Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Амилаҭтә культуратә хәышҭаара: Ҭырқәтәыла иаадыртит даҽа аԥсыуа центрк

© Foto / Вадим ХаразияҬырқәтәыла ақалақь Зонгәылдак аҟны аԥсуа культуратә центр аарта
Ҭырқәтәыла ақалақь Зонгәылдак аҟны аԥсуа культуратә центр аарта - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Зонгәылдак ақалақь аҟны раԥхьаӡа акәны иаадыртит аԥсуаа рхеидкыла. Уи аиҿкаашьеи аартреи ртәы иазааҭгылоит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы  иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиеи Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысбеи.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Сырма Ашәԥҳа, Sputnik. Иахьа, ԥхынгәы 13 рзы Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аԥсуа Федерациа еиднакыло аԥсуаа рхеидкылақәа даҽак рыцлеит - Зонгәылдак ақалақь аҿы раԥхьаӡа акәны иаатит аԥсуаа ркультуратә центр. Уи еиднакылоит уажәааигәа иԥшааз Ашьагы Иҳсание-ладатәи, Иуқари Иҳсание-ҩадатәи ақыҭақәа рҟны инхо аԥсуа ҭаацәарақәа.

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа рқыҭа Џьгьарда (Соуқсу), аԥсуа иҩны - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла уаанӡа идырмыз аԥсуа қыҭақәа ҩба рыԥшааит

Ҳәара аҭахума, узеигәырӷьаша хҭысуп аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Ҭырқәтәыла иаҵанакуа аҭыԥқәа рҿы аԥсуаа рынхарҭа ҿыцқәа цәырҵуа иахьалагаз. Ари аус аҟны рылша рацәоуп Сҭампыл еиҿкаау Аԥсуа Федерациа анапхгара, алахәцәа, адернеқьқәа реиҳабацәа, иара убас уа инхо ҳдиаспора рхаҭарнакцәа.

Убас, ари ацентр ҿыц аартра зџьабаа аду Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа иаҳзеиҭеиҳәеит уи шымҩаԥысыз атәы.

"Иахьа шьыжьнаҵы ҳаҭааит ақалақь Зонгәылдак, Чаиџьума араион иаҵанкуеит. Даара узеигәырӷьо акакәны иҟалеит Караелмаз иаҵанакуа ажәафтәи аԥсуа дернеқь аартра. Адернеқь ахадас далырхит Аидын Уарданиа. Ииашаҵәҟьаны, аныҳәатә ҟазшьа аманы имҩаԥысит", - ҳәа азгәеиҭеит Вадим Ҳаразиа.

Ҳаразиа: Ҭырқәтәыла аԥсуаа ахьынхо даҽа ҩ-қыҭак рхаҭарнакцәа ахеидкыла рзеиҿкаахоит>>

Аԥсуа дернеқь аартра рхы аладырхәит Аԥсуа Федерациа ахаҭарнакцәа, адернеқьқәа реиҳабацәа, алахәылацәа. Иазгәаҭатәуп, ари аусмҩаԥгатә аҟны ишықәгылаз Диузџьа адернеқь иаҵанакуа акәашаратә ансамбль, аартратә церемониаҟны рҟазара шьахәла иаадырԥшит.

© Foto / Вадим ХаразияДиузџьа адернеқь иаҵанакуа акәашаратә ансамбль ақәгылара
Амилаҭтә культуратә хәышҭаара: Ҭырқәтәыла иаадыртит даҽа аԥсыуа центрк - Sputnik Аҧсны
Диузџьа адернеқь иаҵанакуа акәашаратә ансамбль ақәгылара

"Аныҳәатә усмҩаԥгатә ахь иааит ақалақь аиҳабыра, Чаиџьума араион ахада, адепутатцәа, аполитикатә партиақәа, ахеидкылақәа рхаҭарнакцәа. Даара ауаа рацәа еизеит ашҭа ҭбааҿы, иахьымҩаԥысызгьы ақалақь агәҭаҿоуп. Даара азҿлымҳара ду аадырԥшит араиони ақалақьи рхадацәа", - ҳәа азгәеиҭеит Вадим Ҳаразиа.

