Аҳмеҭ Ҳаԥаҭ: ҳлеишәа, ҳқьабз, ҳҵас, рыззегьы зыхьчо ҳаԥсадгьыл ауп

© Sputnik / Томас ТхайцукҬырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа аиҳабы Аҳмеҭ Ҳаԥаҭ.
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа аиҳабы Аҳмеҭ Ҳаԥаҭ. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы Аԥсны дааны дыҟоуп Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа аиҳабы Аҳмеҭ Ҳаԥаҭ.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аҳмеҭ Ҳаԥаҭ Черкесск иқәҵны инеиқәаз, Ҭырқәтәыла Лоу-қыҭ ҳәа зыхьӡырҵаз ақыҭа аҿы диит. Уажәы Сҭампыл дынхоит. Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа деиҳабуп. Иара мышқәак ҵуеит Аԥсны дааны дыҟоижьҭеи, иуаажәлар дрылоуп, иԥсы ишьоит.

Ҳалуқ Саӡба иԥшәмԥҳәыси Гиульаи Храҷаԥҳаи. - Sputnik Аҧсны
Ҳалуқ Саӡба: есқьынагьы агәра згоит аԥсуа идоуҳамч

"Анцәа ҳаԥсадгьыл ҳагимыжьааит! Сара сыҷкәын дсыцны сааит, 20 шықәса ихыҵуеит, ауниверситет дҭоуп Ҭырқәтәыла, анџьныр изаанаҭ ала аҵара иҵоит. Сара шықәсык анаҩс тәанчара сцоит, нас сгәы иҭоуп хәыҷы-хәыҷла сыԥсадгьыл ахь аара, Аԥсныҟа нхара ахынҳәра", — иҳәеит Ҳаԥаҭ. 

Иара иашьа Низам ара дынхоижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Усҟан, Аԥсныҟа иаауаз астудентцәа дрыцааит.

"Ҳажәлар рыгәҭакы наӡартә еиԥш алшара роуааит. Ҳара ҳлеишәа, ҳқьабз, ҳҵас, рыззегьы зыхьчо ҳаԥсадгьыл ауп. Ҳара ҳбызшәа еиқәзырхаз ақыҭақәа роуп, ԥсышәала ҳцәажәон, аҭырқәшәала ацәажәара ҳацәыԥхашьон. Уажәы аамҭа аҽаԥсахит, ақыҭаҿы анхара-анҵыра, ауҭраҭых, арахә ааӡара маҷхеит.  Усҟан ақыҭа абарақьаҭра ацын. Уажәы азауадқәа, афабрикақәа рацәахеит. Ауаа ақалақьқәа рахь еихеит ахныҟәгаразы. Аԥсуара ӷәӷәазар, адунеи аҿы иҟало аҽыԥсахрақәа ҳԥырхагахаӡом", — ҳәа ациҵеит аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа аиҳабы. 

Аԥсуа федерациа 13 аԥсуаа ркультуратә центрқәа еиднакылоит. Ҭырқәтәыла, ҳауаажәлар ахьыҟоу акультуратә хеидкылақәа реиҿкаара иаҿуп. Уажәы, Синоп, Адана, Измир иҟоу апсуаа рзы адернеқь ашьақәыргылара ргәы иҭоуп.

Нуриҭҭин Ахба - Sputnik Аҧсны
Нуриҭҭин Ахба: ҳабацәа ҳанацәа иаҳдырбаз ала ҳхы ныҟәаҳгоит

"Раԥхьа адыгақәеи ҳареи ҳаилаԥсаны ҳаҟан. Усҟан бызшәак ала ҳзеицәажәаӡомызт, аҭырқәшәала ҳцәажәон. Уажәы сара ашәуа диалекти аԥсуа диалекти рыла сцәажәоит. Избанзар издыруеит, исҵеит. Адернеқьқәа рҿы зегь раԥхьа иргыланы ҳаԥсуара гәаҳҭоит, ахәыҷқәа, аҿар ирылаҳааӡоит, ашәаҳәара акәашара дҳарҵоит, ансамбльқәа еиҿкааны иҳамоуп, аԥсшәа раҳауеит. Ахәыҷы дышхәыҷу иаҳауа далагар, ажәақәа изымҳәозаргьы, ашьҭыбжь ихы иҭами, игәникылоит. Уажәы Аԥсны иааиргьы, ираҳахьаз аԥсуа жәақәа ргәалашәоит. Адыгақәеи ҳареи ҳаизааигәоуп, ҳхатәы мҩа ҳақәлазаргьы, ҳаиҩызара, ҳаиашьара иаԥырхагаӡам, шьак-дак иалҵыз ҳауп".

