Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Габлиа аҵарашықәс алҵшәақәа ирызкны

© Sputnik / Марианна Кубрава Инал Габлия
Инал Габлия - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2021
Анапаҵаҩра
Апандемиа аан аҵара асистема алҵшәақәа зеиԥшроу, аҵаҩцәа рдыррақәа рыҩаӡара, ашколхәыҷқәа реихшара асистема, аматериал-техникатә база уҳәа азҵаарақәа жәпакы дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Габлиа аҵарашықәс алҵшәақәа ирызкны

"…Аԥышәа иҳанаҭаз адырра иҵегьы ҳхы иаҳархәоит, ирыцаҳҵоит ҳсеминарқәа онлаин аформат ала аурокқәа рымҩаԥгара, ихымԥадатәиуп ус еиԥш аҽазыҟаҵара апандемиа аан… Ҳара уажәшьҭа еилаҳкаароуп апандемиа макьана џьаргьы ишымцо. Ашкол ахь ҳныҟәозаргьы, уи аформат ҿыц иахьынӡаҳалшо ҳхы иаҳархәароуп. Жәаҳәарада, атрадициатә формат ааныжьтәуп. Ашкол зыԥсахуа ҟалом, онлаин-формат уи цхыраагӡоуп", - иҳәеит Габлиа.

Аминистр убасгьы адырра ҟаиҵеит ишӡыргахо аԥсуа бызшәазы арҵагатә шәҟәы иаԥсыуам ашколқәа, мамзаргьы абызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа рзы.

Инал Габлиа дазааҭгылеит ашколхәыҷқәа излауала реихшара азҵаарагьы, школқәак рҟны аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара маҷзар егьырҭ рҿы инаҩцаны иҟоуп.

Аиҿцәажәара инарҭбааны аудиофаил аҟны шәазыӡырҩыр шәылшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0