Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа еиҭеиҳәеит адесант аруаа рхеилак иалоу рныҳәамш шазгәарҭо атәы

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Кварчия
Амиран Кварчия - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.08.2021
Анапаҵаҩра
Адесант аруааи иҷыдоу анапынҵа назыгӡо архәҭеи рхеилак ахантәаҩы, Леон иорден занашьоу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Амиран Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит рныҳәамш шазгәарҭо, рхеилак шаҟаҩы еиднакыло атәы.
Кәарҷиа еиҭеиҳәеит адесант аруаа рхеилак иалоу рымшныҳәа шазгәарҭо атәы
Аҳауа-десанттә ар ирныҳәамшуп иахьа. Урыстәыла ари архәҭа еиҿкаауижьтеи 91 шықәса ҵит. Адесант аруаа атәыла ашәарҭара ианҭагылоу, аԥхьагылара ҟазҵо аибашьцәа ирхыԥхьаӡалоуп. Аҭоурых ду змоу, ззыҟаҵара ҳараку, агәаӷьреи ахаҵареи аазырԥшуа аруаа еснагь аԥсадгьыл ахьчараҿ игылоуп. Адесант уаа рымшныҳәа Аԥсны иазгәарҭоит 2005 шықәса раахыс. Дара реиҿкаара еиднакылоит 90-ҩык инарыцны аруаа, аибашьра аветеранцәа. Ари арратә хырхарҭала зуалԥшьа назыгӡахьоу дреиуоуп адесант аруааи иҷыдоу анапынҵа назыгӡо архәҭеи рхеилак ахантәаҩы, Леон иорден занашьоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Амиран Кәарҷиа.
Шәазыӡырҩы аудио.
Ажәабжьқәа зегьы
0