Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Муҳаммед Рауф Абаза: ҳаҧсадгьыл ахь амҩа ылаҳхит

© ФотоМуҳаммед Рауф Абазеи (Маан) уи иԥшәмаԥҳәыс Амани Салиеи
Муҳаммед Рауф Абазеи (Маан) уи иԥшәмаԥҳәыс Амани Салиеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы аԥсуаа Мысра ҳәа изышьҭоу Египетынтә раԥхьаӡа акәны иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дааит Маана ирхылҵшьҭроу Муҳхамед Рауф Абаза, иԥшәмаԥҳәыс диманы. Урҭ дырԥылеит Sputnik ажурналист Сырма Ашәԥҳа. Ишәыдаагалоит лара иазлырхиаз аматериал.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аҭоурыхтә мзызқәа еиҟәыршаз ҳауаажәлар, ишдыру еиҧш, адунеи атәылақәа иҧсаҟьаны ирылаҧсоуп. Изларҳәо ала, ҳаҧсуа хылҵшьҭрақәа атәым тәылақәа 50 инареиҳаны ирықәынхоит. Сара сзы жәҩангәашәҧхьарак иаҩызан, арҭ амшқәа рзы Мысрантәи (Египет — аред.) зҭоурыхтә ҧсадгьыл раҧхьаӡа акәны иаҭааз Иаган (Маан) Муҳаммед Рауф Абаза ибара. Уи дицуп араб хылҵшьҭрақәа иреиуоу иҧшәмаҧҳәыс Амани Салие.

Ҵыҵаа рҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Буленҭ Ҵыҵба: сыԥсҭазаараҿы исымаз ахықәкы наӡеит ҳәа сҳәарц сылшоит

Мысрантәи аҧсуаа Аҧсны иаан иҟоуп ҳәа ансаҳа, ииашаҵәҟьаны рбара сҭаххеит, сгәыӷрақәагьы саҩымжьеит. Мысра аҧсуаа нхоит ҳәа шсаҳахьазгьы, ари раҧхьатәи еиҧыларан сара сзы. Саҧхьа игылан аамҭеиҭасрақәа ирҿахәҳәагоу, аҭоурых иахаҿсахьахаз Муҳаммед Рауф Абазеи уи иҧшәмаҧҳәыси. Бызшәала ҳшеибамкуазгьы, сычча-ччо снарҧылан аҧсшәа нарасҳәеит, ҭырџьманс иҳамаз Мџьыҭ Гогәуа ила аҳәара ҟасҵеит ҳааибартәақәарц, ҳаиҿцәажәара ҭынч ахы акырц. Ҳгәазхара даргьы саргьы ҳзеибамбо, еицәыӡны иҟаз, аха еибаҧшааз ҭынхацәақәак реиҧш иаразнак гәыблыра мцак наҳахькьысит. Иҟалап сгәы иҵхоз, еилыскаарц исҭахыз сызҵаарақәа зегь џьарак рхы еидыркылазар, аха нас иааигәаны ҳааибадрықәап сҳәан, аиҿцәажәара ҳналагеит.

"Сара занааҭла секономиступ, Мысратәи ауниверситет аҿы жәашықәса инареиҳаны акризис аусбарҭа аҟәша аиҳабы иабжьгаҩыс сыҟоуп. Ҩыџьа аҭыҧҳацәа сымоуп, уажәшьҭа амаҭацәагьы сымоуп", — иҳәеит зхәыцрақәа акырӡа иҵаулаз Муҳаммед Рауф Абаза.

Қьемал Адлеиба - Sputnik Аҧсны
Қьемал Адлеиба: сыԥсадгьыл санаҭаа, еиҳагьы агәыбылра скит

Зхы-зҿы еихаччо, зыблақәа ҭыҧхаауа гәыкрак зҿықәыҳәҳәа иҟаз Рауф Абаза иҧшәмаҧҳәыс Амани Салие ҳаиҿцәажәара иаразнак лҽалалырхәит.

"Сыҧшәмеи сареи 50 шықәса раҧхьа ҳаибадырит ауниверситет аҿы аҵара анаҳҵоз, абзиабара ҳахнахзар акәхап ҳқәыҧшқәамзи, лассгьы ҳаҧсҭазаара еилаҳҵеит. Сҭаацәа зынӡагьы иаҿамгылаӡеит ҳара иҳаиуамыз амилаҭ сахьиццаз. Уижьҭеи ҳҳәоу еиқәшәаны, ҳаҭыр еиқәҵаны ҳанхоит", — лҳәеит араб ҧҳәыс.

Мысра миллионла инхо ажәларқәа ируаӡәкуп Абаза ҳәа ззырҳәо аҧсуа-абаза хылҵшьҭрақәа. Урҭ рхыҧхьаӡара иишаҵәҟьаны еилкааны иахьа уажәраанӡа уаҩы ишьақәимырӷәӷәац, аха акырӡа ирацәоуп.

