Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа абылтәы ахә ашьҭыхра азҵаара иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаур Шалашаа
Заур Шалашаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2021
Анапаҵаҩра
Азини аекономикеи ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа арадио Sputnik аефир аҿы Аԥсны абылтәы ахә ашьҭыхра аларшара азҵаара ахҳәаа аиҭеит.
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа абылтәы ахә ашьҭыхра азҵаатәы иазкны

Аекономист иажәақәа рыла, абылтәы ахә ашьҭыхра еиҳарак изныԥшуа атәанчаҩцәеи, аҭаацәарацәеи, ҳтәылаҿы ауалафахәы змауа, џьаргьы аус зымуа ауаа роуп.

"Иахьа ахә ашьҭыхра ҟаларгьы, уи ишахәшҭоу иԥхьаӡаны, Аԥсны изҭиуа, шаҟа ҳәа ирырҭо қьаадла игәаҭаны, ирызтәо ахарџь ԥхьаӡаны, ажәлар рахь ианырҭилак шаҟа рхашәало еилкааны, аҳәынҭқарра шаҟа аларгало азгәаҭаны, абарҭ зегьы еиҿырԥшны иахәҭоу ахь икылгатәуп", - азгәеиҭеит Шьалашьаа.

90-тәи ашықәсқәа анынҵәоз, Аԥсны абылтәы ашьҭыхра азҵаара анцәырҵ, усҟан атәыла ахадеи абылтәы аазгоз анаплакқәеи еицәажәаны, ахә рацәак ихарымгалакәа апроблема рыӡбеит, ҳәа игәалаиршәеит Шьалашьаа.

Азҵаара ҭҵаатәуп, убри аан уи ҟазҵаша аусбарҭақәа Аԥсны иҟоуп, аха анаплакқәа ахә ашьҭыхра шаҭаху азы агәра ҳдыргарцаз, аҳәынҭқаррагьы агәра ддыргарцаз, шәҟәыла еиқәыршәазароуп, ҳәа иҳәеит Шьалашьаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0