Ан лхьаа: ҳџьынџьуаа Зиуари Заури анышә иахьамадаз аҭыԥ иаҭааит

© Фото : Сырма АшубаАҟәа ақалақь Анацәа рхеидкыла ахаҭарнакцәа Аҷандара ақыҭа ҳџьынџьуаа Зиуари Заури анышә иахьамадаз аҭыԥ иаҭааит
Аҟәа ақалақь Анацәа рхеидкыла ахаҭарнакцәа Аҷандара ақыҭа ҳџьынџьуаа Зиуари Заури анышә иахьамадаз аҭыԥ иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аиааира 25 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы ҳтәылаҿы еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит. Убас еиԥш, Аҟәа ақалақь Анацәа рхеидкыла ахаҭарнакцәа Аҷандара ақыҭа ҳџьынџьуаа Зиуари Заури анышә иахьамадаз аҭыԥ иаҭааит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Шьамтәыла инхоз Зиуар Чычба, Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны дааит 1989 шықәса рзы. Уи нахыс араҟа имҩасуан иара иԥсҭазаара. Аҷандара ақыҭа инхоз Константин Чычба игәырӷьара ҳәаак амамызт зыӡбахә иаҳахьаз, аха лабҿаба иимбацыз Зиуар Чычба Аԥсныҟа нхара дааит ҳәа аниаҳа.

Аԥсадгьыл ацәыӡра иацу ахьаа здыруаз аԥсуа хылҵшьҭра Зиуар Чычба

Дишьҭаланы Аҟәаҟа дааит, аха аҽны диқәымшәеит, адырҩаҽноуп ианеибаба. Ианеибаба ауха, Шьамтәылантәи ицааз Амер Кәыџбеи иареи Нальчикҟа ицарц азы рбилеҭқәа аахәаны ирыман, аха уи издыруамызт Константин. Уахь амҩа иқәымлакәа Аҷандараҟа ицеит, Чычаа рҭаацәа изларылшоз, аԥсуаҵас ирыдыркылеит.

Зиуар Чычба иҩызцәа изларҳәо ала, Аԥсны дизшәа, дааӡазшәа аратәи аԥсҭазаара иҽаиршьцылеит. Ҟазшьала ауаҩы дизааигәан, аҩызцәеи ақәлацәеи рацәаҩны ирҳаит, ус аҭаацәарагьы далалеит.

Агәаӷьра, афырхаҵара, аамсҭашәара злаз Зиуар, адәахьала уахьихәаԥшуаз дуаҩ ҭынчын, аха ҩныҵҟала доуҳа мчык иман, амцеиԥш дбылуан, гәыла-ԥсыла ихигон икәша-мыкәша имҩасуаз зегьы. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, иԥсадгьыл аҿы даԥшәыманы ихы ибон. Ҟазшьала иаамсҭашәаз, аԥсыуаҵасла иааӡаз, ламысла адунеи ианыз Зиуар, згәы аартыз, зыблақәа еснагьь изхаччоз, иԥхашьа-ԥхаҵо иҟаз уаҩын.

Константин Чычба, Зиуар ԥас дҟаиҵеит. Аҭаацәара далаларц шиҭахыз аниаҳа, ауаа рацәа адыԥхьаланы игәараҭаҿы ачара ду изиуит. Ус иҟалеит аибашьра. Зыԥсадгьыл ахьчара иазгылаз аҵеицәа дыруаӡәкхеит Зиуар Чычба.

Зиуар иҩызцәа изларҳәо ала, аибашьра аԥхьатәи амшқәа инадыркны, ҟазшьалагьы, ҭеиҭыԥшлагьы иҽииԥсахит. Уаанӡа дшыҟаз акәымкәа, ҩныҵҟала ӷәӷәарак инубаалон, ажәа мыцхә иҳәомызт.

Гагра ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз аԥшыхәразы аҽазыҟаҵарақәа дрылахәын Зиуар. Мамзышьха азааигәара ахәра ӷәӷәа иоуит. Мышқәак ааҵуаны, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит.

Аамҭаказы агәырӷьабжьы ахьҭыҩуаз Константин Чычба игәараҭа, издыруадаз ас агәаҟра ду ишаԥсахуаз? Издыруадаз, Зиуар Чычба иашьеиҵбгьы иаргьы абраҟа рнышәнап ҟалоит ҳәа.

Ниджиза Арютаа - Sputnik Аҧсны
Арҩҭааԥҳа: ҳазшаз ҳразҟы иалеиҵеит ҳабдуцәа рыԥхыӡ иалаз Аԥсны ԥшӡа абара

Леон иорден занашьоу Зиуар Чычба, ишьа иурц абџьар даҵагылеит уи иашьа Заур Чычба. Аха, рыцҳарас иҟалаз аибашьра ашьҭахь машәырла дҭахоит. Ҩыџьа аишьцәа рлахьынҵацәгьа рцәа иҭагӡаны, Зиуари Заури рҭаацәа, иахаьа, дара ргәазхара ирзымбаз рыԥсадгьыл аҿы инхоит.

Ааигәа, Зиуари Заури ран, Аҟәа ақалақь Анацәа рхеидкыла, "Аҳаҭыр зқәу Ан" ҳәа ахьӡ лыхҵан, ахеидкылагьы далаҵан. Хьаак еиднакыло лҩызцәеи лареи иааигәаны еибадырит, рыгәҭыхақәа еибырҳәоит.

"Ҳара иаҳҭаххеит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҳзызааӡаз Ан-афырԥҳәыс, Наџьиҳа Арҩыҭааԥҳа, лыҷкәынцәа анышә иахьамадоу аҳаҭгәын ахь ҳлыцны ҳаарц, лгәырҩа лыцеиҩаҳшарц, убри аан лгәырӷьажәагь ҳҳәарц. Избанзар, Анцәа иџьшьаны, ҳадгьыл иахьа иахашәыршәыруеит ҳбираҟ, иҳамоуп аҭынчра. Нагӡара ақәзааит!", — ҳәа азгәалҭеит Аҟәа ақалақь Анацәа рхеилак аиҳабы Фируза Чамагәуаԥҳа.

Аҷандара ақыҭа, Константин Чычба игәараҭахь, Наџьиҳа Арҩыҭаа илыцны имҩахыҵит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы зыхшара ҭахаз Леон иорден занашьоу Надежда Хонелиаԥҳа, "Агәымшәараз амедал" занашьоу Аза Агәмааԥҳа, Нанули Шьынқәԥҳа, Фируза Чамагәуаԥҳа, Џьульета Касланӡиаԥҳа, Галина Жьиԥҳа.

"Анцәа аԥсуара умырӡын, аԥсуа жәлар зҭагылаз агәаҟра цәгьа уаҳа иҭаумыргылан. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит иаашәырԥшыз ахаҵгыларазы", — абас нҵәара рықәмызт Нафџьиҳа Арҩыҭааԥҳа лажәақәа.

Иахьа, Константин Чычба игәараҭаҿы изҳауеит аҵеи, Наҳар Константин-иԥа Чычба. Иара ила агәараҭа еиҵыҵааит, аизҳара ҟалааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0