500-ҩык инареиҳаны арепатриантцәа Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа роуит 2018 шықәсазы

© Sputnik Томас ТхайцукЗыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа
Зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы Арепатриациазы аминистрра иҟанаҵеит 2018 шықәсазы имҩаԥнагаз аусурақәа реихшьаала.

АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы Арепатриациазы аминистр Беслан Дбар иҟаиҵаз аҳасабырбаҿы иазгәеиҭеит иҳаҩсыз ашықәсазы Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рхыԥхьаӡара егьырҭ ашықәсқәа раантәи арбагақәа ишреиҳау.

500-ҩык инареиҳаны арепатриантцәа Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа роуит. Ари рекордтә рбагоуп ҳәа иҳәеит Беслан Дбар иҳасабырбаҿы.

"Иҳаҩсыз ашықәс уаанӡатәи ашықәсқәа раасҭа акыр алҵшәа аманы иҟан ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь рааиреи, ашәҟәы рҭагалареи, атәылауаҩшәҟәы рыҭареи аганахьала. Зегь реиҳа иҳараку аҩаӡарақәа аадырԥшит Мысрантәи ихынҳәыз. 2017 шықәса рзы уантә 43-ҩык ракәзар иааз, 2018 шықәса рзы 162-ҩык хынҳәит. Урыстәылантәи 2017 шықәса рзы 91-ҩык аазар, 2018 шықәса рзы - 199-ҩык. Иазгәасҭарц сҭахуп, зыԥсадгьыл ахь ихынҳәуа ҳџьынџьуаа атәылауаҩра зауз зегьы ара иаанхаӡом. Арепатриант истатус роуит 45-ҩык. Иҳаҩсыз ашықәс азы зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз рахьынтә иҟоуп Шьамтәылантәи, Ҭырқәтәылантәи, Иорданиантәи иааз. Арекордтә цифрақәа рыҟалара абзоурахеит имҩаԥаагоз ҳныҟәрақәа, ҳаибабарақәа", - ҳәа азгәеиҭеит Дбар.

Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа агәҭынчымра изцәырнагоит ҳџьынџьуаа Аԥсны иахьынтәалало атәылақәа Қырҭтәыла ахьыруаку. Иазгәеиҭеит уатәи амаҵзура ҷыдақәа урҭ аус шрыдыруло, убри инамаданыара агәҽанызаара шаҭаху.

Нугзар Ашуба - Sputnik Аҧсны
Ашәба: арепатриациа амал рацәаны иадҵахар, алҵшәа ҟамларц залшом

Аминистр далацәажәеит атәылауаҩшәҟәқәа рыҭараан апроблемақәа шыҟоу, дазааҭгылеит зан даԥсыуаны заб аҽа милаҭк иатәу рышәҟәқәа ҷыдала ишеизгатәу. Иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы атәылауаҩраз акомиссиаҿы ишышьҭоу 152 арзаҳал.

Дбар иҳәеит атәылауаҩра зауз зегьы ара ишаанымхо. Убас 2018 шықәса рзы 45-ҩык Аԥсныҟа нхара ҳәа иааит, арепатриант истатус роуит.

"Ипроблема хаданы аминистрра аҿаԥхьа иҟоу анхарҭаҭыԥқәа рыҭароуп. Абри инадҳәаланы, есымза афонд аҟынтәи 600 000 мааҭ ҳшәоит. Иааидкыланы аминистррахь анхарҭаҭыԥ аиуразы 518 арзаҳал ҳаухьеит", - ҳәа иҳәоит Дбар.

Апроблема аӡбаразы Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан шәҩык аҭаацәара ирызхаша аиланхарҭаҩнқәа рыргылара иаҿуп. Зынӡа иргылахоит аҩнқәа ԥшьба. Урҭ рҟынтәи ҩба 2019 шықәса актәи аԥшьбара анҵәамҭазы урыҩналартә иҟалоит, егьырҭ – ашықәс анҵәамҭазы.

Дбар иҳәеит ииасыз ашықәс азы 15-ҩык арепатриантцәа аҭаацәара ишалалаз, 23-ҩык ахәыҷқәа шииз.

Аԥсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба далацәажәеит арепатриантцәа рганахьала зны-зынла угәы иамыхәаша аҭагылазаашьақәа аҭыԥ шрымоу. Урҭ ируакуп Аҟәа ақалақь аҿы урҭ руаӡәк идәқьан ақәлара. Асеиԥш аан азакәан аус ауроуп, ауаажәларгьы ақәыӡбароуп, иҳәеит Арӡынба.

Аляс Нанба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Нанба еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭаацәара аԥызҵо ҳџьынџьуаа ирзырхо ацхыраара атәы

Абри аҭакс Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гарри Аршба иҳәеит:

"Хҩык ауаа аанкылан, егьырҭ ирышьҭоуп. Арҭ ахҩыкрус зҵанакуаз ахәҭаҷ шықәсык инаркны хәышықәса рҟынӡоуп ахарахгара ирынаҭоз. Ишыжәдыруеиԥш, амнистиа ыҟан. Уи даргьы аҵанакит".

Арӡынба ари аус иунарбо рацәоуп иҳәеит. Иара иазгәеиҭеит аилак аминистрра ҳәа изеиҭакыз имҩаԥнаго аусқәа атәылаз аҵак ду ахьрымоу азоуп, арепатриантцәа ршәарҭадара анеиҿкаамха, аминистрра аҽазышәарақәа зегьы лҵшәадахар ауеит ҳәа.

1993 шықәса хәажәкырамза 23 рзы еиҿкаан аҳәынҭқарратә еилакы.

Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы хықәкы хадас иаман зыҧсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл аҟны адаптациа иахысаанӡа, иашьцылаанӡа аҭагылазаашьа бзиа рыҭара.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа "Арепатриант изы" Азакәан инақәыршәаны, Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа - аԥсуааи абазақәеи - рхаҭарнакцәа хәышықәса рыҩнуҵҟа арепатриант истатус иаҵанакуеит.

Мушьни Лашәриа арепатриациазы: амҩа аатит, ацҳа хуп - иацхраалатәуп

Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакаҟны 1998 ш. иаҧҵан афонд (абиуџьет иатәымыз).

2018 шықәса мшаҧымза 30 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара, Ахада иусҧҟа инақәыршәаны, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аминистрра ҳәа ишьақәнарҕәҕәеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0