Аԥсуа Федерациа есымза аизарақәа мҩаԥнагоит, русқәа ԥсышәала ирылацәажәоит. Рдернеқьқәа ркультуратә центр Сҭамԥыл иҟоуп.

"Зегьынџьара ҳахьӡ ануп, ҳбираҟ ануп, маркаҵас егьырҭ амилаҭқәагьы ҳалардыруеит. Адернеқьқәа зегьы рҿы абызшәа арҵара акурсқәа ҳамаӡам. Абыржәы ааигәа, Измиҭынтә ихыркәшаны арахь дааит Аԥснынтә уахь инашьҭыз арҵаҩы. Адернеқьқәа аҳәыҷқәа иднарҵо рацәоуп. Сара зегь реиҳа сгәы иаахәоит санааҩнашыло ахәыҷқәа  ахьышәҭҳәа ианысхаҵгыло. Аԥсуа ихныҟәгара даҽакуп. Абызшәа азҵаара атәы сҳәозар, абызшәа нагӡаны ахьчара зылшо аԥсадгьыл ауп. Атәымџьараҿы  уи бжамҽаны иаанхоит. Уи ԥсҭазааратә ԥышәоуп. Ҳара ҳаԥсадгьыл анаҳахьча, хымԥада иаргьы ҳахьчоит. Аԥсадгьыл умазар, аҳәынҭқарра умазар, аԥсышәала ухәыцуазар, уи еиӷьу иарбан?! Ҳаззегьы ԥсыуала ҳхәыцуа ҳаналага, шәарҭара ҳҭагылаӡом". 

Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Орал Бганба - Sputnik Аҧсны
Орал Бганба: ҳаиҳабацәа иалырхыз амҩа ҳацәхьамҵроуп

Арепатриаҵиазы аҳәынҭқарратә еилаки афедерациеи аиқәышаҳаҭра рыбжьоуп аусеицуразы. Апрограммаҿы азҵаарақәа зегьы арбоуп аҳәынҭқарра ацхыраара арҭарц зларылшо.

"Иҟаҳҵаша акырӡа ирацәоуп иҵегьы. Аиԥылара мҩаԥаҳгеит Сонер Гогәуа напхгара зиҭо ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәеи сареи. Афонд имҩаԥнаго аусурақәа даара ҳгәы иаахәоит. Аԥхьаҟа адиаспора ҳганахь ала ацхыраара злаҟаҳҵаша азҵаарақәа ҳарзааҭгылеит, аиҿкааратә усқәа ҳрылацәажәеит", — иҳәеит Аҳмеҭ Ҳаԥаҭ. 

Аҟәа ақалақь администрациа аиҳабы аҳҭнықалақь амш ныҳәахь ааԥхьара ииҭеит. Уи ихы алаирхәыр иҭахуп. Нас, Ҭырқәтәылаҟа дхынҳәуеит.

"Аԥсны иҟоу сашьцәа, саҳәшьцәа рыззегьы, гәыла ԥсыла ирасҳәарц сҭахәуп: Ҳаԥсадгьыл ада царҭа ҳамаӡам. Аԥсҭазаара ԥшӡа  Анцәа ишәаҭәеишьааит. Хшыҩла аус еицаҳуп. Ҳҽеидаҳкылар, ҳамч-ҳалшара еидаҳҵар, иҳазмырҽеиуа ус ҟалаӡом. Шәныҳәазааит сыԥсадгьыл иқәынхо сыуаажәлар!"

 

Ажәабжьқәа зегьы
0