Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Џьолан Маршьан: изласылшо ала ҳаԥсуара ныҟəызгарц сҭахуп

© Sputnik / Константин ГрецовЏьолан Маршьан
Џьолан Маршьан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтəылантəи шықəсқəак раԥхьа зҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь ихынҳəыз, уи агәыбылра ӷәӷәа ззаду, зҭоурыхи заԥсуареи пату ду ззақәу арԥыс Џьолан Маршьан изку анҵамҭа шәыдылгалоит Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Џьолан Маршьан иҭаацəеи иареи Шьамтəылантəи рҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь нхара ҳəа иааит ԥхынҷкəынмза 26, 2012 шықəса рзы. Иара иашьаки иаҳəшьаки имоуп. Иашьеиҵбы Џьомарҭ сынтəа Гагратəи алицеи-интернат қəҿиарала далгеит. Аԥснытəи аҳəынҭқарратə университет аҭаларазы имҩаԥгаз аолимпиадаҿы ихы бзианы иахьааирԥшыз иабзоураны, абиологиа-географиатə факультет даднакылеит. Иаҳəшьа Саҭанеи лакəзар, Аҟəатəи актəи абжьаратə школ аҟны аҵара лҵоит, аабатəи акласс ахь диасит.

Ҳаади Лакрба - Sputnik Аҧсны
Ҳаади Лакрба: cхәыҷаахыс гәынхәҵысҭала еснагь Аԥсны сыҟан

Џьолан Маршьани сареи ҳаибадырит шықəсқəак раԥхьа, ауаажəларратə еиҿкаара "Жəларбжьаратəи афонд Аԥсны" аусбарҭаҟны. Усҟан иара аҵара иҵон Гагратəи алицеи-интернат аҟны. Џьолан ари аусбарҭаҟны аиҭагаратə ҟəшаҿы англыз бызшəа бзианы иҵаразы иԥышəа аизырҳара дашьҭан. Даара дхəыҷы еилыҷҷаны даҳзааит уа аус зуаз зегьы. Шьамтəылантəи иааз ҳџьынџьуаа дшыруаӡəкыз анеилыскаа, хымԥада, иҭоурых аилкаара сашьҭалеит, анҵамҭа изыскыр сҭаххеит. Усҟан Џьолан аҭакс ус сеиҳəеит: "Абызшəақəа бзианы исҵар, ҭырџьманда ҳаицəажəап", - ҳəа. Саргьы сақəшаҳаҭхеит.

Ус анакəха, иааит уи аамҭа.

Иахьа, Џьолан Маршьан Аԥснытəи аҳəынҭқарратə университет афизика-математикатə факультет ахԥатəи акурс аҿы аҵара иҵоит. Идыруеит аԥсуа, аурыс, англыз, араб, аҭырқəа, адыга бызшəақəа. Ҳаиҿцəажəара ҩ-бызшəак рыла ишьақəгылан - аԥсшəеи аурысшəеи рыла, ус еиҳа изымариан, ихшыҩзцарақəа хеибарҭəаауан.

Анзор Арҩҭаа  - Sputnik Аҧсны
Арҩҭаа: Аԥсны - схәышҭаароуп, еинҭəыланы, ахақəиҭра аманы иҟазарц сҭахуп

"Ҳара Шьамтəыла Кунеитра ақалақь аҿы ҳанхон. Сан дадыгоуп, убри аҟынтə адыга бызшəа, сан лбызшəа, схəыҷаахыс издыруеит.  Саб Самир ихьӡуп, иара занааҭла агроном-нџьныруп, сангьы убри азанааҭ ауп илымоу. Саб Шьамтəыла иус аганахьала аҳəынҭқарратə маҵзура далан, иман ақыҭанхамҩатə аԥтекагьы. Сан лҭоурыхтə жəла Хəукон ауп, Шьамтəыла ирыжəлартəыз Гольфаџь ауп. Лара Шьамтəыла иреиҳау аҵараиурҭаҿы астудентцəа-агрономцəа алекциақəа дырзаԥхьон", - абас ҳаиҿцəажəара хацҳаркит Џьолани сареи.

