Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Арҩҭаа: Аԥсны - схәышҭаароуп, еинҭəыланы, ахақəиҭра аманы иҟазарц сҭахуп

© Sputnik / Илона ХварцкияАнзор Арҩҭаа
Анзор Арҩҭаа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны инхо Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Анзор Арҩҭаа иҭаацәеи иареи рҭоурыхи иахьатәи рыԥсҭазаашьеи ртәы Сырма Ашәԥҳа лматериал аҟны.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Анзор Арҩҭаа иҭаацəеи иареи Шьамтəылантəи Аҧсныҟа нхара иааит 2012 шықəса рзы. Усҟан иара ихыҵуан 15 шықəса. Анзор иашьа Рауль Аҧснытəи аҳəынҭқарратə университет афилологиатə факультет англыз бызшəа аҟəша далгеит, иаҳəшьа Асиа Аҟəатəи Ашьхарыуаа рышкол ажəбатəи акласс аҿы дтəоуп. Анзор ихаҭа иакəзар, сынтəа қəҿиарала далгеит Аҧснытəи аҳəынҭқарратə университет Жəларбжьаратəи аизыҟазаашьақəа рзанааҭ.

Зыԥсадгьыл зыԥсы аҿҳәараз Баҳадыр Абаӷба

Анзор дхəыҷаахыс иҭоурыхтə ҧсадгьыл Аҧсны аӡбахə иаҳауан. Иаб Ариад иаб иашьа Фариди Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра иалагаанӡа Аҧсныҟа иаахьан, ара аус руан. Аибашьратə мҩа фырхаҵарыла ианысит. Аҧсны Афырхаҵа Фарид Арҩҭаа дҭахоит мрагыларатəи афронт аҿы хəажəкырамза 19, 1993 шықəса рзы, анышə дамадоуп Тҟəарчал ақалақь аҿы, Ариад ианашьоуп Леон иорден.

"Сара сабдуи сандуи ирхылҵит жəаҩык ахшара: фҩык арҧарцəеи ҧшьҩык аҭыҧҳацəеи. Саби уи иашьцəа ҩыџьеи Аҧсны инхоит, егьырҭ - атəым ҳəынҭқаррақəа рҿы. Саб иаҳəшьцəа ҩыџьа Шьамтəыла иҟоуп, егьи - Саудовтəи Аравиа. Урҭ зегьы аҭаацəарақəа аҧырҵахьеит, аҧсшьара аамҭақəа раан Аҧсныҟа иаҳзаауеит, лассы-лассы акəымзаргьы, ҳаибабоит", - иҳəеит Анзор Арҩҭаа.

Прогноз - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ҳахьынхо ҳаигәырӷьоит: Арҩҭаа Муҳаммеди Жансети рҭоурых

Аамҭаказы Шьамтəылеи Израили рыбжьара иҟаз аибашьра иахҟьаны, Анзор иабду Абдуль-Вахаб иҭаацəа иманы Кунеитрантəи Дамаскҟа диасыр акəхеит, Муҳаџьеррин захьӡыз араион аҿы ҩаҧхьа анхара ҿыц нап адыркит. Кунеитра усҟан инхоз аҧсуа-сдыга хылҵшьҭрақəа ракəын.

"Сара сабду жəлар рмедицина бзианы идыруан. Еиуеиҧшым аҭыҧқəа рҟынтəи аҽыхəышəтəразы ауаа изаауан. Анаҩс ихаҭəаау амедицинатə ҵараиурҭа далгеит, занааҭла дҳақьымын. Сара дысгəалашəартə еиҧш сихааным, аха дышҟаза бзиаз здыруеит", - иҳəеит аччаҧшь зҿықəыҳəҳəы иҳацəажəоз Анзор.

Анзор иаб Реад Арҩҭаа аибашьра ашьҭахь аҭаацəара далалеит, иҧшəмаҧҳəыс Назира Шехова хылҵшьҭрала дадыга ҭыҧҳауп, лҭаацəеи лареи ара Аҟəа инхон. Шықəсқəак Реад иҭаацəеи иареи Шьамтəыла иҟан, нас Аҧсныҟа наунагӡа ихынҳəит.

