Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аҟәысба Ҭырқәтәыла амцакрақәа рзы: ари ашәышықәсазы ас амцашоура ҳаракны иҟамлаҵызт

© Sputnik / Зафас ГамгияАтанур Акусба
Атанур Акусба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.08.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәытәыла аԥсуахеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иахьазы амцакрақәа рзы иҟоу аҭагылазаашьеи, урҭ раанкылара ахьынӡалшои, насгьы мзызс ирымоу атәы.
 
Аҟәысба Ҭырқәтәыла амцакрақәа рзы: ари ашәышықәсазы ас амцашоура ҳаракны иҟамлаҵызт
"Амцакрақәа 32 қалақь рҿы иҟоуп. Аҳәынҭқаррақәа дара рхала ацхыраара ҟазҵарц зҭахыз иаарышьҭит ацхырааҩцәа, иара убас Украинантәи Урыстәылантәи иаашьҭуп аҳаирпланқәа. Еиҭа Европа еидгыла аҟнытә иаарышьҭран иҟоуп ацхыраара ҳәа адырра ыҟоуп", - иҳәеит Аҟәысба.
 
Иара иазгәеиҭеит амцакрақәа рымҽхак акыр ишыҭбаау.
"Аҩнқәа, асасаирҭақәа, ақыҭақәа, ауаа рырахә блит. Акурорт ҭыԥқәа рахь инеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҟәысба.
Ҭырқәытәыла аԥсуахеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы еиҭеиҳәеит асоциалтә медиақәа рҿы иҟоу аинформациала амцакрақәа мзыс ирымоу атәы. Иазгәеиҭеит, атәыла аҭоурых аҿы асҟаамҭа аӡаӡа млеижьҭеи акыр шааҵуа, иара аԥшасрагьы шыҟоу атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
 
Ажәабжьқәа зегьы
0