Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аҳәба исахьаркны аԥхьаразы онлаин-конкурс иазкны

© Sputnik / Марианна Кубрава Алан Ахуба
Алан Ахуба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла имҩаԥнагоз исахьаркны аԥхьаразы онлаин-конкурс аихшьаалақәа рыла 1-тәи аҩаӡара адиплом зҽаԥсазтәыз Ҷлоутәи абжьаратә школ 10-тәи аклас аҵаҩы Алан Аҳәба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аицлабра иалахәхара шыҟалаз атәы.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аҳәба исахьаркны аԥхьаразы онлаин-конкурс иазкны
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ажиури иҟанаҵеит аҿар рыбжьара исахьаркны аԥхьаразы онлаин-конкурс аихшьаалақәа. Уи азкын аԥсуа шәҟәыҩҩы Иван Ҭарба 100-шықәса ихыҵра.
"Аицлабра аихшьаалақәа даара сырзыԥшын. Сақәгәыӷӡомызт аиааира згоит ҳәа. Ҳашкол адиректор исабжьалгеит аицлабра аҽалархәра. Ажәеинраала алысхит схала, исгәаԥхоз, уи Иван Ҭарба "Изнышәынҭрада" акәхеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҳәба.
Алан Аҳәба арадиоефир аҿы иҳәеит иаԥхьаҟа дзиндырыҩхарц шиҭаху, уи азаанаҭ ала иҽазыҟаиҵоит. Алан ашкол аҿы аҵара бзиан иҵоит. Амаҭәарқәа зегьы рҿы хәбақәа имоуп. Иҳәоит, уи иуадаҩуп ҳәа, аха уҽазукыр, иуҭаххар изуҟамҵо ҳәа акгьы шыҟам.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0