Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сабуа еиҭеиҳәеит амшын аҟны аӷба маҷқәа ргәаҭара иаанарԥшыз

© Sputnik / Марианна Кубрава Тенгиз Сабуа
Тенгиз Сабуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амшын аҟны агәаҭарақәа иаадырԥшыз атәы.
Сабуа еиҭеиҳәеит амшын аҟны аӷба маҷқәа ргәаҭара иаанарԥшыз

Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзуреи Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иаҵанакуа зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭқарратә инспекциеи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аҳәаахьчаратә усбарҭа ашәарҭадаратә маҵзуреи рхаҭарнакцәа амшын аҟны агәаҭаракәа еицымҩаԥыргеит. Аусмҩаԥгатәқәа рхықәкы, зышәагаа маҷу аӷбақәа рыԥшәмацәа ирзарбоу аԥҟарақәа шаҟа ирықәныҟәои дрылацәажәеит Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.

"Ас еиԥш агәаҭарақәа есымза имҩаԥаагоит, аха аԥхын иаҳа ирлас-ырлас, избанзар амшын иху аӷба маҷқәа роума, агидроциклқәа уҳәа ирацәахоит. Уажәы Аҟәа ақалақьи араиони рҟны агәаҭарақәа мҩаԥаагеит, иазгәаҳҭеит аӷбақәа ауаа ахьыӡсо ишнеиуа, уи азы адыргақәа ыҟазар ауп, ргәырҽанаҳҵеит ахараԥса шыддыршәо. Урҭ рзы ақалақь ахадараҟны ауадаҩрақәа роуит, аамҭа раҳҭарц аҳәара ҟарҵеит. Аԥсны иахьаҵанакуа хә-ԥшаҳәак роуп ишахәҭоу аӡҭалара иахьазыҟаҵоу. Ҳгәы иҭоуп ахәаша ҩаԥхьа ақалақьқәа рхадарацәа ҳарԥыланы ҳрацәажәарц", - иҳәеит Сабуа.

Иаҳа инарҭбааны аицәажәара аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0