Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷелиаԥҳа апандемиазы аҵарашықәс иазкны: арҵаҩцәа рыбжьара аусура мап ацәызкыз ыҟаӡам

© SputnikАда Кварчелия
Ада Кварчелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҵарашықәс ҿыц азы шаҟаҩы актәи акласс ахь зшьаҿа еихыргаз, аҵара апроцесс шымҩаԥысло.
Кәарҷелиаԥҳа аҵарашықәс ҿыц иазкны: арҵаҩцәа рыбжьара аусура мап ацәызкыз ыҟаӡам
"Бжьаратәла ҩ-нызқьҩык инареиҳауп ахәыҷқәа хыԥхьаӡарала. Цәыбррамза 15 рзы урҭ рхыԥхьаӡара шьақәгылоит. Арзаҳал ишахәҭоу зегьы инаргаӡом азы еилкааны иҳамам. Ҳтәылаҿы 155 школ ыҟоуп, ҩ-школк хатәы школқәоуп, "Алашара" ашколи, "Альфеи". Ашколхәыҷқәа рхыԥхьаӡара 28 000 иреиҳауп. Арҵаҩцәа 4 000 рҟынӡа инаӡоит. Апандемиа аамҭазы аусура арҵаҩцәа рыбжьара рҟынтә мап ацәызкыз ыҟаӡам. Аха алаҵа агәыҩбара зызцәырнагаз ыҟоуп. Мчыла уи аӡәгьы иҳазидгалаӡом, ауаҩы хатәгәаԥхарала иҟаиҵароуп. Егьыс зегьы аҭаацәагьы, арҵаҩцәагьы иазыԥшын ашкол ахь ацара", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәарҷелиаԥҳа.
Аурокқәа ҵыԥх еиԥшымкәа сынтәа есыҽны имҩаԥыргалоит. Хымԥада ирықәныҟәоит ашәарҭадаратә ԥҟаррақәа, ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы лара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0