Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Барас Кəыџба: амузыка - ари сдунеи ауп, сара сзы уи занааҭ мацараӡам

© Sputnik / Томас ТхайцукБарас Куджба
Барас Куджба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апианист қәыԥш Барас Кəыџба ирҿиаратə мҩеи, иҧсадгьыл ахь игəҭахыцрақəеи ирызкуп ажурналист Сырма Ашəҧҳа ишəыдылгало анҵамҭа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҭырқəтəылантəи Аҧсныҟа

- Сара сиит Ҭырқəтəыла, Анкара ақалақь аҿы. Алагарҭатə класс уа салгеит, анаҩс сҭаацəеи сареи ҳаицны Аҧсныҟа ҳааит. 2008 шықəса, цəыббрамза аказы сара актəи акласс ахь сцеит, Лӡаатəи абжьаратə школ сҭалеит. Усҟан исхыҵуан быжьшықəса.

Роза Ажиба - Sputnik Аҧсны
Роза Ажьиԥҳа: Аусураҟны сзыԥсахуа дысҭахуп

Амузыкахь раҧхьатəи сшьаҿа

- Ари ахҭыс зынӡа машəыршақə иҟалеит. Ҽнак сҭаацəа Пицундатəи ауахəама ишаҩсуаз ирбеит ахəыҷкəа. Ахəыҷқəа анырба интересс иҟаҵаны иразҵааит изусҭцəаз, иахьцоз. Убасҟан еилкаахеит урҭ амузыкатə школ ахь амҩа ишықəыз. Сҭаацəа амузыкатə школ ыҟоуп ҳəа шраҳаз еиҧш, гəыҩбарак ҟамҵакəа саргьы срыманы ицеит. Актəи акласс аҟны сара сныҟəон Ирина Сҭеҧан-иҧҳа Гəарамиа лахь, амузыка аганахь ала сара раҧхьатəи сырҵаҩ лоуп лара, афортепиана сахысуан уа. Аҩбатəи акласс анаҩс, арҵаҩ ҿыц лахь сиасит, Елизавета Сергеи-иҧҳа Кəченева лышҟа, лара Уралтəи аконсерваториа даушьҭымҭоуп, саргьы лара лҟноуп амузыкатə школ сахьалгаз сҳəарц сылшоит.

Аҵарадырра аизырҳара

- Сара зныкгьы сгəы иаанагомызт амузыкатə ҵараиурҭа сҭалом ҳəа. Уи ҧҟарак исзаҩызан смузыкатə дунеи арҭбаараҿы. Сҭацəеи, сырҵаҩцəеи рыцхыраарала исыӡбеит амузыкатə ҵараиурҭа сҭаларц. Нинель Борис-иҧҳа Бжьаниа лыкласс аҿы аҵара сҵон, аҵыхəтəантəи ҩышықəса афакультативтə ҽазыҟаҵарақəа мҩаҧызгон Вера Уасил-иҧҳа Карташова лҟны, даара анырра ҟалҵеит сырҿиаратə мҩаҿы, иара убас Нодар Виктор-иҧа Ҷанба, адирижиортə хырхарҭа аганахь ала акыр аџьабаа сыдибалеит, иара иоуп раҧхьа исзырбаз адирижиорра аус. Аҧхынра аус сыдиулон, акапелла напхгаҩыс данамаз инаркны. Аҧхынра убас еиҧш машəырны ҳаиқəшəеит иареи сареи, иааигəаны ҳаибадырит, анаҩс аҽазыҟаҵарақəа нап аҳаркит, иара убас аконсерваториа ашҟа амҩа ҳақəларц ҳаӡбеит. Сынтəа, Пиотр Илиа-иҧа Чаиаковски ихьӡ зху Москватəи аконсерваториа сҭалеит адирижиор изанааҭ ала.

Роза Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Роза Чамагәуаԥҳа: уус гәыкала уаназыҟоу, иумыцааир, иумықәҿиар ҟалаӡом

Амузыкатə дунеи

- Амузыка -ари сара сдунеи ауп, ари сара сзы занааҭ мацараӡам, уи ада сара сыҧсҭазаара схаҿы исзаагаӡом. Амузыка ыҟамзар ажəлар агəхьаа рызхымгар ҟалоит. Ҳарҭ зегьы ҳҟны амузыка иара ахатə ҭыҧ ааннакылоит. Аҧсуа милаҭтə музыка ҳмилаҭтə культура иаҿахəҳəагоуп. Амузыка ауаҩытəыҩса иҧсҭазаараҿы еснагь аҵак ду аман, иамазаауеит иахьагьы. Амузыка-ари анотақəа рымацара ракəӡам, амелодиақəагь рымацара ракəӡам, уа иҟоуп еиуеиҧшым азнеишьақəа, аҵакқəа. Иҟоуп иалкаау асиужетқəа ахдырратə, арҵаратə ҟазшьа змоу. Ҳара ҳаклассикатə музыка уи ауп иҳəаақəнаҵо. Амузыка знапы алаку, иазҿлымҳау, иазыӡырҩуа зегьы хымҧада насыҧ рыманы рхы рбоит, дара рхазы адунеи ҿыц ахь агəашəқəа аадыртуеит, ргəалаҟазаара аҧсахуеит, рхəыцрақəа еиҭанакуеит. Ус ажəала, хымҧада иуадаҩуп аиҭаҳəара.

