Маамун Маан: зегьы ирыцку сыхшареи сареи ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

© Foto / Сырма АшәԥҳаМаамун Маан
Маамун Маан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абар уажәшьҭа ԥшьышықәса ирықәуп Сириа инхоз ҳџьынџьуаҩ Маамун Маан иҭаацәа иманы иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дааижьҭеи. Иара хҩык ахшара драбуп, ҩыџьа аҭыԥҳацәеи арԥыски имоуп. Маамун Маан ҳаиҿцәажәараҟны иаҳзеиҭеиҳәеит иҭоурыхтә ԥсадгьыл иадҳәалоу ихәыцрақәа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

- Маамун, шәазааҭгыларц сҭахуп Сириа шәанынхозтәи аамҭа. 

— Сири иҟоу аԥсуаа, еиҳарак ҳахьынхоз Голлантәи аҳаракырақәа рҟны акәын. Анаҩс, ҳалбааит Дамаск ақалақь ахь. Голлантәи аҳаракырақәа рҟны жәақыҭак аԥсуа қыҭақәеи адыга қыҭақәеи еилаԥсаны иҟан. Уажәы уа аҭыӡқәа зегьы ҭацәуп. Аибашьра ҳаиԥхьанарттеит. Ишәасҳәарц сҭахуп, Сириатәи аҳәынҭқарраҿы ҳара ҩаԥхьа ҳшымҳаџьырхаз. Уаҟа имҩаԥысуа аполитикатә еибарххара иахҟьаны ицо ахҭысқәа жәдыруеит. Аԥсуаа рахьтә иҟоуп уатәи аҳәынҭқарра амаҵ азызуа, зыхьӡ нагоу ауаа. Уатәи аибашьраҟны имаҷҩым иҭахаз аԥсуа-дыга хылҵшьҭрақәа. 

- Сириа иҟоу аԥсуаа еиҳарак иарбан ҭыԥқәоу иахьынхоз?

Еқрем Хышба - Sputnik Аҧсны
Еқрем Хышба: Анцәа иџьысшьоит саԥсыуаны сахьишаз

— Сириа аԥсуаа ахьынхоз ақыҭа Мумсиа ахьӡын, еиҳарак уаҟа инхоз хылҵшьҭрала иаԥсацәан. Аԥсуа-дыга қыҭақәа еилаԥсоуп, ԥшьба-хәба ҭӡы аԥсуаа ахьнымхо ԥсыуа қыҭакгьы ыҟам. Хашьниа ҳәа ԥсыуа қыҭак ыҟан, иара убрагьы аԥсуаа рацәаҩны инхон, 20 ҭӡы инареиҳаны иҟан. Мумсиа шәыҭӡык инареиҳаны инхон аԥсуаа.

- Иҟоума абызшәа здыруа, аԥсышәала ицәажәо ҳхылҵшьҭрақәа?

— Ҳара ақыҭаҿы ҳанынхоз абызшәа еиҳа иаҳдыруан, уажәы ҳбызшәала ицәажәо аӡәык-ҩыџьак аиҳабацәа ҳаҟоуп. Ҳаныхәыҷқәаз араб бызшәа зынӡагьы иҳаздыруамызт, еиҳарак ҳазлацәажәоз адыга бызшәала акәын. Сара сангьы сабгьы аԥсацәан. Сан Леиԥҳан, Ҳанифа лыхьӡын, Ҭырқәтәыла диит, 40 шықәса инареиҳауп дыԥсижьҭеи. Сара сан лан, санду Ҵәыџьԥҳан. Саб иан ҟабарда ҭыԥҳан, аха  аԥсшәа лҳәон. 

- Иарбан ԥсыуа жәлақәоу еиҳарак иуԥыло?

— Сири аинхо ажәлақәа иреиуоуп: Гьечба, Арҩыҭаа, Кәыҿба, Маан, Маршьан, Чычба, Ҵәыџь, Уазра, Ааӡара, Азанԥа, Ҷқәа, Ҭран, Қәышьба уҳәа. Хыԥхьаӡарала иаагозар, аԥсуаа Сириа инхоз хәнызқьҩык рҟынӡа инаӡон. Урҭ зегьы шаԥсацәоу рдыруеит, рыжәлақәагьы шьақәыргыланы, еилкааны ирымоуп. Иҟоуп ҳаԥсацәоуп зҳәо, аха зыжәлақәа ззымдыруа. 

- Шәара  Аԥсныҟа  шәаара шԥаҟалеи?

Ҭоурыхла Џьгьарда ақыҭа иалҵыз Сеиҳан Ашәԥҳа - Sputnik Аҧсны
Сеиҳан Ашәԥҳа: Аԥсныдгьыл ааныжьны, сҽамыкәкәааны, сызлацарызеи

— Апрель 21 2013 шықәса рзы Аԥсныҟа сҭаацәа сыманы нхара сааит. Сара уи  аԥхьагьы сыԥсадгьыл ахь саахьан 28 шықәса раԥхьа. Уажәы сара сынхоит Аҟәа ақалақь. Аамҭала арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ҳаҩнқәа рқьыраԥса ахә ршәоит. Ҳааижьҭеи аҳәынҭқарра даара иаҳхаҵгылоит, ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп. Сара арахь санаауаз дсыцааит саҳәшьа еиҳабгьы, уи 90 шықәса дырзааигәоуп. Сара 70 шықәса сырҭоуп. Агәкажьра захьӡу сыздырӡом.

