Еибаԥшааз аишьцәа Ҭраԥшьаа

© Sputnik Сырма АшәԥҳаРушьҭу Ҭраԥшь Анхәаҟа иаара
Рушьҭу Ҭраԥшь Анхәаҟа иаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анхәа ақыҭа шьҭоуп Афон Ҿыц ақалақь азааигәара. Уа инхо аԥсуа ҭаацәарақәа рахьтә, иҟоуп ақалақьқәа рахь илбаақәаз. Аха урҭ идырӡӡом рабацәа ргәараҭа. Аԥсы ҭоуп ажәытәтәи рхәышҭаарақәа, иҩарышьҭуеит рылҩаҵә. Ирацәоуп улаԥш хызкуа аҭыԥ ԥшӡарақәа, урҭ ирызкыу ажәлар рҳәамҭақәа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Гәырӷьаран уи аҽны Анхәа ақыҭан, Ҭраԥшь Оҭарбеи иҭаацәараҿы. Уаҟа еизеит ауа-аҭахы, ахәыҷы-аду, аижәлантәқәа. Урҭ зегьы ззыԥшыз, Ҭырқәтәылантәи забдуцәа рџьынџь дгьыл абаразы Анхәа ақыҭа иаҭаараны иҟаз  Рушьҭу  Ҭраԥшь иакәын. Аҩнаҭа аԥшәма Оҭарбеи, иԥсҭазаара далҵхьеит. Иԥшәма ԥҳәыс Зульетта Қардиаԥхҳаи иареи ирааӡеит ԥшьҩы ахшара, хҩы аԥацәеи, ԥҳаки. Ирызҳауеит рмоҭацәа.

"Сара аҩнра ҳәа ақыҭахь санаа инаркны, даара бзиа избеит сызланагалаз сыуаажәлар. Аиҳабацәа хазынақәа ҳаман. Даара бзиа ҳаҟан. Ус, аибашьра ҳахьӡагәышьеит. Аԥсҭазаара аҽаԥсахит. Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҳацәҭахаз рацәаҩуп. Згәараҭа ашә акқәазгы ыҟоуп. Ҭраԥшьаа иреиуаны, Ҭырқәтәылантәи, аибашьра ҟалаанӡа, иабдуцәа ахьаныҵыз аҭыԥ ибарц аӡә даҳзаахьан. Анцәа ду иџьшьоуп, ҳаибабо ҳахьыҟалаз, ҳамҩақәа ахьаатыз. Ҳара ҳзы даара игәадуроуп Ҭырқәтәылантәи ҳаззыԥшу а-Ҭраԥшь ҷкәын ибара.  Сыҷкәынцәа реиԥш дсыԥхьаӡоит, нан!" – лҳәоит лгәырӷьара ҳәаак амамкәа аҩнаҭа аԥшәма ԥҳәыс, Зульетта Қардиаԥҳа.

© Sputnik Сырма АшәԥҳаЗульетта Қардиаԥҳаи Рушьҭу Ҭраԥшьи реиԥылара
Зульетта Қардиаԥҳаи Рушьҭу Ҭраԥшьи реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Зульетта Қардиаԥҳаи Рушьҭу Ҭраԥшьи реиԥылара

Иҟан аамҭак, аҳәаанырцә инхо аԥсуаа рашьцәеи дареи еибабартә еиԥш аҭагылазаашьа анрымамыз. Аха, маҷ-маҷ иҳабжьаз аихатә гәашәқәа аатуа ианалага, аигәныҩра аҳәаақәа еиҳа рыҽдырҭбааит. Еибабоит, еибаԥшаауеит еицәыӡхьаз аишьцәеи аижәлантәқәеи, ирыбжьалоит агәыбылра.

Абар, Рушьҭу Ҭраԥшь Анхәа ақыҭан, иашьцәа Ҭраԥшьаа рыгәҭаны. Изеибабом ргәазхара, аамҭаказы аҭоурых еиҟәнашаз аԥсуаа…

"Аԥснынтә Ҭраԥшьаа ахҵәара ианақәшәа, урҭ ирыцын Аргәынааи, Смырааи. Ҭырқәтәыла иахьнанагаз, Амшын Еиқәа азааигәара, Синоп, рҭыԥ ылырхыр акәхеит. Изларҳәо  ала, Ҭраԥшьаа рыԥсадгьыл иахыган шәы-ҭӡык инарзынаԥшуа. Сара сызқәымгәыӷуаз сақәшәеит. Исԥылаз аԥсуаа, избаз сашьцәа, сыԥсадгьыл, ҩынҩықәра нысҵыргьы исхашҭуам. Исцәыхьанҭахашт сашьцәеи сареи ҳаиԥырҵра. Уи сара сзы даҽа хҵәарак иаҩызахашт. Уажәшьҭа санаауа схәыҷқәагьы, сыԥшәмагьы сыманы саауеит", – дцәажәон ҳџьынџьуаҩ Рушьҭу.