© Foto / Вадим ХаразияЗонгәылдак агәҭа имҩаԥысыз аныҳәа иалахәын араиони ақалақьи рхадацәа, аԥсуа хеидкылақәа рхаҭарнакцәа, ауааԥсыра
Амилаҭтә культуратә хәышҭаара: Ҭырқәтәыла иаадыртит даҽа аԥсыуа центрк - Sputnik Аҧсны
Зонгәылдак агәҭа имҩаԥысыз аныҳәа иалахәын араиони ақалақьи рхадацәа, аԥсуа хеидкылақәа рхаҭарнакцәа, ауааԥсыра

Аԥсуа дернеқь аартра аҵакы дазааҭгыло, Аԥсуа Федерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба иазгәеиҭеит, Ҭырқәтәыла иқәынхо аԥсуаа рызегьы хыбрак аҵаҟа ишеидкылатәу, нас рмилаҭтә хдырра рыҭаны рыԥсадгьыл азы аусқәа мҩаԥыргар шакәу.

"Мызкы-ҩымз раԥхьа арахь ҳаахьан аԥсуа қыҭақәа реиҿкааразы, ҳрацәажәахьан рлеишәа-рқьабз, раԥсуара дмырӡырц азы иҟаҵатәу, насгьы ахеидкыла аԥҵара аҭахны ишыҟоу. Ргәыбылра иднарҟаҵеит, лассгьы еиҿыркааит, ақалақь ахадарагьы ацхыраара рырҭеит", - иҳәеит Аҭанур Аҟәысба.

Аԥсуа Федерациа ахықәкы хадақәа иреиуоуп ҳауаажәлар реидкылара, ҳҵасқәа ҳқьабзқәа реиқәырхара, рхатәы бызшәа дырҵара, рмилаҭтә хдырра амырӡра. Ари аус ҩнапыкала иазнеиуеит уи напхгара азҭо аиҳабацәа.  

"Ҭырқәтәыла аҳәынҭқарра иқәынхо рахьтә иҟоуп ишаԥсацәоу здыруа, иззымдыруа, Кавказынтә иқәҵны ишааз аҭоурых иазҿлымҳау. Аха, аиаша ҳҳәозар, издыруа еиҳа имаҷуп иззымдыруа реиҳа, убри аус адулатәуп, еидаҳкылароуп, аимадара ҟалароуп, уи хымԥада рмилаҭтә хдырра арҿыхоит, хәыҷы-хәыҷла ҳаԥсадгьыл ахь ахынҳәра шаҭаху еилыркаауеит, абаразы, аимадаразы ицап-иаап. Знык рыԥсадгьыл анырба, агәыбылрагьы роуеит", - иҳәеит Аҭанур Аҟәысба.

Аԥсны зыԥсшьарамшқəа зхызгоз ҳџьынџьуаа хəыҷкəа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны зыԥсы зшьоз ҳџьынџьуаа хәыҷқәа: уажәраанӡа ҳаԥсадгьыл ахь ҳашԥамаахьаз

Иара иажәақәа рыла, иаарласны иаартхоит а-17-тәи, а-18-тәи адернеқьқәа. Иааиуа амчыбжь азы мраҭашәаратәи аган инхо аԥсуаа ирызцараны иҟоуп, уа имҩаԥгахоит аизарақәа, аицәажәарақәа аԥсуаа рхеидкылақәа раартразы, анаҩс мышқәак рышьҭахь урҭгьы аартхоит. Ақәгыларақәа рҟны иазгәаҭан ари иҟаҵоу ашьаҿа акыр ишыцхыраагӡоу ҳџьынџьуаа милаҭк аҳасабала рхеиқәырхаразы, реидкыларазы.

Аԥсуаа ирымоу рхатә ҷыдарақәа, иахьынхозаалакгьы, иаадмырԥшырц залшом. Убас ауп Ҭырқәтәыла инхо ҳџынџьуаагьы изланхо амилаҭ ишрыламҩашьо, избанзар раԥсуара излаҳәо ала иныҟәоит. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит дара зланхо атәым милаҭ.

