Ҩажәи хәба шықәса иԥсадгьыл аҿы: Џьанқат Чқәуа иҭоурых

© Фото : Из личного архива Джанката ЧкуаДжанкат Чкуа
Джанкат Чкуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анҵәара мызкы шагыз ҭаацәала Аԥсныҟа ихынҳәит Џьанқаҭ Чқәуа, иара иҭоурых Сырма Ашәԥҳа лматериалаҿы.

- Џьанқаҭ, Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара ҳәа уанбааи?

— Сара сҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы сынхоижьҭеи уажәшьҭа 25 шықәса ҵуеит. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анҵәара мызкы шагыз, ҭаацәала ҳааит Аԥсныҟа. Саб, сан, ҩыџьа саҳәшьцәа, сара. Усҟан, сара жәиԥшь шықәса ракәын исхыҵуаз. Гагра араион Бзыԥҭа аҳабла анхара ҳалагеит. Уижьҭеи сынхоит убра.

Саим Авидзба - Sputnik Аҧсны
Саим Аҩӡба: абызшәа мыӡырц аҳәынҭқарратә программақәа иҵегьы ирҭбаатәуп

- Џьанқаҭ, шәара Ҭырқәтәыла шәабанхоз?

Ҭырқәтәыла, Есқьишьеҳир ақалақь аҿы ҳанхон. Уа инхо апсуаа рацәаҩуп, иахьынӡарылшо раԥсуара иахӡыӡаауа иныҟәыргоит.

- Уҭаацәароума?

Сара ҩыџьа арԥарцәа срабуп. Аиҳабы Мураҭ афбатәи акласс аҟны дтәоуп, аиҵбы Баграт аҩбатәи акласс аҿы аҵара иҵоит. Сыԥшәма Аԥснытәуп, Ҵнариаԥҳауп, Олесиа лыхьӡуп. Џьанқаҭ, уҭаацәеи уареи Аԥсныҟа нхара шәхынҳәит еиҳа ианыуадаҩыз аибашьра аамҭазы, иҟаз ауадаҩрақәа риааира шԥашәылшеи? Ҳара, Ҭырқәтәыла ҳанынхозгьы, саб есымша Аԥсны аӡбахә далацәажәон, иҳәон ишҳамоу аҭоурыхтә ԥсадгьыл, уахь ҳцар шакәу. Ҳара ҳхәыҷқәан, ҳаԥсадгьыл иазкны иаҳдыруаз маҷын, аха Аԥсадгьыл ҳамбаӡакәа агәыбылра ҳкхьан. Бзиа ибаны ҳааит Аԥсныҟа, уадаҩрақәак ҳаузаргьы ҳариааит, избанзар ҳаԥсадгьыл аҿы ҳаҟоуп.

- Уажәы ухы шԥаубо уԥсадгьыл аҿы, унапы злакуи?

Санаи, саби, саҳәшьцәеи Ҭырқәтәыла иҟоуп уажәы. Сара сҭаацәеи сареи ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо ҳанхоит Аԥсны. Гагра араион, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рспорт школ аҟны ашьампылампыл азыҟаҵаҩцәа реиҳабыс сыҟоуп. Гагратәи ашьапылампылтә клуб аҟны ашьапылампыл сасуеит. Иара убас, Гагратәи алицеи интернат аҿы абаҩарҵәыра рысҭоит, рҵаҩыс аус зуеит.

- Ухатәы бызшәала аҷҷаҳәа уцәажәоит, даара сгәы иахәеит. Ҭырқәтәыла уаныҟазгьы иудыруазма аԥсшәа?

Мап, сара Ҭырқәтәыла санынхоз аԥсшәа сыздырӡомызт, ус жәақәак здыруан, аха схы иасырхәартә еиԥш, мап. Уажәы, аԥсышәалагьы, урысшәалагьы сцәажәоит.

- Бзыԥҭа, уара инауҷыданы иҟоума аҳәаанырцәынтәи иааны инхақәо аԥсуаа?

— Ааи, иҟоуп. Сириантәи Чычааи, Арҩҭааи нхоит, Ҭырқәтәылантәи Аԥыгә, Бганба, иара убас сара сыжәлантәыкгьы дынхоит.

Махмуд Кушьба - Sputnik Аҧсны
Маҳмуд Қәышьба: ажәыларақәа рахь ҳанцоз ҳалахь еиқәны амҩа ҳақәломызт

- Џьанқаҭ, уара уеилкаараҿы аԥсуара закуи?

— Аԥсуара иамаз амахәҭақәа иаҳцәыӡқәаз ыҟазар ҟалап. Зегь раԥхьаӡа иргыланы аиҳаби аиҵби ҳдыруазароуп, ҳхатәы бызшәала ҳцәажәароуп. Аԥсны унхоны, саԥсыуоуп ҳәа ухы уԥхьаӡозар, аԥсышәала умцәажәозар, сара иԥхашьароуп ҳәа сахәаԥшуеит, иџьасшьоит. Ахәыҷқәа зегьы аԥсшәа рдыруазароуп, уи ала ицәажәозароуп.

- Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи, иара убас уара уԥсадгьыл ахь ухынҳәижьҭеи сынтәа иҵит 25 шықәса. Ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь раара ишьҭнахуа азҵаарақәа ушԥарызхәыцуеи?

— Аԥсадгьыл ахь архынҳәра мариаӡам. Аԥсныҟа иаарц, инхарц зҭаху хатәгәаԥхарала даароуп зегь раԥхьа иргыланы. Аԥсны-дара рыԥсадгьыл шакәу еилыркаартә еиԥш иҟаҵатәуп, убас еиԥш агәаанагара сымоуп. Уажәшьҭа аамҭа бзиақәа ҟалеит, аԥсшьара ҳәа иааиз знык бзиа имбар ҟалом, хәыҷы-хәыҷлагьы дызлахынҳәра амҩа дашьҭалоит нас. Сара, Ҭырқәтәыла Есқьишьеҳир ақалақь аҿы абаҩарҵәыра аганахь ала ауниверситет салгарц сцеит. Аҵара сшалгаз еиԥш, сеиҭахынҳәит Аԥсныҟа. Саҳәшьцәа аҩыџьагьы Ҭырқәтәыла иҭаацәароуп, рыԥшәмацәа аԥсацәоуп. Сара ҳдиаспора рахь схы нарханы исҳәарц исҭаху- Аԥсны бзиа ирбозар арахь иаароуп. Рхәыҷқәа абызшәа рҵоит, аԥсуара рҵоит, иаԥсацәаҵәҟьаны иҟалоит. Ауадаҩрақәа иахьабалак иҟоуп. Аԥсны унхозар, уаԥсара уахьчоит, анхарагьы узымариахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0