Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ашәԥҳа COVID-19 аҽацәыхьчаразы: ари аепидемиатә еибашьроуп, иааҟәымҵӡакәа иҳәалатәуп

© Foto / Facebook/Alina AshubaАлина Ашуба
Алина Ашуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2021
Анапаҵаҩра
COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб аинформациала ачымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара есааира иацлоит. Франциа инхо ҳџьынџьуаҩ Алина Ашәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит уаҟа аҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы ачымазара рыҽшацәырхьчуа атәы.
Ашәԥҳа COVID-19 аҽацәыхьчаразы: ари аепидемиатә еибашьроуп, иааҟәымҵӡакәа иҳәалатәуп
Ҳџьынџьуаҩ лгәаанагарала Аԥсны COVID-19 ишахәҭоу еиԥш ахҳәаа амаӡам, ахылаԥшра зынӡагьы иҟаӡам. Арахьынтә уахьахәаԥшуа уи даара угәы ԥнажәоит, - лҳәеит лара.
"Аԥсуа жәлар аҵара рымоуп, уажәы илашәу ҳәа аӡәгьы дыҟаӡам. Ирылаҳәатәуп иааҟәымҵӡакәа ачымазара иацу ашәарҭара, уи аҽшацәыхьчатәу. Зегьы иреиҵоу еиликаартә еиԥш, уи ҳамаӡам Аԥсны. Аҿар иԥсуа схәы-сжьы еиланаргылоит. Сара мацара исыхьӡом ҳәа акәымкәа, агәыла-азла идсмырхьып ҳәа ихәыцлатәуп, азеиԥш машьынақәа ирҭало ихы пату ақәҵаны ишныҟәатәу азы ахдырра рымазароуп, уи ахала иааӡом ирылаҳәалатәуп. Апрезидентгьы еиҳау аусқәа имазаргьы иҳәалароуп, ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟаиҵалароуп. Ари ажәлар реиқәырхара азҵаароуп. Франциа уи иацәыԥхамшьаӡакәа иалацәажәоит, ари аепидемиатә еибашьроуп, абри атәы иааҟәымҵӡакәа еиҭарҳәоит. Абызшәақәа зегьы рыла еиҭаганы иалацәажәоит. Исҭахуп Аԥснгьы убри еилкааны иеиҭарҳәаларц, аинформациа зегьы рҟынӡа инаӡартә еиԥш", - ҳәа еиҭалҳәеит Ашәԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0