Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Самер Маан: ҳабацәеи ҳабдуцәеи ирхыргаз аҩыза уаҳа аԥсуа жәлар ирԥеиԥшымхааит

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаМаан Самер
Маан Самер - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылантәи иааны зҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы инхо Самер Маан иҭоурых еилылкаауан ажурналист Сырма Ашәԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы инхо Кавказ ажәларқәа рхыԥхьаӡара акырӡа ирацәоуп. Аҭоурыхтә хҭысқәа шаҳаҭра руеит урҭ амҳаџьырра ирзыннажьыз ахыԥша иахьа уажәраанӡа ишаҵоу. Ахҵәара, аиҭахҵәара зқәашьхаз ҳхылҵшьҭрақәа изланхоз атәым жәлар рҟны ахеиқәырхаразы аҽазышәарақәа мҩаԥыргон, иаартны ирыман акультуратә хәышҭаарақәа, аԥсыӡ аӡы зҵабаз иаҩызамхарц азы, избанзар ибзианы еилыркаауан абызшәеи аԥсадгьыли змам ажәлар шыжәлары наӡам. Шьамтәыла излагаз аибашьра иахҟьаны, ацәгьа ахы ҟәыннашьом ҳәа, уи аҳәынҭқарра иқәынхоз ҳауаажәлар ҩаԥхьа ахыхьчара руалхеит. Иҟоуп зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәқәаз, иҟоуп иара убас атәым тәылақәа рахь иагақәазгьы.

Муҳаммед Доӷəыз иҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Муҳаммед Доӷəыз: аԥсуаа еизҳароуп, рымч-рылша ӷəӷəахароуп

Ҳџьынџьуаҩ Самер Маан Шьамтәыла Мерџь-сулҭан ҳәа изышьҭаз аҭыԥ аҿы дынхон. Кунеитра акәзар, Кавказ иагәыцәны ирыԥхьаӡон, избанзар еиднакылоз аԥсуа-дыга қыҭақәа рацәан.  Ирацәаҩын уа инхоз Кавказаа рхылҵшьҭрақәа. Исгәалашәоит, сара хаҭала урҭ аҭыԥқәа 2007 шықәса рзы Шьамтәыла иҟаз Аԥснытәи аделегациа срыцны санырҭааз. Иахьагьы сыбла ихгылоуп Кавказ милаҭ маҭәала рҽеилаҳәаны иаҳԥылаз аԥсуа-дыга хылҵшьҭрақәа. Шаҟа гәыбылра, шаҟа хьаа ацны имҩасзеи хашҭшьа зқәым урҭ амшқәа. Исгәалашәоит иара убас усҟан ателехәаԥшратә ҭыхрақәа ахьымҩаԥаҳгоз Самер Маан иҭынхацәа рҟны аԥсыуа рԥыск иҳаиҳәаз ажәақәа, "Аԥсныҟа шәанцо шәшәыра сҭартәаны акәзаргьы, сыжәга" ҳәа. Ус иухамшҭуа шаҟа ажәа, шаҟа хҭыс…

"Сара усҟан хаҭала срықәымшәеит Шьамтәыла иҟаз Аԥснытәи аделегациа, аха Шьамтәылатәи ателехәаԥшратә каналқәа рыла ахабар саҳаит, акыраамҭа иаҳхамшҭуа ҳалацәажәон ари ахҭыс уаҟа. Избанзар даара имаҷын Аԥсни Шьамтәыла инхоз аԥсуааи иҳабжьаз аибабара, аимадара. Ҳаиҳабацәа рҟынтәи Аԥсны иадҳәалоу аҭоурых ҽеила иҳаздыруам", - ҳәа азгәеиҭеит Самер Маан.

Маамун Маан - Sputnik Аҧсны
Маамун Маан: зегьы ирыцку сыхшареи сареи ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

Самер Маан иҭаацәа иманы Шьамтәылантәи Аԥсныҟа дааит быжьшықәса раԥхьа. Арахь ицны иааит иара иуацәа, иҭынхацәа. Иахьа урҭ нхоит рабацәа рабдуцәа зныҵхьаз рыԥсадгьыл аҿы.

"Сара сани, сашьеи, саҳәшьеи Шьамтәыла иаанхеит. Сан дҟабарда ҭыԥҳауп, Софиа лыхьӡуп, саб Наџьем ихьӡуп. Сашьцәа руаӡәк дҭаацәароуп, дынхоит Дранда аҳаблаҿы. Иара убас, Аԥсны инхоит саб иашьа Муҳаммед Маани, саншьа Бешьқәыр зыжәлоу иҭаацәа иманы", - дҳацәажәон Самер Маан.

Самер Маан иԥшәмаԥҳәыс араб ҭыԥҳауп. Дара Шьамтәылантәи Аԥсныҟа ианаауаз ҩыџьа ахшара рыман, ара иахьааиз даҽа ҩыџьа иит. Уажәы аҭаацәараҿы ирызҳауеит ԥшьҩык ахшара: Хамза, Хана, Рауль, Зен.

"Сыхшара аиҳабацәа Хамзеи Ханеи Аҟәатәи ашкол-интернат аҿы аҵара рҵоит. Хамза афбатәи акласс аҿы дтәоуп, Хана - ахәбатәи аҿы. Гәадуроуп абызшәақәа рганахьала уадаҩра ахьрымам. Аԥсны ииз Раули Зенеи Гәылрыԥшь араион аҟны иҟоу ахәыҷбаҳчахь иныҟәоит", - ҳәа ҳаиҳәеит аҭаацәа реиҳабы. 

