Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьониа Гал амшцәгьа иахҟьаны араса иаҭоу аԥхасҭа иазкны

© Foto / предоставлено Лери Шония Лери Шония
Лери Шония - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Анапаҵаҩра
Гал араион агроном хада Лери Шьониа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит амшцәгьа иахҟьаны араион ақыҭақәа жәпакы рҿы арасаҭарақәа ааха ду шрыҭоу.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шьониа Гал амшцәгьа иахҟьаны араса иаҭоу аԥхасҭа иазкны

Амҽыша ԥхынгәы 4 рзы Аԥсны аԥшатлакәи ақәаршыҩи ахысит. Уи иахҟьаны Аҟәа аԥхасҭа аиуит, аҩнқәа рхыбқәа рыхнахит, аҵлақәа каҳаит, афымцацәаҳәақәа ԥыҵәҵәеит.

"Гал араион амшын иаԥну ақыҭақәа рҿы агәаҭарақәа мҩаԥаагеит. Аԥхасҭа ӷәӷәоуп араса аганахьала. 50% аҽаҩра ахьыршәшәаз аҭыԥқәа ыҟоуп. Иара убас заа иларҵаз аџьықәреи ахьканажьыз аҭыпқәагьы ыҟоуп. Иҳамоу аинформациала ашьха иаԥну ақыҭақәа рахьгьы аԥша ӷәӷәаны иасит. Аха макьана уахь ҳцаны иҳамбацт. Ахәшәтәра аганахьала ҳаиқәшәоуп. Ицаз амзазы жә-қыҭак рҿы ахәшәтәра мҩаԥган вертолиотла. Уажәы еиҭаҳауит ахәшәқәа. Урҭгьы шаны арыҭара ҳаҿуп. Гал араион араса аганахьала аҽаҩра бзиа ҳазыԥшын, аха иацтәи амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа бааԥсы ҳауит", -иҳәеит Шьониа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0