, иҳәеит алхратә система аԥсахра аҭахны изиԥхьаӡо.
Хра злоу ахҭысқәа: Дамениа Аԥсны алхратә система аԥсахра иазкны

"Аԥсны Жәлар рконгресс" аԥҵара ахықәкы хадақәа ируакуп атәыла алхратә система аиҭакрақәа ралагалара. Избан алхратә система аԥсахра ауаа еиднакыларан изыҟоу атәы иазкны игәаанагара арадиофеир аҿы иҳәеит Дамениа.

"Ҳара ҳхатә ԥышәоуп ҳхы иаҳархәо. Ас еиԥш алхратә система еиԥшны иҟан "Аидгылара" аныҟаз, Иреиҳау Асовет ахь адепутатцәа аналаҳхуазгьы ахархәара аман. Депутатцәас иалырхуаз рыбжеиҳараҩык "Аидгылара" аҟнытә рсиа шьақәырӷәӷәан, ауаагьы ирыдыргалон урҭ алырхырцаз. Ас еиԥш алхратә система аԥсуаа ҳҭоурых аҟны иҟан. Иабалак алырхӡомызт, иалырхуаз иаҳа инагаз ауаа ракәын, адырра змаз, ажәлар рҟны пату зқәыз. Ажәлар реиҟәшара зыхҟьаз зегьы анализ ҟаҵаны иҳамоуп ҳара ацентр аҿы. Уи раԥхьа инаргылан изыхҟьазгьы аџьармыкьатә економика ҳәа иагәалыргалаз ауп. Уа ауаҩы ихатә интересқәа иаҳа аԥыжәара рго иалагоит, ус иагьыҟалеит ҳара ҳҿы. Иахьа, уажәшьҭа, иуадаҩуп ауаа реидкылара. Аполитикатә партиақәа иҳамоугьы зхылҵыз аџьармыкьатә економика ауп. Аԥсны ауааԥсыра рхыԥхьаӡара ахьмаҷу, 10-партиак ҳамоуп. Китаи зынӡа партиак ауп иҟоу. Дара апартиақәагьы рхатәы интерес алоуп ишеиҿкаау, ус анакәха, ҳхатә интересқәа рыла аҳәынҭқарра ахада иоума, адепутат иоума, даҳзалхӡом", -  иҳәеит Дамениа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0