Анцәа иџьшьаны снышәнап сыԥсадгьыл аҿы иҟалап ҳәа сгәыӷуеит. Ҳаиҳабацәа убри ишалацәажәоз ауми рыԥсҭазаара ишалҵыз. Сара сыхшара среигәырӷьаратәы сыҟоуп. Амоҭацәа сымоуп сыԥҳацәа рҟынтә, сԥа маҷк агәамбзиара имоуп. Ҳара Сириантәи ҳанаауаз 200-ҩык инарзынаԥшуа Аԥсныҟа ҳааит. Ара инхо ҳашьцәа, ҳаиҳабыра, Сириа ицо аибашьра иаламӡааит ҳәа ҳзырҳәан, ҷыдала ҳаагаразы инарышьҭыз аҳаирплан ала ҳԥырны ҳааит.

Ахарџьқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахахьы иагеит. Ари раԥхьатәи гәыԥын. Анаҩс, иааит егьырҭ агәыԥқәагьы. Раԥхьа ҳара ҳанхон Аҟәа ақалақь асасааирҭа "Аиҭар" аҟны. Сириантәи иаақәаз ҳахьтә иҟоуп шьҭахьҟа ихынҳәқәаз, иҟоуп ара инхақәо. Адунеи аҿы ауадаҩрақәа ахьыҟам џьаргьы иҟаӡам. Аха ауаатәыҩса сахьала ишеиԥшым еиԥшым, ҟазшьалагьы еиԥшым. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, Сириантәи ҭаацәала зыԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз рахьтә иҟоуп зани заби хынҳәыз, аха зыхшара Аԥсны инхаз. Аӡәы ар далоуп, даҽаӡәы даҽаџьара аус иуеит, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ыҟоуп. 

Акыр шықәса раԥхьа Сириантәи ҳара ҳаԥхьа Аԥсны иаан инхоз аԥсуаа ыҟоуп. Ҳара ҳзы акраҵанакуеит, урҭ рахьтә Аԥсны ицоз Аџьынџьтәылатә еибашьра зхы алазырхәыз арԥарцәагьы ахьыҟоу. Реиҳараҩык ара инхоит, ара аҭаацәарақәа аԥырҵеит, ирызҳауеит рыхшара. 

Наиме Барцыц - Sputnik Аҧсны
Наиме Барцыцԥҳа: сылақәа ирбаз ала, сгәы раҳаҭӡа сыҟоуп

- Шәыԥсадгьыл аҿы шәнапы злакуи, шәхы зланыҟәыжәгои?

— Уажәы, аҿар азанааҭ змақәоу аус рымоуп, рыбызшәазгьы ибзиоуп, рыхныҟәгара мариоуп. Ҳара ҳаиԥш абыргцәа, ҳахшара ҳарбароуп. Ҳашьцәа ыҟоуп, ҳаҳәшьцәа ыҟоуп, иҳацхраауеит. Ус сҳәеит ҳәа, сара стәаӡам, уахынла ҷаԥшьаҩыс аус зуеит, чахәк аҩныҟа иаазго сыҟоуп макьана. Мышкы аусура сцоит, адырҩаҽны сыԥсы сшьоит, абасала сааиуеит.

Сириантәи иаақәаз рзы Аԥсны аҳәынҭқарра ҷыдала ацхыраара ҟанаҵоит, анхарҭа ҩнқәа зырҭаз ыҟоуп, усурҭа ҭыԥла еиқәдыршәеит. Ҳарҭгьы иҳамбои Аԥсны аҭагылазаашьа зеиԥшроу, макьана изҵо аидара иаҵымҵӡацт. Имариоума аибашьра ашьҭахь иаарласны ус ашьапы ақәгылара. Аха, Анцәа дырзылԥхааит аԥсуаа, рхы акы иаҵамырхакәа иааиуеит. Амҳаџьырра ҳауаажәлар акыр еиҟәнашеит, аԥсабара ҳаԥсаҟаьаны ҳаланаԥсеит, атәым тәылақәа рахь ҳагеит. Сара еснагь игәнызго акы ыҟоуп: Аԥсуа милаҭла дзеиуоу анидыруа, хылҵшьҭрала дшаԥсыуаҵәҟьоу еилкааны ианимоу, аха ижәлеи ибызшәеи анизымдыруа. Уи еицәоу иарбан гәнаҳароу иҟоу адунеи аҿы? Ус ҳақәнаршәеит аҭоурых… Нхыҵи-Аахыҵи инхо зегьы ҳаишьцәоуп, ҳаидгылараоуп, ҳаицхыраароуп. Уашьа иугәамԥхо акы ула инхиҳәалар, дкаужьуама? Мап. Ҳаилибааканы ҳаицынхароуп, аԥсуа жәлар аԥеиԥш бзиа ҳауроуп. 

- Сириа шәанынхоз аус абажәуаз?

— Сара аҳәынҭқарратә усбарҭаҿы аус зуан, аспорт аганахь ала рҵаҩыс сыҟан. Сыԥшәмагьы ашкол аҟны рҵаҩыс аус луан. Сириа саныҟаз, ҩажәа шықәса раԥхьа тәанчара сцахьан, атәанчахәы соуан. Усҟан иҳауаз атәанчахәы бзиан, аха уажәы аԥара каҳаит. Аха, уажәы уигьы ҳауам, уцароуп, иааугароуп, ауадаҩрақәа ацуп. Уи хьаам, зегьы ирыцку сыхшареи сареи ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит. Анцәа зегьы абзиа ҳаҭәеишьааит. Адунеи аҿы аибашьра ҟамлааит. Уаҳа ҳамҳаџьырымхааит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0