Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Мышәба аҵарашықәс ҿыц алагаразы: ҳастудентцәа зегьы макьана изҭыҵӡом, аус руеит

© Sputnik / Томас ТхайцукДжумбер Мушба
Джумбер Мушба - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аиҳабы Џьумбер Мышәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ахәыҟаҵаҩ изанааҭ алызхуа рхыԥхьаӡара зеиԥшроу, насгьы аҵараиурҭа иадҵаало ахьынӡарацәоу.
Мышәба аҵарашықәс ҿыц алагаразы: ҳастудентцәа зегьы макьана изҭыҵӡом, аус руеит
"Цәыббрамза 1 инаркны ихацыркын аҵаратә процесс. Ахәыҷқәа актәи амш азгьы ирыман аурокқәа. Астудентцәа зегьы зымааиӡеит. Иасны иаҳарҳәеит макьана аус шыруа азы. Асезон нымҵәацт, ҳаргьы русура иамхны раагара ҳҭахымызт. 50-ҩык рҟынӡа ахәыҟаҵаҩцәа ҿыц иаҳзааит, иахьагьы иасуан иадҵаалон, иҭаларц зҭаху ыҟоуп. Амза нҵәаанӡа иҭало рхыԥхьаӡара иаҳа ирацәахап ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Мышәба.
Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аиҳабы еиҭеиҳәеит аҵараиурҭаҿы ҿыц иҟаҵаз алабораториа аусура шеиҿкаау атәы.
"Ҵыԥх аасҭа ишахәҭаз алабораториа аус амуӡеит. Сынтәа аҵаратә план инақәыршәаны аусурақәа мҩааԥагрц ҳҭахуп. Афатә ҳара ҳамчала, ахәыҷқәа рымчала иаахәалахоит. Аӡәы ауҭраҭых ааигоит, ҽаӡәы даҽакы адигалоит, абас алабораториа еиқәҳаршәоит. Афатә азы аусура бжьаҳажьӡом", - ҳәа еиҭеиҳәеит Мышәба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0