Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Логәуеи Кәарҷиеи аҭыԥантәи асувениртә аалыҵ иазкны

© SputnikМикрофон
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҭыԥантәи асувениртә аалыҵ иахьазы аларҵәара абанӡамоу, иалшома уи Китаинтә иаагоу аҿагылара, абри азы арадио Sputnik аҿы ргәаанагара рҳәеит Аԥсны Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиеи акультуреи аҭҵаарадыреи рызҵаарақәа рзы атәыла ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуеи.
Аҭыԥантәи аалыҵ ҟазҵо аҟазацәа ыҟоуп, аха ҳалаҽхәартә еиԥш уи аларҵәара амам ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараан Кәарҷиа.
Атәыла ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа иажәақәа рыла, аҭыԥантәи аалыҵ аџьармыкьаҿы ирацәаны иҟазарцаз, аусура хацырктәуп аҵараиурҭақәа рыла.
Хра злоу ахҭысқәа: Логәуеи Кәарҷиеи аҭыԥантәи асувениртә аалыҵ иазкны
"Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҿы иҟазароуп адекоративтә хырхарҭа. Асовет аамҭазы ус иҟан. Уа иалгон амҿы аус адызулоз, акерамика аус адызулоз. Ауниверситет аҿы макьана адекоративтә хырхарҭа ҳзаамыртӡац, уи иақәнаго абаза азхәыцра ҳаҿуп, аҟазарҭақәагьы акык-ҩбак рыҟаҵара ҳрылагахьеит, уи адгылара, хымԥада, иаҭахуп. Аҿар рыла ҳаламгар, ҳашьҭахьҟа зегь акоуп ҳгьежьуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.
Акультуреи аҭҵаарадырреи рызҵаарақәа рзы атәыла ахада иабжьгаҩ иҳәеит иахьа ирҭиуа еиҳарак аҵараиурҭа иалгахьоу рнапы иҵырхуа шакәу. Хатәгәаԥхарала аӡырҭа хәыҷқәагьы аартны ирымоуп, аха ари зегьы зус бзиа избо роуп, уи маҷуп, хымԥада, аҳәынҭқарра ари иазхәыцроуп, аха макьана алҵшәа ҟалартә еиԥш, адгылара ҟалартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0