"Ҳара ҳабду иашьцәа ҩыџьа ыҟан. Хыши Ҳанашәи рыхьӡын. Урҭ Ҭырқәтәылаҟа иагеит. Руаӡәк хҩык ахшара иман. Егьи дҭаацәараӡамызт. Иахьа уажәраанӡа рхабар ҳәа акагь ҳаздыруам. Ҳара, Анхәа ақыҭа ҳиит, ҳааӡеит. Ҳаб иҩны уаҩ дахым, ашә аркыуп. Ҳашьцәеи ҳареи ҳаибабара еиҳау гәырӷьарас иҟоузеи?! Ҳабжьы заҳауа аӡәыр шәыҟазар, шәхынҳәы шәыҩныҟа, абааԥсы!" – лылаӷырӡқәа ддырцәажәомызт аамҭаказы Анхәа ақыҭа инхоз, Наҭелла Ҭраԥшьԥҳа.

Асҭанда Ҭраԥшьԥҳа лакәзар, гәыблыла илгәалалыршәоит, Ҭырқәтәылантәи Аԥсны иаан иҟаз, акәашаратә ансамбль "Радеда" аҟны икәашоз ҳџьынџьуаҩ Шамиль Ҭраԥшьи лареи раԥхьтәи  реибабара.

"Ари аиԥылара иҵаулаз агәыбылра аман. "Сашьа" – ари ажәа аҳәара сацәшәаӡом. Избанзар, ҳара шьаки-даки еицалҵыз ҳауп. Аҳәаанырцә инхо ҳашьцәа реиҳа иаҳзааигәоу уаҩ дҟалараны дыҟаӡам. Еилыскаауеит зегьы Аԥсныҟа ишзымаауа. Дара арахь раара, сара сзы  жәҩангәашәԥхьарак иаҩызоуп. Ԥшьҩык аиҳәшьцәа сымоуп, ахатәы ешьа дсымаӡам. Ииашоуп, аратәи ҳашьцәа ҳавагылоуп, ҳрызгәыдууп. Аха, уахь иҟоу еиҳагьы ҳгәы рызҷыдоуп, ҳрызхьаауеит цәгьала", – лҳәоит Асҭанда.

© Sputnik Сырма АшәԥҳаРушьҭу Ҭраԥшь
Рушьҭу Ҭраԥшь - Sputnik Аҧсны
Рушьҭу Ҭраԥшь

 

Егьа аамҭа царгьы, еибабоит еицәыӡхьаз аишьцәа, аижәлантәқәа. Рыԥсадгьыл иазыхынҳәуеит акыр шықәса уи иахыгаз аԥшәмацәа. Ҭраԥшьаа реибабара иацын агәырӷьаратә лаӷырӡы. Аԥсадгьыл иадырганы, иабдуцәа иртәышьҭраны, Рушьҭу ижәлантәқәа Ҭырқәтәлаҟа игаразы ирҭеит аӡахәа.

"Шәабацәа, урҭ рабацәа иркәалшьҭроуп аӡахәа. Мышьҭабзиала иҳабжьысааит. Ҳаибабара еиԥымкзааит. Ҳзеиԥш дгьыл ҳаицаԥшәымацәазааит!" – дныҳәон Зульетта Қардиаԥҳа.

Ари ахҭыс хаҭала салахәын. Имҩаԥысит 2008 шықәсазы, Анхәа ақыҭан. Ҳазҭагылоу аамҭазы, еибаԥшааз аишьцәа  Ҭраԥшьаа, лассы-лассы еигәныҩуеит ҭелла, интернетла. Аҭыԥантәи Ҭраԥшьа, Рушьҭу иҭаацәеи иареи Аԥсныҟа рыхынҳәра акыр иазыԥшуп. Агәыӷрагьы рымоуп рыгәҭакы наӡап ҳәа!

Ажәабжьқәа зегьы
0