Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Хәаџьааԥҳа COVID иацу ашәарақәа ртәы

© SputnikАльбина Ходжава
Альбина Ходжава - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.07.2021
Анапаҵаҩра
Аҳакьым – аневролог Альбина Хәаџьааԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи ауаа ачымазара ирзацу ашәарақәеи ртәы.
Хра злоу ахҭысқәа: Хәаџьааԥҳа COVID иацу ашәарақәа ртәы

"Ахәшәтәырҭаҿы аҭагылазаашьа даара иуадаҩуп, мчыбжьыкала 100-ҩык рыхәшәтәразы амч ҳаман. Аԥкрақәа залагалаз ажәлар рацәаюны ичмазҩымхарцаз ауп, ҽнак 100-ҩык иреиҳаны рыхәшәтәра даара иуадаҩхеит. Сара есыҽны сыҟаӡам аковид-центр аҿы, ацхыраара рыҭаразы сцалоит. Даара иуадаҩуп урҭ ирхырго атәы аҳәара. Рҭаацәа чмазаҩхаргьы урҭ кажьны ахәшәтәырҭахь ицароуп. Еицәоу аҭагылазаашьа ыҟоуп ҳәа сыҟам аҳақьымцәеи амедиаҳәшьцәеи рзы", - лҳәеит Хәаџьааԥха.

Аҳакьым–аневролог илҳәеит аҿкы ицәырнаго ашәарақәа ачымазцәа ишырныԥшуа атәы.

"Ачымазцәа аренимациаҿы ишьҭоу зегьы рыхшыҩ аус ауеит ицәажәоит, аха аҳауа рызхаӡом, рыԥсыԥ алагаҩагара рцәыуадаҩуп, рыла ҭраа ҳара иаҳҿыԥшуеит. Аимҳәа ианаклак еиҳагьы рыԥсыԥ рзылагаҩагаӡом. Ас еиԥш рганаҿ ишьҭоу ианырбалак  ашәара рызцәырҵуеит, уи азы хәҷык иҳарцәоит, рымчқәа зегьы ршәарахь имцартә еиԥш. Згәабзиара хәҷык еиӷьугьы рхымҩаԥгашьа еиԥшӡам, иҟоуп згәы зырӷәӷәо, иҟоуп ишәогьы", - ҳәа еиҭалҳәеит Хәаџьааԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0