Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Арышԥҳа актәи акласс ахь Аҟәа ахәыҷқәа рыдкылара иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукМарина Аршба
Марина Аршба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.06.2021
Анапаҵаҩра
Рашәара 25 инаркны ԥхынгәы 1-нӡа актәи акласс ахь ахәыҷқәа ашкол рҭаларазы рарзаҳалқәа рыдыркылоит. Апандемиа аамҭазы ари аус шеиҿкаахо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа ахадара аҵара аусбарҭа аспециалист хада Марина Арышԥҳа.
Хра злоу ахҭысқәа: Арышԥҳа актәи акласс ахь Аҟәа ахәыҷқәа рыдкылара иазкны

"Ҳәарада, асанитартә шәагазагақәа ирықәыршәаны ахәыҷқәа реихшара уадаҩуп, еиҳарак ашкол дуқәа рҟны. Иара ашкол аҭыӡҭыԥ ааигәа инхо рыдагьы, егьыс аҵара зҵар зҭаху ахәыҷқәа рацәаҩуп. Убри инамаданы ҳара ҳҽазԥаҳшәоит иаҳзыҟаҵозар ҳәа, уи адагьы ԥсыхәа ҳамаӡам, избанзар аамҭа иаҳнарбеит аҿкы чымазараан ахәыҷы рацәа реилартәара шахәҭам. Ҩажәак инареиҳаны ахәыҷқәа класск ахь иҳадҳамкыло ҳәа иӡбаны иҟоуп. "Сара абри арҵаҩ лахь исҭахуп" ҳаҟәыҵроуп… Алагарҭатә классқәа рҟны ҳарҵаҩцәа зегьы рхы аус адырулоит, хар рымамкәа аус руеит, убри азы аӡәы далхны егьырҭ акгьы иаԥсам ҳәа аҳәара иашам", - лҳәеит Арышԥҳа.

Лара иазгәалҭеит ҩажәаҩык ахәыҷқәа иреиҳамкәа аклассқәа рышьақәыргылараан аҵара апроцесс ашьыжьтәи шьыбжьонтәи амшԥҵәақәа рыла еихшахоит ашкол дуқәа рҟны ҳәа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0