Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Жанет Цыцԥҳа: сани саби ҭабуп ҳəа расҳəоит ҳаԥсадгьыл ахь нхара ҳахьааргаз

© Фото : Тенгиз ТарбаБолее 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва
Более 240 объектов культурного наследия обнаружено на горе Дзыхва  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
12 шықəса зхыҵуа Жанет Цыцԥҳа Ҭырқəтəылантəи Аԥсныҟа лаареи, лыԥсадгьыл ахь илымоу агәыбылреи, ԥхьаҟатәи лыгәҭакқәеи ирызку аҭоурых шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҭырқəтəыла Есқьишьеҳир ақалақь аҿы инхоз Цыцаа рҭаацəа абар уажəшьҭа шықəсык иназынаԥшуеит рҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь нхара ҳəа гəҭакыс иҟаҵаны иааижьҭеи. Ани аби ҩыџьа рыхшара рыманы Аԥсныҟа ианаа аԥхьатəи амшқəа рзы дареи сареи ҳаиқəшəеит, усҟан ҳаицəажəараҿы ус сарҳəеит: "Ҳахшара ашколқəра иаҵанакуеит макьана, абызшəа рыздырӡом, аҽаршьцылара рҭахуп, аамҭа иаҳнарбоит Ҭырқəтəыла ашкол иҭыганы арахь иахьааҳгаз ибзианы иҟаҳҵоу иҟаҳамҵоу ҳəа".

Аԥсны зыԥсшьарамшқəа зхызгоз ҳџьынџьуаа хəыҷкəа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны зыԥсы зшьоз ҳџьынџьуаа хәыҷқәа: уажәраанӡа ҳаԥсадгьыл ахь ҳашԥамаахьаз

Арҭ аҭаацəа Аԥсны рыҟазаара, рыԥсҭазаашьа сазҿлымҳан, снапаҟынтə иааиуа акгьы ыҟамзаргьы, гəаԥхаражəак раҳəара сҭахын. Ақалақь аҿы ҳахьааиқəшəалоз, аԥсшəа анааибаҳҳəалак ашьҭахь, "шəышԥаҟоу?"- ҳəа сразҵаанӡа, иубаратəы иҟан ргəалаҟазаара шыбзиаз, рхы-рҿы еснагь ачча ықəыхх ишыҟаз. Рхы иахашшаауамызт, игəырӷьаҵəа ирҳəон рыхшара даара Аԥсны рыҟазаара шыргəаԥхо, аԥхьаҟагьы анхара ишацырҵо. Сара исҭаххеит ҷыдала ахəыҷқəеи сареи ҳаицəажəарц, ҳаибабарц.

Ус егьыҟалеит. Уажəазы сзықəшəаз 12 шықəса зхыҵуа, Дырмит Гəлиа ихьӡ зху Аҟəатəи 4-тәи абжьаратə школ аҟны аҵара зҵо Жанет Цыцԥҳа лоуп, лашьа аҽазыҟаҵарақəа рахь дыҟан. Жанет аԥсшəеи аурысшəеи лҽадцаланы аҵара даҿуп, уимоу, уажəшьҭа ҭырџьманда улацəажəартə еиԥш алшара лымоуп. Аха, ҳахьеилибамкаауаз ҭыԥқəак рҿы ацхыраара ҳаиҭон Ҭырқəтəылантəи зҭоурыхтə ԥсадгьыл ахь шықəсқəак раԥхьа нхара ҳəа иааз Еркəыт Аӡынба. Иазгəаҭатəуп, Еркəын Аӡынба аҭырџьманра аус аганахьала изныкымкəа ацхыраара шҳаиҭахьо, ҩаԥхьа иҭабуп ҳəа иаҳҳəоит.

Жанет азныказы дацəыԥхашьеит илдыруаз аԥсышəала сацəажəара, аха иааигəаны ҳанеишьцыла лыхшыҩзцарақəа дрызхəыцны ҳаиҿцəажəара хацҳаркит.

"Сара абыжьбатəи акласс салгеит, сашьа Барту - ажəбатəи. Ҳарҵаҩцəа даара нап ҳадыркылоит, иара убас ҳҩызцəагьы ҳаргьы бзиа ҳаибабоит, иаҳзеилымкаауа акрыҟазар, ацхыраара ҳарҭоит, аиаша шəасҳəоит, ирласны сашьцылеит аратəи аԥсҭазаара. Абыржə шəсазҵаауазар, Ҭырқəтəылеи Аԥсныи ашколқəа рҟны аҵара еиҳа иабеиӷьашəшьо ҳəа, ишəасҳəоит Аԥсны шакəу", - абас лхəыҷтəы хəыцрақəа ҳацеиҩылшон Жанет.