Џьолан Маршьан дхəыҷаахыс Аҧсны аӡбахə иаҳауан. Иара иабду иашьа иԥацəа Шьарафи Уалиди Маршьанаа Аԥсны рыхьӡ еицырдыруеит, ҳаимадара аус ахыҵхырҭаҿы игылақəаз ируаӡəкуп. Шьараф Маршьан иҭаацəеи иареи иахьа инхоит рыԥсадгьыл аҿы, Уалид ааигəа иԥсҭазаара далҵит. Џьолан иаб Аԥсныҟа даахьан, ибахьан.

"Сара саб раԥхьаӡа акəны иҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь дааит аибашьра аԥхьа, Шьамтəылантəи Аԥсныҟа иааны аҭаацəара иалалаз Аҳмаҭ Маршьан ичарахь. Анаҩс, 2010 шықəса рзы Уалиди иареи ҩаԥхьа арахь еицааит. Анцəа иџьшьаны, 2012 шықəса рзы саб иӡбеит наунагӡа иҭаацəа ҳиманы Аԥсныҟа аара", - игəырӷьара ҳəаак амамкəа дсацəажəон Џьолан.

Ҳаџьымба Уалид Маршьан изы: аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы патриот дуны даанхоит>>

Шьамтəыла, Џьолан Маршьан дахьынхоз Кунеитра ақалақь азааигəара иҟоуп Кавказ ажəларқəа рхылҵшьҭрақəа ахьынхо ақыҭақəа хԥа: Бареҟа, Берҳаџьам, Альҟаҳҭани. Уаҟа инхон Џьолан иуацəагьы.

Жанби Сташ - Sputnik Аҧсны
Ҳџьынџьуаа: досу излаилшо ала ижəлари иԥсадгьыли рзы дхəарҭахароуп

"Исгəалашəоит, Альҟаҳҭани еиҿкаан акультуратə хеидкыла "Адыга-Хасэ". Уахь лассы-лассы ҳҭаацəа ҳрыманы ицалон, иаҳҵон адыга бызшəа, акəашара, асахьаҭыхра, ҳмилаҭ рҵас-рқьабз уҳəа. Иара убас, саб Дамаскҟагьы сигалон. Уаҟа еиҿкаан Шьараф Маршьан-Абаза напхгара зиҭоз "Адыга-Хасэ" ахеидкыла хада. Уаҟа аныҳəа дуқəа аназгəарҭоз аамҭа абыржəы сыбла ихгылозшəа исзааиуеит. Кавказ ажəларқəа рбираҟқəа, рмилаҭтə маҭəақəа уҳəа ацəыргақəҵақəа еснагь еиҿкааны ирыман", - ҳəа азгəеиҭоит Џьолан Маршьан.

Џьолан иабшьҭра амҳаџьырра ихнарҵəаанӡа, Аԥсны Ҵабал инхон. Дара раԥхьа Ҭырқəтəылаҟа ихҵəар акəхеит, анаҩс Шьамтəылаҟа иагеит. Шьамтəылаҟа иагаз аԥсуаа уа иахьнанагазгьы изныкымкəа ахҵəарақəа ирықəшəеит. Абас ицəгьан атəымтəылаҟа ихдырҵəаз аԥсуаа рлахьынҵа.

"Шьамтəыла инхо Маршьанаа рацəаҩӡам, ҳара ҳабду ихылҵшьҭрақəа роуп уахь иқəнагалаз. Убас еиԥш лахьынҵас иҳаман иахьа ҳара ҳҭаацəа, саб иашьцəа, ҳҭынхацəа Маршьанаа Аԥсныҟа ҳаԥсадгьыл ахь ҳхынҳəыртə еиԥш. Сара 13 шықəса ракəын исхыҵуаз сшьамдгьыл сшьапы анықəсыргыла, уи амш ахааназы исхашҭраны сыҟаӡам", - гəыблыла дсацəажəон Џьолан.

Џьолан иара убас иаҳирбеит Аԥсныҟа данаауаз иааигаз даныхәыҷыз ишәиҵалоз амилаҭтә маҭәа. Уи иахьагьы дахӡыӡаауа иҵәахны имоуп. Исгәаланаршәо рацәоуп, иҭоурыхуп иҳәоит Џьолан.

© Foto / Джолан МаршанЏьолан Маршьан Аԥсныҟа данаауаз иааигаз даныхәыҷыз ишәиҵалоз амилаҭтә маҭәа. Уи иахьагьы дахӡыӡаауа иҵәахны имоуп.
Џьолан Маршьан: изласылшо ала ҳаԥсуара ныҟəызгарц сҭахуп - Sputnik Аҧсны
Џьолан Маршьан Аԥсныҟа данаауаз иааигаз даныхәыҷыз ишәиҵалоз амилаҭтә маҭәа. Уи иахьагьы дахӡыӡаауа иҵәахны имоуп.

