Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сергегиаԥҳа аҵарашықәс алагара азҵааразы: ачымазара ахьынтәиаауа ашкол аҟынтә акәӡам

© Sputnik / Леон Адлейба Оксана Сергегия
Оксана Сергегия - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2021
Анапаҵаҩра
Амилаҭзегьтәи аҭаацәаратә хеилак алахәыла Оксана Сергегиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы сынтәатәи аҵарашықәс алагара аԥеиԥш азы лгәаанагара лҳәеит.
Сергегиаԥҳа аҵарашықәс алагара азҵааразы: ачымазара ахьынтәиаауа ашколаҟынтә акәӡам
"Ашкол, аҭаацәа зегьы ргәы иҵхо зҵаароуп. Ачымазара астатистика зегьы игәцаракны иҳамоуп, игәнаҳгоит арбагақәа. Ахеилак иалоу аҭаацәа ргәы иаанагоит ашкол аарттәуп ҳәа. Ачымазара ахьынтәиаауа ашкол аҟынтә акәӡам. Уи иаҳнарбеит ҵыԥхтәи аԥышәа. Усҟан ԥшьымз аҵара рҵон ахәыҷқәа, егьи абжьара аҩны иҟан. Ас еиԥш ҳақәшаҳаҭым. Уажәнатә иӡбаны иҟазар акәын ахәыҷқәа ашкол ахь рнеиразы иаҭаху зегьы. Аибашьраан сара гагратәи ашкол сҭан. Ақалақь ахы ианақәиҭыртә иаразнак ашкол аадыртит. Зегьы еилаҳқаауеит арҵаҩцәеи ҳхәыҷқәеи ргәабзиара азҵаара шхымԥадатәиу, аха уи адагьы аҵара процесс аанкылара ицәырнагоит егьырҭ ауадаҩрақәа. Иаҳҳәап, зегьы ирымаӡам алшара хаҭала арҵаҩцәа рахь аныҟәара, анаҩс ахәыҷқәа рыбжьара аиҟарамра цәырнагоит", - ҳәа азгәалҭеит Сергегиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы. 
Ажәабжьқәа зегьы
0