Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит Аҟәа араион иамоу лшарақәак ртәы

© Sputnik / Марианна Кубрава Алхас Читанава
Алхас Читанава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Анапаҵаҩра
Ааигәа Аҟәа араион ахадас дшьақәырӷәӷәан Алхас Ҷыҭанаа. Иара иҭакԥхықәра иаҵанакуа аус азы игәҭакқәа ртәы иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит Аҟәа араион иамоу лшарақәак ртәы

"…Аибашьра ҟалаанӡа араион аҟны аобиект дуқәа ыҟан Асовет Еидгылаҟны амҽхак змаз. Иахьа урҭ гәыгәҭыжьуп, аха агәыӷра ҳамоуп Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа еиӷьхацыԥхьаӡа аспорт аганахьала иҳамаз аобиектқәа, аԥсшьарҭа ҭыԥқәа хәыҷы-хәыҷла аус руп ҳәа. Иахьазы алогистика атәы ҳҳәозар, еихамҩала аимадара аус ауеит, аха амшынтә еимадарагьы аӡәгьы иаҟәыимхыцт, жәытәнатә аахыс ишьақәгылоу мҩоуп. Уи ахарџьгьы егьырҭ аҳауала, машьынамҩала, еихамҩала ирықәурӡуа иузрыдкылом. Убри аганахьала азхәыцра ҟаҵазар… Шықәсқәак раԥхьа Ешыра ақыҭа амшын аҟны асқьала аӷба ахьадгыло иалаган, аха изыхҟьаз, мзызс иамоу сыздыруам, аусқәа аанкылан. Уа иманшәаланы иҟоуп, адәыӷба мҩагьы нагоуп. Урыстәыла иҭрыжьуа атауарқәа абра иааганы ишахәҭоу еихшаны аҭаԥсара, аилыхра аума, аус рыдуланы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рахь адәықәҵара хацыркызҭгьы, даара ихәарҭахон ҳәа сгәы иаанагоит, аха иахьазы уи азҵаара гәыгәҭыжьуп, азхәыцра зҭаху ауп", - иҳәеит Ҷыҭанаа.

Шәазыӡырҩы аудио.

Ажәабжьқәа зегьы
0