Агострольқəа

- Сара жəеиза шықəса анысхыҵуаз Ҭырқəтəыла школк ахь аааҧхьара сырҭеит, уаҟа сара аконцерт аҟны схатə программа ала сықəгылеит, даара агəахəа бзиа сзыннажьит уи амш. Иара убас, Кремльтəи ахан аҟны Гьаргь ихьӡ зху азал аҿы сықəгылара сара сыҧсҭазаараҿы ихҭыс дуны иҟалеит. Сыҧсадгьыл Аҧсны ахьӡырызгоз еиҳагьы аҭакҧхықəра сыднаҵон.

Барас Кәыҿба Урыстәылатәи Афедерациа Апрезиденттә оркестр даланы Кремльтәи ахан ду Георгевтәи азал аҟны дықәгылеит. - Sputnik Аҧсны
Барас Кәыҿба Кремль дықәгылеит

Аҧсуа хəаҧшҩы

- Раҧхьаӡа акəны аҧсуа хəаҧшҩы иаҧхьа сықəгылеит Ражден Гəымба ихьӡ Аҧснытəи аҳəынҭқарратə филармониаҟны, Моцарт ихəылҧаз иазкын, уаҟа сара сықəгылеит атеатралтə хаҿсахьала, апарик схан, усҟантəи аамҭа иаҵанакуаз амаҭəа сшəын, иаҳҳəозар жəаатəи ашəышықəса. Асценахь сцəырҵит Моцарт хəыҷы иаҳасаб ала. Уи раҧхьатəи мҽхакыҭбаалатəи иҟаз қəгыларан сара сзы аҧсуа хəаҧшҩы иаҧхьа. Иара убас аҵак ду амоуп сара сзы аконсерваториа азал аҟны ақəгылара, даара иссируп уи азал. Аконсерваториа аҭоурых ду амоуп, арҵаҩцəа ракəзар ихатəроу музыкантцəоуп, композитарцəоуп, нагӡаҩцəоуп. Москватəи ашкол аҟны сыҟазаара, уаҟа аҵара ахьысҵо акыр сазгəыдууп.

Абызшəа

- Абызшəа аӡбахə ҳазааҭгылозар, иазгəасҭарц сҭахуп акыр рылша шырацəоу сара сырҵаҩцəа. Дара ирыбзоураны сара иахьа сыҩуеит, саҧхьоит. Ари аус аҟны анырра ҟарҵеит сҩызцəа, сыуаажəлар. Абызшəа ус ауп ишыҟоу, аҧышəа аҭахуп, алацəажəара хымҧадатəны иҟоуп. Схəыҷра ашықəсқəа раамҭазы аҵара сахьалагаз исықəманшəалахеит ҳəа сгəы иаанагоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукБарас Кәыџба
Барас Кəыџба: амузыка - ари сдунеи ауп, сара сзы уи занааҭ мацараӡам - Sputnik Аҧсны
Барас Кәыџба

Сашьа

- Сара сашьеиҳаб Алхас Кəыџба аҵара иҵоит Краснодартəи амедицинатə институт аҿы, ахəышəтəырҭатə факультет аҧшьбатəи акурс аҿы дтəоуп.

Аҭоурыхтə ҧсадгьыл

- Сара сгəы излаанагоу ала ауаҩы ҧсадгьылк ауп имоу. Сҭоурыхтə ҧсадгьыл Аҧсноуп, уаҳагьы ҟалашьа амаӡам. Араҟа акəын иахьынхоз сара сабдуцəа, урҭ рабдуцəа. Ҳкультура, ҳажəлар, ҳбызшəа рыҧсы ахьҭоу Аҧсноуп. Ҳарҭ ҳабшьҭра Кəыџба иашҭа ҳəа иахьашьҭоу ашьхараҿы инхон, уантə ауп ҳхылҵшьҭра ахьынтəалаго. Амҳаџьырра аамҭазы ахҵəара иақəшəеит, ҧыҭҩык Баҭым иаанхеит, ҧыҭҩык Ҭырқəтəылаҟа, Шьамтəылаҟа уҳəа иагеит. Ииашаҵəҟьаны ари даара итрагедиатəу хҭысуп, ус еиҧш иалҵит. Аҧсуаа зегьы рыҧсадгьыл ахь иаар сҭахуп, ҳара-ҳшьа ҳда иалоуп аҧсадгьыл абзиабара, убри аҟынтə аҩныҟа Аҧсныҟа иҳахоит, араҟагьы ҳанхароуп.

Кадир Тванба - Sputnik Аҧсны
Кадыр Тәанба: Аԥсныҟа нхара ҳаара ҳҭаацәа азыразуп

Сҭаацəа рылша

- Хымҧада, Аҧсныҟа ҳахынҳəра рыбзоуроуп сара сҭаацəа. Ус иааӡан, ус раҳауан дара рҭаацəараҿгьы. Сара исҭахуп сҭаацəа рҿырҧшы саркьаҵас исҿаҷҷарц, санубаало сҟаларц.