Аԥснытəи аԥсҭазаара иаразнак дашьцылеит, аҩызцəа ирҳаит, аҿартə ԥсҭазаара активла иҽалаирхəуеит. Абаҩхатəра илоуп, зегь раԥхьа иргыланы аԥсыуала дааӡоуп. Ҳаицəажəараҿы сара сиазҵааит: "Џьолан, ҳҵасқəа еиҳа ирылукаауеи?" - ҳəа. Иаразнак аҭакс убас саиҳəеит: "Аиҳабы изыӡырыҩра, ҳаҭыр иқəҵара".

Џьолан Маршьан иҭаацəа рыԥсадгьыл аҿы рхы-ргəы иақəгəырӷьо инхоит. Иаб Дранда аҳаблаҿы иаартны имоуп ауҭраҭых ахьырааӡо арԥхарҭа, иаадрыхуеит апырпыл ца, аџьыкарҵəаҵəа шьахəла излыҵуа. Иара убас иаадрыхуеит араб чысқəа злырхуа аҵиаақəа.

Насиба Гьечԥҳа - Sputnik Аҧсны
Насиба Молье: ԥхыӡ иаҳбар ихаҳҵомызт мышкымзар мышкы Аԥсныҟа нхара ҳаауеит ҳəа

"Сара сан аԥсуа чысқəа рыҟаҵашьа лҵеит Аԥсныҟа ҳанаа. Даара бзиа избоит, еиҳаракгьы абысҭа, иҟаҳҵоит араб чысхкқəагьы. Сҩызцəеи сареи аҵара анаҩсангьы ҳаимадоуп, ҳаамҭа бзианы еицаҳхаҳгоит. Иҟоуп аспорттə хəмаррақəа рахь ҳанцало, иара убас амшынҭаларагьы", - иҳəеит Џьолан Маршьан.

Аԥснытəи аҳəынҭқарратə университет аҿы ҳазҭагылоу аамҭазы аҵара рҵоит гəыԥҩык Шьамтəылантəи иааз ҳџьынџьуаа, иара убас арҭ ашыкəсқəа рзы рҵара хдыркəшахьеит 20-ҩык инарзынаԥшуа. Џьолан иакəзар, сынтəа имаз аԥышəарақəа иҭиит ԥшьба-хəба ҳəа.

Аԥсыуала иааӡоу, аԥсуа ԥҟарақəа ирықəныҟəо Џьолан Маршьан ҳаиҿцәажәара ахыркәшамҭаз иԥсадгьыл ахь имоу игəҭахəыцрақəеи изеиӷьашьарақәеи ҳацеиҩишеит:

"Ҳара ҳаиҳабацəа ҳаԥсадгьыл ҳзырыхьчеит. Иаҳзырыхьчаз еихаҳаны еизҳауа абиԥарақəа ираҳҭароуп. Иҟоуп аҭоурыхтə ԥсадгьыл аҿы унымхар ада ԥсыхəа аныҟам. Исымоуп аԥсадгьыл, сара сахьиз, сахьааӡаз Шьамтəыла. Аха ҭоурыхтə ԥсадгьылс исымоу акоуп - Аԥсны. Исҭахуп ҳазхазымҵац аҳəынҭқаррақəа ҳхьыԥшымра азхарҵарц, адунеи ҳахьӡ алаҵəаны иҟаларц, доуҳала ҳауаажəлар беиазарц. Изласылшо ала ҳаԥсуара ныҟəызгарц сҭахуп, иара убас ҳҭоурых ашьҭа ҵаулақəа реилкаара сашьҭоуп. Аҭынч ԥсҭазаара зегьы ирзеиӷьасшьоит".

Амаршьан: егьырҭ аҳәынҭқаррақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ишадгыло агәра згоит>>

Ирацəаҩхааит Џьолан Маршьан иеиԥш аҿар, зҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь ахынҳəра згəыҵхоу. Ҳанҵамҭа афырхаҵа хəыҷы иакəзар, изеиӷьаҳшьап аманшəалареи игəҭакқəа зегьы рҿы аихьӡарақəеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0