"Ҳара ҳажәлар аҭоурых ӷәӷәа рымоуп. Ҳабацәа ҳабдуцәа рыҧсадгьыл ианахыргаз инаркны ирыҧгылаз ауадаҩрақәа ҵҩа рымамызт. Аибашьрақәа инадыркны ахеиқәырхара аҟынӡа анеиразы аҧышәара аамҭа иҭагылан. Сгәы иалоуп, Мысратәи аҧсуаа рыҧсадгьыл иахьаҟәыгоу, рыҧсадгьыл аӡбахә хьысҳаны иахьырдыруа. Ажәа "Абаза" еиднакылоит зегьы. Аха, уи шаҟа ҭоурыхтә маӡа аҵаҵәахузеи, шаҟагьы ҳзымдыруазеи?.." — дҳацәажәон Муҳаммед Рауф Маан.

Ҳзыҿцәажәоз Мысратәи аҧсуа игәы иҭаз зегьы иҿы изарҳәомызт. Уажәы-уажәы игәаҵанӡа инеиуан ихатәы бызшәала ҳаицәажәара ахьзалыршамхаз. Уи еидара хьанҭаны даҵазшәа ихәда хнаҽуан.

"Сара ҳҭоурых аилкаара еснагь сашьҭоуп. Снапы ахьнеиуа архивқәа акы аансыжьуам. Османтәи аимпериа аамҭазы Ҭырқәтәылантәи арахь иқәнагалақәаз роуп ҳара ҳабдуцәа", — аҭоурых есааира дагәыланахалон Мысратәи аҧсуа.

Муҳаммед Рауф Маан иҧшәмаҧҳәыс занааҭла дзиндырҩуп, иара убас ианлааз дбалеринан.

"Сара Маана рҭаацәа саланагалеижьҭеи акрааҵуеит. Убрижьҭеи саҧсыуахаҭаны схы сыҧхьаӡоит. Мысра сара сыздыруа зегьы "Мадам абаза" ҳәа исышьҭоуп. Уи сара сгәы еиҳагьы иҟанаҵоит", — лҳәеит араб ҧҳәыс.

Ҧхыӡу-лабҿабазу зеилыргара уадаҩыз, аҧхарра ду зҵаз Мысратәи аҧсуааи сареи ҳгәазхара ҳзымеицәажәо ҳаидтәалан. Иҳамбаӡакәа амш ахәларахьгьы инеит. Ус иџьыба дынҭалан, Аҧсны дызлатәылауаҩу ала апаспорт аацәырган исирбеит, игәгьы инадикылеит. "Уажәшьҭа саҧсыуаҵәҟьоуп", — ҳәагьы нациҵеит.

"Сара саб ихьӡын Али Гемельельдин, уи иаб Аҳмаҭ Муҳҭар, уи иаб Али, уи иаб Саид Ҳасан Абаза", — иабдуцәа рыхьӡқәагьы наҳзеиқәииҧхьаӡеит аҧсуа хылҵшьҭра.

Мысра инхо аҧсуаа жәытәаахыс аҳәынҭқарра аиҳабыратә маҵзурақәа ааныркылоит. Муҳаммед Рауф Абаза дазгәыдууны иаҳзеиҭеиҳәеит ижәлантәқәа иреиуоу Маанаа, иахьа атәыла анапхараҿы аус ахьыруа, Мысра рыхьӡ еицырдыруа иашыҟоу.

Сухумские башенные часы - Sputnik Аҧсны
Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахьаагара иацу ргәалашәарақәа

Мысратәи аҧсуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл аӡбахә раҳаит шықәсқәак раҧхьа. "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуеи, анаплакҩы Дмитри Аргәыни ирыбзоураны. Урҭ Мысра ианыҟаз еиқәшәеит, еицәажәеит, Аҧсныҟа ааҧхьара рырҭеит. Уи азы хымҧада аџьшьара рырҭоит, иҭабуп ҳәа рарҳәоит. Иара убас, иҭабуп ҳәа рарҳәоит арҭ амшқәа рзы Аҧсны иҟанаҵы ахаҵгылара рызҭаз зегьы. Аҧсуаа зегьы салам ду рырҭоит.

"Ҳаҧсадгьыл Аҧсныҟа амҩа ылаҳхит. Ҳгәы азхьаауа шьҭахьҟа ахынҳәра ҳақәшәеит. Аха, лассы ҳхәыҷқәа, ҳмаҭацәа ҳаманы ҳаауеит. Аҧсны рбароуп, ирдырроуп уи дара ишрыҧсадгьылу еилыркаароуп", — абас ҵыхәаҧҵәара рымамызт ҳзыҿцәажәоз ргәазыҳәарақәа.

Зыҧсадгьыл аӡы агьама знык избаз аҧсуа, уи датәнамтәхарц залшома?! Мысратәи аҧсуаа рзы рыҧсадгьыл еснагь агәашәқәа аартуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0