Аҽаршьцылара аамҭа

- Ҳара Лӡаа ақыҭаҿы ҳанхоит. Даара акраҵанакуеит ауаҩытəыҩса дахьынхо, икəша-мыкəша иҟоу аҭагылазаашьа. Агəылацəа бзиақəа ҳамоуп, ҳанааз амш инаркны гəаартыла иаҳҧылеит, гəыблыла ҳрыдыркылеит, иахьа уажəраанӡагьы иҳавагылоуп, ҳаизыҟазаашьақəа даара ибзиоуп. Иҟан хымҧада анхара-анҵыра иадҳəалаз ауадаҩрақəа, араҟа иҟоуп даҽа зҵааракгьы-аурыс бызшəа. Сара сҭаацəа урыс бызшəала изцəажəаӡомызт, сара схəыҷаахыс ара сахьыҟоу азы исзымариахеит аурыс бызшəа аҵара. Ҳара ҳахьынхо аҭыҧ иабзоуроуп ҳəа сгəы иаанагоит ас еиҧш ҳгəы каршəны ҳахьыҟоу.

Атəым дгьыл

- Атəым дгьыл аҿы ииз, иааӡаз, уатəи аҧстазаара, уатəи акультура злысхьоу ауаа ирзымариамзар ҟалоит иаарласны ахҵəара, дара рзы иҿыцу аҧсҭазаара аҽаршьцылара. Урҭгьы рҭагылазаашьа аилкаара ахəҭоуп ҳəа сыҧхьаӡоит. Зегь раҧхьа иргыланы анхара-анҵыра аус аҟны абызшəа раҧхьа игылоуп ҳəа сахəаҧшуеит. Абызшəа ауми ауаажəларра еимаздо, еилибакаартə иҟазҵо, абызшəа анузымдыр ауадаҩрақəа узцəырҵуеит. Ауаатəыҩса реизыҟазаашьа шьақəгылоит аилибакааратə ҟазшьала, уи анзыҟамла ауадаҩрақəа цəырҵыр алшоит. Аха уи иахəамҧшкəа зыҧсадгьыл аҿы иаанкылақəоу ыҟоуп, Аҧсны иамоу адоуҳамч рылымсыр залшом, аҧсыуак ари адгьыл зшьапы ықəзыргылаз нас џьаргьы дашьҭуам егьа зҵаара изцəырҵыргьы, уи иашоуп ҳəа сгəы иаанагоит.

Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар ринструментқәа рыла ишьақәгылоу аоркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухаа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арухаа: жәлар рарҳәагақәа рыла инагӡоу амузыкатә ԥҵамҭақәа даҽа гьамак рымоуп

Агəыҕра

- Сара исымоуп агəыҕра зцу агəҭакы, хымҧада уи сыҧсадгьыл ауп изыдхəалоу. Ихаҭəаау аҵара ансоулак, ипрофессионатə музыкантны саныҟалалак еиҳа схы агəра згоит . Усҟан сара еснагь гəыла-ҧсыла Аҧсны самадазаауеит, сара даара бзиа бзиа избоит сыҧсадгьыл. Ҳара ҳкультура аҿиара бзиа аиурц сҭахуп. Убри аҟнытə ҳара аҟазара аусзуцəа, арҿиара знапы алаку иаҳуалуп Аҧсныҟа ахынҳəра, ацхыраара аҭара, ҳара ҳаҧсадгьыл уи аҭахны иҟоуп. Ҳарҭ аибашьра хлымӡаах зхызгаз жəларуп, акадрқəа иҳамоу еиҳарак Асоветтə аамҭа иаҵанакуа роуп, акадр ҿыцқəа ирызҳароуп, аиҳабацəа цар изыҧсахуа ҟалароуп, уи иазхəыцтəуп. Иҟоуп убас еиҧш ашəарҭара, ҳара ҳахнымҳəыр, амузыкатə школ зынӡа иаҳцəыӡыр ҟалоит. Иаҳҳəап, ҳкамертə оркестр, узеигəырҕьаша аҭагылазаашьа амам, акадрқəа ыҟаӡам, амузыкантцəа рҭахуп, иара убас ахортə капелла иаҭахны иҟоуп амузыкантцəа. Абарҭқəа зегьы ирызхəыцтəуп, заанаҵы аҽазыҟаҵарақəа аҭахуп арҭ азҵааракəа зегьы рыӡбаразы. Ҳара ҳҟны аҵара зҵоз зегьы милаҭ еилых ҟамҵакəа Аҧсныҟа ихынҳəырц, иацхраарц сҭахуп. Сара аҵара ахьысҵоз аҵараиурҭа ареставрациа аҭахны иҟоуп, даара иуникалтəу хыброуп, аинструмент ҿыцқəа адгалатəуп, ажəакала ахылаҧшреи ахаҵгылареи аҭахуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0