"Сара саб лассы-лассы Аҧсны аӡбахə далацəажəон. Схəыҷын усҟан, ииҳəоз рацəак исзеилымкаауазаргьы, слымҳақəа кыдҵаны сизыӡырҩуан. Аиҳабацəа ахьааидтəалоз, амҳаџьырра аӡбахə анырымҳəоз ыҟаӡамызт. Ииашаҵəҟьаны, сара насыҧ сымоуп ҳəа исыҧхьаӡоит иахьа ҭаацəала ҳҭоурыхтə ҧсадгьыл аҿы ҳахьынхо", - абас ихəыцрақəа ҳацеиҩишон Анзор Арҩҭаа.

Кадир Тванба - Sputnik Аҧсны
Кадыр Тәанба: Аԥсныҟа нхара ҳаара ҳҭаацәа азыразуп

Ҳазҭагылоу аамҭазы Анзор иаб Ариад аргыларатə наплакаҿы аус иуеит, иан занааҭла дхаԥыцтә ҳақьымуп. Рыхшара нап рыдкыланы, ирыхӡыӡаауа ирааӡоит. Анзор иакəзар, ауаажəлааратə усқəа инапы рылакуп, аҿартə еиҿкаарақəа дрылахəуп, иҵарадырра аизырҳара дашьҭоуп, атəым бызшəақəа идыруеит. Иара убас, еиуеиҧшым апроектқəа дрылахəуп, аменеџьерра аганахьала аҵарадырратə тренингқəа мҩаҧигоит. Аҧсны адəныҟатəи аусқəа рминистрраҿы аиқəшаҳаҭратə ҟазшьа инақəыршəаны аиҭагақəа инапы рылакуп, анҵамҭақəа араб бызшəахь еиҭеигоит.

"Ауаажəларратə еиҿкаара "Амч" салахəуп. Ари аиҿкаара хықəкыс иамоуп аҿар рызҵаарақəа - аспорт, акультура, аҵарадырра уҳəа - еиуеиҧшым ахырхарҭақəа рыла рҳəаақəҵара. Ҵыҧх ҳхаҧшьгаратə гəыҧ "Шьаҿак ҧхьаҟа" еиҿнакааит аҿар злахəыз алагер, уи иамҽханакуан мрагылареи мраҭашəареи зегьы. Апроект хықəкыс иамоуп аҿар реибадырра, реизааигəатəра, русеицура", - ҳəа азгəеиҭоит Анзор.

Ҩажәи хәба шықәса иԥсадгьыл аҿы: Џьанқат Чқәуа иҭоурых

Анзор иҭаацəеи иареи нхоит Дранда аҳаблаҿы, шықəсқəак раҧхьа Арепатриациазы аминистрра ҳџьынџьуаа ахьындырхаз аҩнеихагылақəа руак аҿы. Иара убраҟа ауадақəа рымоуп Анзор иаб иашьцəа рҭаацəеи дареи.

Семья Нусрета Ахба - Sputnik Аҧсны
Нусреҭ Ахба: ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

"Сара сыҧсадгьыли, сыуаажəлари, стəыла анапхгареи срызгəыдууп. Аҧхарра ҳадырҵеит, гəаартыла иаҳҧылеит, иаҳхаҵгылеит. Арепатриациа аусқəа аҿиара бзиа роурц сҭахуп. Зегьы иаразнак рыҧсадгьыл ахь изымааргьы, ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара ҕəҕəахароуп, ҳетнос ҳмырӡроуп, милаҭк аҳасабала ҳаҿиароуп. Ҳбызшəа - ҳара ҳмилаҭ аҭоурых ауп, иаҳцəымӡроуп, иҳахьчароуп", - гəаартыла дҳацəажəон Анзор Арҩҭаа.

Анзор Арҩҭаа аҧхьаҟа имоу агəҭакқəа маҷым. Иҭахуп иҧсадгьыл аусқəа реихьӡаразы ихатə лагалак ҟаиҵар, уи азы иҵара иациҵарц, идыррақəа еизирҳарц. Ҳаиҿцəажəара ахыркəшамҭазы иажəа абас еиҧш налеиҵеит: "Аҧсны - сара сыҩноуп, схəышҭаароуп, еинҭəыланы, ахақəиҭра аманы иҟазарц сҭахуп. Досу излаҳалшо ала ҳҳəынҭқарра амаҵ азаҳауроуп".

 

Ажәабжьқәа зегьы
0