Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьопуа Гал араион ақыҭанхамҩа ахырхарҭала апрограммақәа ирызкны

© Sputnik / Леон Адлейба Нарсоу Джопуа
Нарсоу Джопуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2021
Анапаҵаҩра
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Џьапуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа адгылара азҭо афатәи-ажәтәи ақыҭанхамҩеи ООН апрограмма аспециалисти араион ахадареи реиԥылараҿы излацәажәоз атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьопуа Гал араион ақыҭанхамҩа ахырхарҭала апрограммақәа ирызкны
"Аиԥылараҿы иалацәажәан аԥсабара ахьчара, ауҭраҭых алҵшәа аманы аарыхра уҳәа азҵаатәқәа. Ҩымз иалагӡаны ҩ-программак проект ҳасабала ирыдыркылараны иҟоуп. Уаанӡа Гал араион аҿы иҟаз абылрақәа уаҳа иҟамларцаз ацхыраара ҟарҵоит. Аҩбатәи апрограмма - анхацәа иаадрыхуа ауҭраҭых 40-50% еиҳаны алҵшәа аиурцаз, уи иааҭаху аминералқәа рыҭара, апты иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥырҟәҟәара. Ҳаԥхьаҟа иазгәаҭоуп галтәи агуманитартә коллеџь аҿы агрономцәа рҵара акурсқәа. Ари араион азы ихадоу хырхарҭақәаны иалкаауп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0