Аибабара иахылҵуа агəыбылра аԥхарра мышкымзар мышкы рыԥсадгьыл ахь ихьнамырԥшырц залшом ҳџьынџьуаа, еиҳаракгьы аҿар. Хымԥада, Цыцаа рҭаацəа абри аус аганахьала акырӡа иҿырԥшыгахеит, рыхшара шыхəыҷқəаз рыԥсадгьыли рыуаажəлари ргəыбылра ддыркит. Уи ус шакəу шьақəдырӷəӷəоит Жанет лажəақəа.

Альбина Караловеи лхәыҷқәеи - Sputnik Аҧсны
Альбина Каралова: аҳәаа сахысны Аԥсны сшьапы шаақәсыргылаз исгәыҵасыҳәҳәар сҭахуп

"Сани саби ҳареи Ҭырқəтəыла ҳанынхоз, еснагь Аԥсны аӡбахə иалацəажəон. Ҳара иҳамҳəаӡакəа ргəы иҭаркхьазар акəхарын арахь аара. Уажəы саназхəыцуа, ус акəушəа исзааиуеит, ииашангьы иҟарҵеит. Сара саб иан д-Ашьхарааԥҳауп, сан Кəаӡԥҳауп, уи лан даҭырқəоуп. Санду Ашьхарааԥҳа лҟынтəи еснагь аԥсшəа хаа саҳауан, аха илҳəоз сзеилкаауамызт, азныказгьы дызлацəажəоз иарбан бызшəаз сыздыруамызт. Уажəы схы гəыбӷан асҭоит уи ахьылҿысымҵааз", - дҳацəажəон Жанет.

Жанет Цыцԥҳа илҭахуп аамҭа кьаҿк иалагӡаны аԥсшəеи, аурысшəеи лҵарц. Лара лырҵаҩцəа агəыӷра лырҭеит хышықəса рыла аҷҷаҳəа дцəажəо дшыҟало. Аха, лара дааԥышəарччан, ус салҳəеит:

"Сара хышықəса раԥхьа исҵарашəа агəыӷра сымоуп. Даара ҭабуп ҳəа расҳəоит сырҵаҩцəа исыдырҵо аџьабаазы. Аԥсны аԥсабара аԥшӡара акыр сыхнахит, ауаа зегьы ргəы аартушəа избоит, сызҿаԥшуа зегьы рыблақəа агəыҳалалра рхызбаалоит. Сҩызцəеи сареи есҽны ҳаибабоит, ҳаицуп. Сашьеи сареи ҳгəалаҟара бзианы аҩныҟа ҳаныхынҳəлак, ҳҭаацəа гəахəас ироуеит", - ҳəа азгəалҭеит Жанет Цыцԥҳа.

Жанет Ҭырқəтəылантəи лассы-лассы лҩызцəа аҭел илзаслоит, еицəажəалоит. Иара убас, игəхьаалгоит уахь иҟоу лыуацəа-лҭынхацəа, аха урҭ зегьы хьанаршшаауеит лара Аԥсны лыҟазаара. 

"Сара саԥсыуоуп, сыԥсадгьыл аҿы сынхоит, уи зегьы ирыцкуп. Исҭахуп аԥхьаҟа апсихолог изанааҭ алысхыр. Ауаҩы проблемак имазар, акала сицхраарц сҭахуп, сидгыларц сҭахуп. Сара избарҭоуп ауаа рҭагылазаашьақəа шеиԥшым, убас еиԥш ргəалаҟазаарагьы. Аԥхьаҟа иалысхырц исҭаху азаанаҭ абри аус аҟны маҷк иадамхаргьы ацхыраара рнаҭап ҳəа сгəы иаанагоит", - лҳəеит Жанет.

Ари аӡӷаб санлыҿцəажəоз, сара избарҭан лара лҭаацəа шаҟа илызгəыдууны илзыӡырҩуаз, еиҳаракгьы бызшəала ҳахьеилибакаауаз. Хымԥада, Жанет лыгəҭакқəа аԥхьаҟагьы аҿиара роуп, ҳзеигəырӷьаша ажəабжьқəа еиҳаны иаҳзеиҭалҳəап, ҳара уи ҳажəлар рҟынӡа анагара ҳҽазаҳшəап.

Жанет лҭаацəеи лареи нхоит Аҟəа ақалақь аҿы, Арепатриациазы аминистрра рынхара-рынҵыра ахаҵгылара анаҭоит. Иаҳҳəарц ҳалшоит, Аԥсны даҽа аԥсыуа ҭаацəарак иит ҳəа. Цыцаа рҭаацəа рыԥсадгьыл аҿы аизҳазыӷьара рзеиӷьаҳшьоит, ирҿыԥшыша шырацəаҩхо агəра ҳгоит.

Иара убас шәаԥхьа:

Ажәабжьқәа зегьы
0