Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҳашыги Ҷолокәуеи атәыла ахада инашьҭымҭа иазкны

© SputnikМикрофон
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада иҿы иҟоу аинформациатә хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуеи, ажурналист, агазеҭ "Чегемскаиа правда" аредактор хада Инал Ҳашыги иалацәажәеит атәыла ахада инашьҭымҭа аҵакы, уи абжьажьра азакәан ахьынӡеиланаго.
Хра злоу ахҭысқәа: Ҳашыги Ҷолокәуеи атәыла ахада инашьҭымҭа иазкны

Атәыла ахада апарламент ахь инашьҭымҭа - хықәкыс иамоузеи ари апроцедура? Иара абжьажьра азакәан абанӡеиланаго? Аԥсны ахада апарламент ахь инашьҭымҭа ари ашықәс азы иарбоума, уи аҟны иалкаахо ахырхарҭа хадақәа, анашьҭымҭа аҵакы, адунеитә ԥышәа уҳәа азҵаарақәа ирылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны ахада иҿы иҟоу аинформациатә хархәагақәа рымадаразы аусбарҭа аиҳабы Алхас Ҷолокәуа, ажурналист, агазеҭ "Чегемскаиа правда" аредактор хада Инал Ҳашыг.

"…Аԥсны аҳәынҭқарра ахада анапхгарахь даннеи, ԥшьымзгьы ахылахьан ашықәс, ачымазара ҿыц анцәырҵыз акәын. Ҳазхиаӡамызт аҭагылазаашьа, иҟалараны иҟазгьы аҳәара уадаҩын, амч-алша, ахшыҩ зегьы уи аус иазкын. Насгьы ԥҟаралагьы Аԥсны ауаа рацәа алархәны аиԥыларақәа, аизарақәа рымҩаԥгара аанкылан… уи ауп изызку анашьҭымҭа аҟамзаара, аха уи инаваргыланы исҳәар сҭахуп аҳәынҭқарра ахада изныкымкәа апарламент аҟны аиԥыларақәа шимаз, уаҟа Аԥсны аҩнуҵҟатәи адәныҟатәи аполитика далацәажәеит. Аԥсны аҭагылазаашьазы аҳәынҭқарра ахада ипланқәа ауаа рахь ицәыргамызт ҳәа аҳәарагьы иашам… Акызаҵәык, исҳәар исҭаху, анашьҭымҭа ҟалоит, амала ианыҟало абри амш ауп ҳәа макьана аҳәара сазхиам", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷолокәуа.

Арҭ ашықәсқәа рзы аҳәынҭқарра ахада апарламент ахь инашьҭымҭа ритуалтә традициак аҳасабала ҳахәаԥшуан, инарҵауланы адокумент ҭҵааны, иҟаҳҵо шыҟаҳҵо атәы уиаҟара ҳазхәыцуамызт ҳәа агәаанагара ааирԥшит ажурналист Инал Ҳашыг.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩы аудиофаил аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0