Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Думаа: асас уиеихсуа - уи дамыӷароуп, амилаҭ зегьы ҳзы ԥхашьароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАполлон Думаа
Аполлон Думаа - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2021
Анапаҵаҩра
Абџьар аныҟәгара аԥҟарақәа аԥсуаа рҿы ишыҟаз, насгьы иахьатәи аамҭаз уи иацу ашәарҭареи атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны абыргцәа рхеилак ахантәаҩы Аполлон Думаа.

 

Думаа: асас уиеихсуа - уи дамыӷароуп, амилаҭ зегьы ҳзы ԥхашьароуп

"Абџьар аԥсуаа ахаангьы иныҟәыргон. Хыхьчагас насгьы ахьӡи ахьмыӡӷи рзы. Иныҟәыргон аҟама, аҳәа, акьарахә, аха уи ианаҭахыз ҳәа аамҭа ыҟан. Асовет аамҭазы ус азин ыҟаӡамызт. Абџьар ныҟәызгоз ашәарҭадаратә маҵзураҿы иҟаз мацара ракәын", - ҳәа игәалаиршәоит Думаа.

 

Абыргцәа рхеилак ахантәаҩы иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭаз абџьар ԥынгылада иааухәар ахьулшо аҟнытә, аҭагылазаашьа еиҳагьы иуадаҩхеит ҳәа.

"Абџьар зырҭо ихы еиқәшәоума, дҳәатәхаҵаҩума, аҵҟьара бзиа ибома, ус еиԥш иҟоу гәаҭатәуп. Инеиԥынкыланы абџьар рыҭара ииашаӡам. Пицунда иҟалаз аус даара сгәы иалсит. Аԥсуаа иаҳҭааз асас пату иқәаҳҵон ҳхаҟара, ҳабацәа ҳабдуцәа ус иҟан. Асас иуҭаауа уиеихсуа - уи дамыӷароуп, иара иҟазҵаз изы акәӡам, ҳара амилаҭ зегьы ҳзы ԥхашьароуп. Ҳара ауаҩреи аламыси ныҟәызгоз милаҭын. Асас ихы акы аҭәаишьазарагьы, уи иара иламыс иабароуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Думаа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Пицунда апансионат "Самшитовая роща" аҟны атуристцәа реихсра иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0