© Foto / предоставлено Сырмой АшубаШьамтәылатәи ҳџьынџьуаа Самер Маани Муҳаммед Доӷәызи рҭаацәарақәа
Самер Маан: ҳабацәеи ҳабдуцәеи ирхыргаз аҩыза уаҳа аԥсуа жәлар ирԥеиԥшымхааит - Sputnik Аҧсны
Шьамтәылатәи ҳџьынџьуаа Самер Маани Муҳаммед Доӷәызи рҭаацәарақәа

Самер Маан Шьамтәыла данынхоз ателевизорқәа рфирма "Сони" аҟны аус иуан машьынарныҟәцаҩыс. Иара излаиҳәо ала, хымԥада, Аԥсны имариаӡам ҭаацәара дук рныҟәгара. Уи азы иҟазароуп аусурҭа ҭыԥқәа. Самер есымза ауалафахәы иоуртә еиԥш џьаргьы аус иуам, зны-зынла аргыларатә усқәа рҟны акы ирҳартә ҭагылазаашьак шааиоулак еиԥш ҩнапыкала аус иуеит.

Муҳаммед Рауф Абазеи (Маан) уи иԥшәмаԥҳәыс Амани Салиеи - Sputnik Аҧсны
Муҳаммед Рауф Абаза: ҳаҧсадгьыл ахь амҩа ылаҳхит

"Аԥсны сара зегь реиҳа иуадаҩраны исыԥхьаӡо аусурҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара ауп. Убри ада аказы ҳхы ҳахашшаауа ҳаҟам. Аҭыԥантәи ауааԥсыреи ҳареи ҳаиԥырхагам, ҳаизыҟазаашьақәа бзиоуп. Арахь ҳанааҵәҟьа абызшәа ҳаздыруамызт, уажәы шықәсқәак ирылагӡаны ҳгәы иаҭаху ҳҳәартә еиԥш иаҳҵеит, ҳацәгьамкәа урысшәала ҳцәажәоит, аԥсшәа еиҳа иуадаҩны иаҳзааиуеит", - ҳәа азгәеиҭоит Самер Маан.

Самер иԥшәмаԥҳәыс араб ҭыԥҳа Хана Альбани излалҳәо ала, аԥсуаа рыгәҭа дахьынхо тәымџьара дыҟазшәа лзааиӡом. Уимоу, арабқәа иныҟәырго аҵасқәеи ҳара ҳтәқәеи ахьеиԥшу ыҟоуп лҳәеит. Аҩны аԥсуа чысқәа ҟалҵоит, избанзара уи лҭаацәа бзиа ибаны ирыдыркылоит.

Маанаа рҭаацәара санаҭаа аҽны аинтернат аҿы аҵара зҵо ахәыҷқәа рыда, зегьы аҩны иҟан. Азныказы бызшәала ишаҳҭахыз ҳзеилибамкаазаргьы, иаразнак аҭырџьман хәыҷы илыԥхьеит, Шьамтәылантәи зҭаацәа ирыцны Аԥсныҟа иааз, хә-класск рҿы итәоу Асинаҭ Лышәба лакәын. Ари аҭыԥҳа хәыҷы лхымҩаԥгара бзиеи лбызшәеи акыр сыхнахит. "Баԥхьаҟа аҭырџьманра аҵара иацыбҵар, ибықәҿиоит", - сҳәан, дааԥышәарччан, ус насаҭалкит: "Сара сҳақьымхарц сҭахуп", - лҳәеит. Асиаҭ хәыҷы лыгәҭакы наӡарц сналықәныҳәеит. Анаҩс, Самери сареи ҳаиҿцәажәара инацаҳҵеит.

Бырзадж Маршан - Sputnik Аҧсны
Бырзаџь Маршьан: сзызгəышьуаз сыԥсадгьыл аҿы анхара насыԥуп

"Ҳабдуцәа Аԥснынтә иқәҵит ҳәа ауп иаҳдыруа, аха рышьҭамҭа ҳәа акры еиқәханы иҟоу иҟаму ҳаздыруам. Маана Аԥсны ишынхо ҳаҳахьеит. Урҭ рахьтә иҟоуп хаҭала издырқәогьы, иаҳҳәозар, Аԥсны Афырхаҵа Геннади Маан, архитектор Асҭамыр Маан уҳәа. Исҭахуп сыжәлантәқәеи сареи ҳаибабарц, аимадара ҳабжьаларц. Атәым дгьыл аҿы сыҟоушәа схы збарц сҭахӡам, аиашьа ижәҩахыр еснагь иӷәӷәоуп, агәышьҭыхра унаҭоит. Насыԥс исымазар акәхарын ҭаацәала Аԥсныҟа схынҳәыртә еиԥш, ус иагьыҟалеит. Сгәыӷуеит ҳара ҳабацәеи ҳабдуцәеи ирхыргаз аҩыза уаҳа аԥсуа жәлар ирԥеиԥшхарым ҳәа. Хаидгылароуп, ҳахшыҩқәа еилаҳҵароуп, аԥсуаа еснагь аҟәышра рылан, уи каҳмыжьроуп. Шьамтәыла, ишыжәдыруа еиԥш, жәытәаахыс ирацәаҩын зыхьӡ нагаз аԥсуаа, Аԥсны еиҳагьы ирацәаҩхароуп", - игәҭахәыцрақәа ҳацеиҩишон Самер Маан.

Самер Маан дынхоит Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳаблан, ҷыдала ҳџьынџьуаа рзы аҳәынҭқкарра ахарџь ала еиҭашьақәыргылаз аҩнаҟны. Ирацәаҩхааит Самер Маан еиԥш Аԥсныҟа нхара ҳәа иаауа ҳџьынџьуаа рхылҵшьҭрақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0