Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Аԥсуа диаспора Урыстәыла Амш аҽны Сҭампыл иҟоу Аурыс консулра иаҭааит

© Foto / Ерджай ПинарҬырқәтәыла иҟоу Аурыс консулра аԥсуа диаспора аҭааит
Ҭырқәтәыла иҟоу Аурыс консулра аԥсуа диаспора аҭааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқəтəыло инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцəа Урыстəыла Амш аныҳəа идырныҳəалеит Сҭампыл иҟоу Аконсул хада Андреи Поделышев.

АҞӘА, рашәара 12 - Сырма Ашәԥҳа, Sputnik. Ҭырқəтəыла инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцəа Сҭампыл иазгəарҭоз Урыстəыла Амш иазку аныҳəа рхы аладырхəит. Абри атəы Sputnik акорреспондент илзааицҳаит Сҭампылтəи Аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Шамил Ешба.

© Foto / предоставлено Шамилем ЭшбаСҭампылтəи Аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Шамил Ешбеи Сҭампыл иҟоу Аурыс консул хада Андреи Поделышеви.
Аԥсуа диаспора Урыстәыла Амш аҽны Сҭампыл иҟоу Аурыс консулра иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Сҭампылтəи Аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Шамил Ешбеи Сҭампыл иҟоу Аурыс консул хада Андреи Поделышеви.

Урыстəыла Амш рыдырныҳəаларц Сҭампыл иҟоу Аурыс консулратə маҵзура хада иаҭааит Ҭырқəтəыла еиҿкаау Аԥсуа Федерациа анапхгара, уи алахəцəа, иара убас аԥсуа еиҿкаарақəа рхаҭарнакцəа. Ҭырқəтəылатəи Ареспубликаҿы Урыстəылатəи Афедерациа ахьӡала консул хадас аус зуа Поделышев Андреи Леонид-иԥа, ҳдиаспора имҩаԥырго аусқəа дрызҿлымҳауп, ҳаҭыреиқəҵарыла еизыҟоуп, ирҭо ааԥхьарақəа гахəала идикылоит.

"Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит Урыстəылатəи Аҳəынҭқарра ҳтəылазы иааннакыло аҭыԥ ҷыда, аигəылареи, аусеицзуреи, аиҩызареи рхырхарҭала. Ҳара даара пату ҳзақəуп Сҭампыл иҟоу Аконсул имаҵзура аганахьала имҩаԥиго аусқəа, изныкымкəа аицəажəарақəа, аиԥыларақəа мҩаԥаҳгахьеит, ҳгəы иҵхо азҵаарақəа маҷымкəа ҳрылацəажəахьеит. Урыстəылатəи Афедерациа амш ныҳəазы иаҳҭаххеит ҳдиаспора рыхьӡала гəыԥҩык ауаа ари аныҳəа ҳхы алаҳархəырц, ажəа ԥхақəа ҳҳəарц", - иҳəеит Сҭампыл еиҿкаау аҧсуа культуратə хеидкыла аиҳабы Шамил Ешба.

Иара излазгəеиҭаз ала, Урыстəылатəи Афедерациа ахьӡала Ҭырқəтəыла иҟоу аконсул хада Андреи Поделышев, мызкы анаҩс имаҵзура хиркəшоит. Усҟан, Ҭырқəтəыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакреи, Аԥсуа Федерациеи, аԥсуа еиҿкаарақəеи, ауаажəларреи рыхьӡала дара ирҭахуп ҷыдала дааԥхьаны аишəа-чара изеиҿыркаарц, инаигӡоз аусқəа рзы иҭабуп ҳəа иарҳəарц.

© Foto / Ерджай ПинарАԥсуа Федерациа ахаҭарнакцәа Ҭырқәтәыла иҟоу аконсулра иаҭааит Урыстәыла амш рыдырныҳәаларазы
Аԥсуа диаспора Урыстәыла Амш аҽны Сҭампыл иҟоу Аурыс консулра иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа Федерациа ахаҭарнакцәа Ҭырқәтәыла иҟоу аконсулра иаҭааит Урыстәыла амш рыдырныҳәаларазы

Иара убас, Ҭырқəтəылатəи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа иазгəеиҭеит, Урыстəылатəи аконсулреи, напхара зиҭо аусбарҭеи, Аԥсуа Федерациеи, ахеидкылақəа рхаҭарнакцəеи ианакəызаалак аимадара бзиеи аилибакаареи шрыбжьоу.

Вадим Харазия - Sputnik Аҧсны
Ҳаразиа: ахаҭарнакра аҿаԥхьа ишьҭоу аусқәа рацәоуп, есҽны азҵаара ҿыцқәа цәырҵуеит

"Урыстəыла иадҳəалоума, Аԥсынтəыла иадхəалоума, имҩаԥысуа аусқəа рҟны аихаҵгылара, аиҭанеиааира ҳабжьоуп. Зегь раԥхьаӡа иргыланы ҳусқəа зегьы рҿы аԥхьа игылоуп ауаҩра. Иазгəасҭарц сҭахуп, ҭеллагьы лассы-лассы ҳшеицəажəо. Аҧсныҟа ааԥхьара исҭеит, акыр агəаҳəара имоуп ԥсшьара арахь аара. Хаҭала имҩаԥысуа хҭыск ихы изаламырхəыргьы, иусзуҩцəа наимышьҭыр иуӡом. Абасала, аиашьаратəи аилибакааратəи знеишьа шьаҭас иамоуп еицынаҳгӡо аусқəа, ҳаззаҭгыло азҵаарақəа зегьы", - иҳəеит Вадим Ҳаразиа.

Рашәара 12, 1990 шықәса рзы Урыстәыла аҳәынҭқарратә суверинитет азы Адекларациа рыдкылан. Уи арыцхә иҷыдоу актуалреи аполитикатә ҵаки аиуит. Акрызҵазкуа ари ахҭыс урыстәылатәи аҳәынҭқарратәра ашьақәгылареи ашьақәырӷәӷәареи рзы иҟаҵоу шьаҿа ӷәӷәаны иҟалеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0