"Аныҳәаҿы иқәгылоз адепутатцәа иазгәарҭеит рықалақь ахь асасцәа анырзаауа аԥсуаа рынхашьа-рынҵышьа шџьаршьо. Избанзар убас еиԥш рыҩны-ргәара еиҿкааны, иԥшӡаны инхоит. Насгьы ртәашьа-ргылашьа, рхымҩаԥгашьа, рысасдкылашьа уҳәа даҽаӡәы илаҩашьом. Рысасцәа пату рықәырҵарц аԥсуаа рахь лассы-лассы иргалоит, ҿырԥшыс ирымоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Вадим Ҳаразиа.

Иара убас, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак излазгәеиҭаз ала, ақалақьи араиони реиҳабацәа рхахьы иргеит анаҩстәи аусқәа рҳәаақәҵаразы, аҭагылазаашьа бзиа аԥҵаразы, адернеқь ишахәҭоу еиԥш аус бзианы иаурц азы.

"Араион ахада иқәгылараҿы инарҭбааны дазааҭгылеит аԥсуа жәлар ирхыргахьоу аҭоурых, еиҳаракгьы амҳаџьырра атема, иара убас иахьа ҳазҭагылоу аамҭагьы ибзианы иҭҵааны, иҽазыҟаҵаны далацәажәеит", - иҳәеит Ҳаразиа.

© Foto / Вадим ХаразияАԥсуа қыҭақәа Ашьа Исаниа, Аҩса Исаниа рҟны имҩаԥысит агәырӷьаратә еизара
Амилаҭтә культуратә хәышҭаара: Ҭырқәтәыла иаадыртит даҽа аԥсыуа центрк - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа қыҭақәа Ашьа Исаниа, Аҩса Исаниа рҟны имҩаԥысит агәырӷьаратә еизара

Зонгәылдак ақалақь аҿы аԥсуа дернеқь аартра иадҳәалаз аусмҩаԥгатә анхыркәшаха ашьҭахь, уи алахәцәа рымҩа иацырҵеит ақыҭақәа Ашьагы Иҳсание-ладатәи, Иуқари Иҳсание-ҩадатәи рахь. Уаҟа имҩаԥысит аизара ду.

© Foto / Вадим ХаразияҾыц ирԥшааз аԥсуа қыҭақәа Ашьагы Иҳсание-ладатәи, Иуқари Иҳсание-ҩадатәи рҟны инхоит 300 ҭӡы инарзынаԥшуа аԥсуа ҭаацәарақәа
Амилаҭтә культуратә хәышҭаара: Ҭырқәтәыла иаадыртит даҽа аԥсыуа центрк - Sputnik Аҧсны
Ҿыц ирԥшааз аԥсуа қыҭақәа Ашьагы Иҳсание-ладатәи, Иуқари Иҳсание-ҩадатәи рҟны инхоит 300 ҭӡы инарзынаԥшуа аԥсуа ҭаацәарақәа

"Ҳара излаҳдыруа ала, уаҟа 300 ҭӡы инарзынаԥшуа инхоит аԥсуаа. Уажәшьҭарнахыс дара еидызкыло акакәны иҟалоит Зонгәылдак иаартхаз аԥсуа культуратә центр. Ақалақь аҟынтәи 10-15 км бжьоуп амшын аҟынӡа. Ара апорт ду ыҟоуп, арантә Аԥсныҟа аӷбақәагь цоит. Ажәакала, абасала ҳусура хацыркуп. Аԥхьаҟа алҵшәа бзиақәа хымԥада ҳарзыԥшуп", - ҳәа азгәеиҭеит Вадим Ҳаразиа.

Абасала, иахьа Ҭырқәтәыла иит даҽа аԥсыуа хәышҭаарак, уи, хымԥада, иҭоурыхтә хҭыс дуны иҟалеит. Ҳаԥхьаҟа ҳџьынџьуаа рмилаҭтә хдырра аиқәырхареи, аизырҳареи, рыԥсадгьыл аҽамадареи аус аҟны уи ахатә ҭыԥ ӷәӷәа ааннакылоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0