Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Хаҳәбиаԥҳа Тҟәарчал араион аҵарашықәс ҿыц ахацыркра иазкны

© Foto / предоставлено Фросей ХахубияФрося Хахубия
Фрося Хахубия - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.08.2021
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал араион аҵараҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фросиа Хаҳәбиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ашколқәа рҿы аҵарашықәс ахацыркразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Хаҳәбиԥҳа Тҟәарчал араион аҵарашықәс ҿыц ахацыркра иазкны
"Цәыбррамза 1 рзы ашколқәа рышәқәа аартразы гәҭыха змам ҳәа дыҟам. Имаҷым ари азҵаара иазхәыцуа. Адистанциатә ҵара Аԥсны ашколқәа изылшо ыҟазар ҟалап, жәаҳәарада, аха Тҟәарчал араион ашколкәа рзы акарантин ҟаларгьы, арҵара цароуп ашкол рҿы ҳәа агәаанагара сымоуп. Уи аус аиҿкаара иазхәыцуеит ҳраион ахадара. Хара хәыцрала уахәаԥшуазар, ари инымҵәо аҿкы чымазароуп, убри аҟнытә ашколқәа русура нырымкалар ҟалап ҳәа агәаанагара сымоуп. Ашкол аусура ахәыҷқәа еиҳагьы иахьчозар ҟалап. Ахәыҷқәа зегьы гәаҭан, асанитартә хылаԥшра бзиа ҟаҵаны, ҵыԥх ҳшалагаз еиԥш сынтәагьы, аҵара аус аиҿкаара, хымԥада, иахәҭоуп ҳәа сыԥхьаӡоит", -  еиҭалҳәеит Хаҳәбиаԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0